Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс еиҭахацнаркуеит аԥсуа қьабызтә цәымза аркра атрадициа. Ҩышықәса ирықәуп Кавказтәи аибашьра иаланҵәаз ргәалашәара амш, лаҵарамза 21 азы ашьамаҟа рбылуеижьҭеи. Изеиԥшра традициоузеи иара, иабаҟоу ахыҵхырҭа, иабантәаауеи аҭоурых? Аконгресс аинформациатә портал иазнархиеит абри азы инарҭбаау аматериал.

Ацифратә технологиақәа, аглобализациа уҳәа ирымҽхаку иахьатәи ҳаамҭа ҳабацәа, ҳабдуцәа анкьа зны зыда ихәарҭамкәа иршьоз шәышықәсалатәи амилаҭтә традициақәа шьҭахьҟа инарнахо иааиуеит. Ус шакәугьы, традициақәак, аҽеиҭакра иақәшәазаргьы, иахьанӡагьы рышьаҭа мырӡкәа иаҳзаанханы иҟоуп. Анцәа иџьшьарала Аԥсны имаҷым ауаа аблаҷыц аиԥш арҭ адыррақәа зыхьчо, иеиҵагыло абиԥарақәа ирымаздо. Раԥхьа иргыланы уи знапы алаку аҵарауааи аетнографцәеи абыргцәа ражәа ақьаад ианырҵоит, еизырго аматериал шәҟәны ишьақәдыргылоит. Уи агәыӷра унаҭоит амилаҭтә беиара шмыӡуа азы. Абызшәеи атрадициақәеи реиқәырхара хықәкы хаданы изшьо Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза Конгресс абарҭ атрадициақәа руак – ацәацәашь ашьамаҟа – ахархәаразы аекспертцәа иразҵааит, иҭнаҵааит, рдыррақәагь шәзеиҭанаҳәоит.

Акьалантар, ауақәым, ашьамаҟа

Аԥсыжреи аԥсхәреи рҵас абаза жәлар реиԥш Кавказ егьырҭ ажәларқәа рытрадициақәа рҿгьы аҭыԥ ҷыда ннакылоит. Аԥсуаа аханатә ҳаҭыр рызрықәын зыдунеи зыԥсахыз, иахәҭоуп ҳәа ирыԥхьаӡоз ақьабызқәа зегьы ирықәныҟәон реиҳабацәа ишыддырбахьаз амҩала. Асеиԥш ахымҩаԥгара аҭыԥ амоуп иахьа уажәраанӡагьы.

Аԥсуа рыԥсхәрақәа рҵас аҿы аҭыԥ ҷыда рзалхын аҵла иеиԥшыз ацәашьқәа. Дара х-хкыкны иҟоуп: акьалантар, ауақәым, ашьамаҟа. Ахԥагьы дырхион ацәашьалшьеилаҳәара иалхны, еиуеиԥшымкәа агәыцә иакәдыршон аҿыгҳара еиҳа-еиҳа иацҵо. Арҭ ацәашьқәа зегьы иԥсыз ауаҩы ихьӡала ишадыркуазгьы, еиуеиԥшым акатегориақәа рыла еихшан.

Акьалантар-цәашь ззадыркуаз аҭаацәара иаламлацыз, зышьҭа ари адунеи аҿы инызмыжьыз, абшьҭраҿ иҵыхәтәантәиз ахаҵа иакәын. Аҭаацәара рҿы иабиԥазаҵәыз, ԥҳәыс дааимгакәа, ахшара имамкәа иԥсыз ишьҭахь аҩнашә акуеит ҳәа ишьан. Акьалантар-цәашь аура хәба-фба метра инаӡон. Иара иаларԥон аҳәымсагҵәқәа, ахыцәқәаҿы, аҭаҩаҿара иҭарыԥсон ашәақьхәшәы. Ацәашьы анадырклак «ихысуан», убри азы иара аԥсыжырҭаҿ, иԥсыз инышәынҭраҿ акәын иахьдыргылоз, адәахьы.

Ауақәым-цәашь адыркуан ахаҵара-аԥҳәысра иахьмырԥшыкәа, аха убасҟангьы ԥҳәыс даазымгацыз, ма хаҵа имцацыз рыхьӡала. Ауақәым адыркуан аҭаацәараҿы ашьҭра иацызҵо аҽаӡә данаанхоз. Иаҳҳәап, аҭаацәара рҿы ҩыџьа аԥацәа ыҟазар, руаӡәк аҭаацәара далалахьаны, ахшара иоухьазар, аҩбатәи аҭаацәара даламлацкәа иԥсҭазаара далҵзар, убри аан акәын ианадыркуаз. Избанзар ашьҭра еиԥымҟьеит, ашьҭарқәлаҩ дыҟоуп ҳәа ишьан. Ауақәым-цәашь ԥшь-хәҭакны иҟарҵон, дара дара еихадыргылон. Аџьар аформала еидырԥалон, инеиқәҵа-неиқәҵо.

Аԥсхәра-цәашьқәа рҿы аҭыԥ ҷыда аманы ишьан ашьамаҟа. Иара убри уажә ҳазааҭгылап.

Аԥсаҭареи ашьамаҟеи. Ажәа аетимологиа

Ашьамаҟа адыркуан ахаҵа ма аԥҳәыс дыԥсижьҭеи 40-мшы анҵлак, иԥсыз дқьырсианзар, мамзаргьы 52-мшы анҵлак – иԥсыз дыԥсылманзар. Иара убасгьы ашықәс аҽны.

Ашьамаҟа ауразы ак алкаан ишьақәыргыламызт. Шьамаҟак аҟаҵаразы кьылабжак, ҩ-кьылак ацәа бзиа аҭахын, аиҳаракгьы ацәа ҩеижь акәын излырхуаз.

Иазгәаҭатәуп арҭ ацәашьхкқәа зегьы иԥсыз иҩнаҭаҿы шакәмыз иахьыҟарҵоз, иҟазҵозгьы аҩны иатәу ракәмызт. Ԥҟаррак аҳасаб ала ацәашьы ҟазҵоз аҳәса ракәын. Уи иԥсыз иаҳәшьа, ма иаб иаҳәшьа ракәзар ауан, аха убри аан хазы инхозар акәын. Ацәашьы зықәнагоз иара аиҿкаашьа рзымдыруазар, уи атәы здыруаз рыцхраауан. Аха убри аангьы ацәашьы аҟаҵара хымԥада агәакьаԥҳәыс далахәызар акәын.

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор, АААК Иреиҳаӡоу Ахеилак алахәыла Арда Ашәба аԥсуаа рытрадициаҿы аԥсхәра-цәашьқәа ртема ҭиҵааит. Иара еиҭеиҳәоит ажәытәан згәакьа анарцә дцаз аԥҳәыс ашьамаҟа лзеиҿымкаар ихьымӡӷны ишылшьоз, иԥсыз иҿаԥхьа луал лзынамыгӡеит ҳәа ишазылыԥхьаӡоз. Ацәашьеиҿкаараҿы ацхыраара зуаз уи азы аԥара ргомызт.

Ашьамаҟа-цәашь аԥсаҭатә ашьҭаргылан ианнаргозгьы ыҟан аԥсхәрахьы. Дхаҵазар – ацә наргон, дыԥҳәысзар – ажәҵша. Аԥсуаа рҟны имаҷым атрадициатә ҵасқәа акәырбан (аԥсаҭатә) зцу, аԥсхәратә ҵасқәагьы абрахь инацҵаны.

«Ԥсаҭатәс, кәырбанс иҟарҵоз ауаса ма ацә (ажәҵша) ракәын. Убри аан ауаса ашьамаҟа ацырҵомызт. Аԥсхәрақәа рҿы ԥсаҭатәыс инаргоз ацә ашәы ақәдыршәуан, атәыҩақәа ацәашьы акәдыршон, иԥсыз иҳамҭак аҳасаб ала», - ҳәа еиҭеиҳәоит Арда Ашәба.

Ауацәа ааигәақәа ишьамаҟаз аԥсаҭатә анагара рылымшозар, ацәашьы наргон. Абрахьынтә ауп ацәашьгьы «ашьамаҟа» ҳәа захьӡырҵа.

Ҳазлацәажәо азҵаара аҭҵаара знапы алаку аԥсуа ҵарауаҩ, АААК Иреиҳаӡоу Ахеилак алахәыла Џьамбул Инџьгьиа иажәақәа рыла, ари аверсиа еиҳа аиашахаҭа иазааигәоуп. Убри аан иара иааигеит ажәа «ашьамаҟа» закәу ҳәа ҩ-версиак. Актәи аверсиа – «ашьеи», «амаҟеи» ажәақәа рыла ишьақәгылеит ари аилкаара. Ишаадыру еиԥш, ацәашьы азыркуаз агәакьацәа ааигәақәа ракәын – шьала еидҳәалаз. Аҩбатәи аверсиа – традициала ԥсаҭатәыс инаргоз ҩышықәса иреиҵамыз аԥстәы акәын. «Амаҟа» – «иажәхьоу» ҳәагьы аанагоит. Ус анакәха ажәа «ашьамаҟа» иажәхьоу ашьа акаҭәара акәзаргьы ауеит иаанаго.

Ашьамаҟа шеиҿыркаауаз

Иахьатәи аамҭанӡагьы иааӡеит ашьамаҟа-цәашь аизакышьаз, аибыҭашьаз еиуеиԥшым агәаанагарақәа. Ашәба игәаанагарала, ацәашьы аԥсхәра мҩаԥысуанаҵы имыцәартә иазхозар акәын. Аԥсхәра еилгаанӡа ицәар иззыҟаҵаз иԥсы гәаауеит ҳәа ирыԥхьаӡон, акрыфаха имҭакәа ддырццакуеит ҳәа иақәырҵон. Ашьамаҟа ахьынӡабылуаз иара аазгаз аԥҳәыс дахылаԥшуан, излаҿаҳәаз ацәарххарақәа (аҿаҳәагақәа) ыртло, ҭаа-ҭаа илбылуан. Аексперт иажәақәа рыла, имблыз урҭ ацәашьқәа анаҩс аԥсхәраҿы иҟаз ауаа ишаны ирырҭон.

Ашьамаҟа атрадициа иныҭкааны иҭылҵааит аԥсуа ҵарауаҩ ду Елена Малиаԥҳа. Лара лыҭҵаамҭа «Аԥсуаа рыԥсхәратә ҵасқәа рҿы аҵлаԥшра цәашьы» ахьӡуп, ашәҟәы «Кавказ: аҭоурых, акультура, атрадициа, абызшәақәа» аҟны иануп. Малиаԥҳа илыҩуеит ашьамаҟа аҵх агәы инаркны шьыжьшаанӡа ибылуан ҳәа. Иаанхоз, иахырхыз ацәарххарақәа ахацәа рымацара ирзыршон абзазаратә усқәа рҿы рхы иадырхәаларц ҳәа.

Малиаԥҳа лыҭҵаамаҭҿы иазгәалҭоит аԥсхәраҿы инанагар шауаз жәаба инареиҳаны шьамаҟа.

Ашьамаҟа-цәашь аҟаҵара ахатә технологиа ҷыда аман.

«Ирҭаххап ҳәа иршьоз ацәа абжара дырҭәон, иара шнаҵы иӡааршьуан ашьамаҟа агәыцә - ачылара. Ацәа иӡааршьуаз ацәарххарақәа (аҿаҳәагақәа) ҩыџьа аҳәса рҵыхәақәа кны еикәдыршон. Ахԥатәи аԥҳәыс касышк ала ихыгьыжьхартә ирыцқьа-рыцқьо дахысуан. Ацәарххарақәа инагӡаны цәала ихҩазарц, ари аоперациа иаанхаз ацәа ахархәарала аҽазныкгьы иҟарҵон», – ҳәа еиҭалҳәоит Малиаԥҳа.

Ашьамаҟа аҵаргыла иқәдыргылон. Аҵаргыла хазы амҿы иалхны иҟарҵон, х-шьапык аҭаны. Уи зырхиоз ахацәа ракәын. Убри аан ацәашьы ахаҭа аԥара иадыргалоз «аԥҳәыс цқьа» лакәын ҳәа еиҭалҳәоит Елена Малиаԥҳа.

Аҵарауаҩ лажәақәа рыла, азхьаԥшра ҷыда аман ашьамаҟа аҩадатәи ахәҭа. Аԥхьанатә уа иадырҳәалон еикәыршаз аҵла махәқәа ма еихыдхашьны еихыршьуаз амахәқәа, «анапқәа» ҳәа изышьҭаз. Урҭ анапқәа ирхыршьуан аџьынџьыхәа (ақаламышь иӡаашьу араса ма акакан арахәыц иахарыԥхны) мамзаргьы акамфеҭқәа.

Иԥсыз иеишәаргылара

Аԥсуаа ашықәс аҩныҵҟа зыдунеи зыԥсахыз ауаҩы иԥсы аҩны иҟоуп ҳәа иршьон. Имаҭәа аҽылаҳәан ишьҭоуп ҳәа ирыԥхьаӡон. Иԥсыз имаҭәа акаруаҭ иқәырҵон аӡәы ишәушәа асахьа аҭаны. Ари аҵас аԥсы иԥсы амаҭәаҿ иҟоуп ҳәа агәаанагара ауп иахыҵхырҭоу. Ҩынҩажәа мшы иԥсыз ақьырсиан дин датәызар, ма 52 мшы иԥсыз аԥсылман дин датәызар, есыҽны аишәа дыргылоит аҩнаҭаҿы. Анаҩс ашықәс аҟынӡа мчыбжьык ахь знык аишәа дыргылоит фатәы-жәтәыла ирхианы. Аишәа асқам аддыргылон, аҩналарҭа ашә ауадахь иаадыртуан. Аԥшәмаԥҳәыс аишәа иқәгылоу иаабац ацәашьы алыркуан, асқам днаханы, аишәа иқәгылоу зегь ргьама лбон. Аамаҭқәак рышьҭахь ацәашьы лырцәон. Аишәа ззырхиоу иԥсы азхара афароуп ҳәа иршьон. Аԥсуаа ргәаанагарала, аԥсы мҭәыр аԥырхага ауыр алшон.

Аҩнаҭаҿы аишәаргылара иаҟәыҵуан иԥсыз ишықәс анынҵәоз, ихдыркәшон ԥсхәра дула. Аԥсхәра ду ахь инеиуан ауа-аҭахы зегьы. Инаргон ахаа-мыхаа, ашәыр, афатә-ажәтә. Ауацәа ааигәақәа аԥсаҭатә наргон, ашьамаҟа адыркуан. Убас, аԥсуа традициала зыдунеи зыԥсахыз иԥсы адгьыл аҿы аҟазаара хыркәшахон. Арҭ атрадициақәа иахьа уажәраанӡагьы аԥсуаа рҟны инханы иҟоуп.

Аланарԥшыра дуӡӡа

Даара аинтерес аҵаны дрыхцәажәоит аԥсаҭатә, ашьамаҟа злахәу аԥсхәрақәа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза Конгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак алахәыла, Аԥсны жәлар рҟазара ацентр адиректор Нури Кәарҷиа. Ари аҵас иара знык ауп иԥсҭазаараҿы ианибахьоу, фышықәса анихыҵуаз, аха иара игәалашәараҿы хашҭра ақәымкәа изаанхеит.

«Ҳара усҟан Тҟәарчал акалҭ ахь ҳанхон, Кәарҷиаа реиланхарҭаҿы. Ара дынхон быжьҩык аиҳәшьцәа рашьа заҵә Николаи Кәарҷиа. Иаҳәшьцәа зегьы аҭаацәара иалалахьан. Быжьҩык амаҳәцәа иман. Иара даара ҳаҭыр-пату зқәыз уаҩын. Иԥсҭазаара даналҵ иқә-иҵас ишахәҭаз еиԥш, ишаԥыз еиԥш имҩаԥыргеит», - ҳәа еиҭеиҳәоит иара.

Нури Кәарҷиа игәалаиршәоит аԥсхәра аламҭалазы аҩны ирҳәо ишиаҳаз Николаи иаҳәшьа ашьамаҟа лыманы даауеит ҳәа. Нурии егьырҭ иқәлацәеи ашьамаҟа анбаарго ҳәа иԥшын. Нури игәалашәоит ашьамаҟа акәша-мыкәша иҟалаз аилаҩеиласра.

«Иаалырҟьаны адәахьы аҳәҳәабжь геит. Аҩнахьы рхы рханы иааиуан ахацәеи аҳәсеи. Иааилашәшәуан. Инахараны иааиуаз еилургартә иҟамызт. Аха алашьцара иалубаауан ажәҩан иалышәшәазшәа аеҵәақәа. Уаныхәыҷу зегь нашананы иубоит. Сҩызцәеи сареи ҳаҩны адәы ҳнықәлеит. Ҳаԥхьаҟа иааиуаз ашәы иҭалаҳаны иршәын, раԥхьа зтәыҩа ыршақәа ацәашьқәа рыдырҷаблаз ацә ргылан иааргон. Уи аԥхьа иааиуаз аԥсхәра-цәашь, ашьамаҟа ааргон. Иара аӡәы ихала изышьҭыхуа иҟамызт, ишыхьанҭаз убарҭан. Ашҭа иҭалан иааиуаз ҳәҳәон, иҵәыуон, аԥсраҿы ишыҟарҵоз аиԥш. Урҭ ҵәыуо аншьан ахьыкҿаз инеиит. Ари зегьы сгәалашәараҿы иаанхеит. Алашьцара иалаҷҷоз алашара хәыҷқәа иахьагьы ԥхыӡҵас исгәалашәоит. Уаҳа сара ари аҩыза аҽаџьара сақәымшәеит», - ҳәа еиҭеиҳәоит Нури Кәарҷиа.

Ашьамаҟеи адини

Аԥсуа ҵарауаа-аетнографцәа жәпаҩык ирҳәоит, еиуеиԥшым акультурақәа рыҽшеиларыӡҩозгьы аԥсуаа рытрадициақәа шеиқәдырхаз, адинҵасқәа шаларԥаз. Ари ус шакәу убарҭоуп ашьамаҟа аҿырԥшы алагьы. Ашьамаҟа аԥсыуа традициоуп, динк иадҳәалам. Аԥсуаа ахаангьы еиуеиԥшым адинқәа цәымӷрыла ирзыҟамызт, ҳаҭырла-патула ирзыҟан. Агәыла дыԥсылманзар, аҳәажьы идыргаломызт, имҵадыргыломызт. Дқьырсианзар – ачгараан иифар иҟамлоз афатә дадырҟьышьуамызт. Урҭгьы егьырҭгьы Иаҳхылаԥшу ҳәа аныҳәаҿа шьҭырхуан. Ацәгьа иатәыз аишәа иахатәазар – зыдунеи зыԥсахыз инарцәымҩа рныҳәон. Иахьа еиҳа-еиҳа адин амаҵзуҩ ма ахәаџьа даарыԥхьо иалагеит иԥсыз дызҵазкуаз адин иадкыланы.

Аетнограф, АААК Иреиҳаӡоу Ахеилак алахәыла Марина Барцыцԥҳа илҳәоит аԥсуаа рдинхаҵара асинкретизм аелементқәа алоуп ҳәа.

«Ақьырсиан Мшаԥымш азгәаҳҭоит, иазгәаҳҭоит аԥсылман Аурычра, џьара-џьара зороастризм аныррагьы убарҭоуп (амца ахыԥара). Иуҳәар ҟалоит адунеитә религиақәа зегьы аԥсуаа ркультура анырра арҭеит ҳәа. Убри азоуп Нанҳәаз (Анцәа иан лылацәеиқәыԥсара амш – аԥсуаа рҟны иԥсыз ргәалашәара амш), иара убас Аурычраз (Ураза-баирам иаԥхьанеиуа 30-мш) ацәашьы заҳаркуа. Аԥсуаа ажәытәӡатәи рытрадициа, ацәашьыркра, азқьышықәсақәа ирылганы иахьанӡа иааргеит», - ҳәа лҳәоит Барцыцԥҳа.

Марина Барцыцԥҳа иазгәалҭоит иԥсыз изы, уи иԥсы аҭынчразы ацәашьыркра адунеитә культурақәа жәпакы рҿы ишуԥыло.

«Кавказ ажәларқәа урылацәажәозар, аԥсуаа еиҳарак ари аҵас архаикатә ҟазшьа рзынханы иҟоуп. Ашьамаҟа-цәашьы ҩ-дунеик символра рызнауеит: иԥсуи ибзоуи рдунеиқәа реилалара. Ажәа ахаҭа ацәымза акәзар, «ацәа иалху амзаҵла» ауп иаанаго: ацәа – воск, амза – сосна. Ацәашьы агәыцәс иҟарҵоз амзаҵла акәын, ақәцәан амзаҵла ма ацәа иалхыз аҵыс ықәдыртәон. Аԥсаатә ажәҩан иасимволны ирыԥхьаӡон», - ҳәа азгәалҭоит Барцыцԥҳа.

Лара иара убасгьы дазааҭгылоит итрадициатәу аԥсуаа рдунеихәаԥшыра: дарбанызаалак ауаҩԥсы даниуа «ихәҭаа» ицыршоит ҳәа ирҳәо, даныԥсуагьы иԥсы иахәҭоу зыԥсы ҭоу рҟынтәи иоуроуп ҳәа иршьон. Убри азоуп ауаҩы иԥсра ашықәс аан аишәа здыргыло, ацәашьқәа задыркуа.

Ашьамаҟа аркра иахьатәи атрадициа

Арда Ашәба иҳәоит иахьатәи аамҭазы ашьамаҟа ҟазҵои иназгои шмаҷу, аиҳаракгьы иара аҟаҵара ахьыуадаҩуи, изызку ииашамкәа иахьеилыркаауеи азы ҳәа.

Марина Барцыцԥҳа лажәақәа рыла, иахьазы ашьамаҟа џьара иҟарҵоны иуԥылаӡаргьы зааӡа зыԥсҭазаара иалҵыз аӡәы иҟноуп иахьубо, уигьы уарла-шәарла.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ари атрадициа еиҭахацыркны ашьамаҟа адыркуеит лаҵара 21 азы Кавказтәи аибашьра иаланаҵәаз ргәалашәараз.

АААК азы ашьамаҟа ҟаиҵеит аԥсуа сахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа. Иара иҳәеит иҽшазишәаз ажәытәан ари ацәашьы аиҿкаашьа акыр иазааигәатәны аҟаҵара.

«Ҳара ҳзы имариоуп – ацәашьазы иахьа ахархәара раҳҭоит амедицинатә касышқәа. Урҭ еикәарҵәины ацәа-шы иӡааушьуеит. Ажәытәан ари ауадаҩрақәа аҵан. Ҷыдала абамба аадрыхуан уи азы», – ҳәа еиҭеиҳәоит иара.

Егьыс иахьагьы атехнологиақәа еиԥшуп. Асахьаҭыхыҩ уаанӡеиԥш ацәа ирҭәон, нас акасыш ӡааишьуан.

«Зныктәи аҭшьраан алгәыгәрақәа аманы иҟалоит, аха нас акасышцқьа ахьушьыцԥхьаӡа иуырбызтәуеит. Анаҩс аҽазнык ацәаршы иҭушьуеит», – ҳәа еиҭеиҳәоит иара.

Ацәашьы агәыцә иара аконструкциа зегь шьҭнахуеит. Ацәашьы андуу акартон қьаад иалырхуеит. Уи нас ацәашьы иацбылуеит.

«Акәыршақәа рхыԥхьаӡара ацәашьы агәыцә ахышәаҵышәа иақәшәозароуп. Заҟа идуу аҟара акәыршарацәа аҭахуп. Здырра аҭаху агеометриа ыҟоуп. Агәыцә агәҭаӡа ԥшьы-хәҭакны ишатәуп, авертикалтә цәаҳәақәа алдатәуп», – ҳәа еиҭеиҳәоит асахьаҭыхыҩ.

Ашьамаҟа аркра атрадициа ажәытәра иаго ишалагазгьы, абазажәлар иаҳуалԥшьоуп уи ахамыршҭра, ԥхьаҟатәи абиԥарақәа уи адырра рызныжьра. Аҵасқәеи ақьабзқәеи еснагь умҩа уықәызҵоз еҵәаны иҟан ҳажәлар рҿы. Иҟалап, иара уи акәзар егьырҭ ажәларқәа жәпакы қәашьс ироуз адунеи аныӡаара ҳара ҳмилаҭ ацәынзырхаз.