18383

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс (АААК) анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцбадырзааҭгылеит аилазаара аҿаԥхьа ишьҭоу ахықәкқәеи ахыдҵақәеи, аԥсуаа ашәуааи рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәра азҵаареи, аимадара шырӷәӷәатәу амҩақәеи, абызшәа аиқәырхара апроблемеи.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ, уаанӡа Азинмчра нагӡа зманы Аԥсны Ахаҭарнакыс Ҭырқәтәыла иҟаз Инар Гыцба игәаанагарала, адиаспореи аҭоурыхтә ԥсадгьыли реимадарақәа есааира еиӷьхоит. Уи иацхраауеит уаанӡа аибабара иаԥырхагаз аԥынгылақәа раԥыхра. Аха иахьатәи ҳаамҭазгьы иҟоуп еиҳа иааигәаны аиҿцаара алзмыршо афакторқәа, раԥхьаӡагьы иргыланы – абызшәа аибамкра. 

Гыцба ааԥхьара ҟаиҵоит абызшәа арҵаразы ҳаамҭазтәи аметодқәа ахархәара рыҭалазарц, насгьы абызшәа здыруа акала аџьшьара рыҭалатәуп ҳәа иԥхьаӡоит.

Иара иажәақәа рыла, арепатриациа – Абаза жәлар ирмилаҭтә идеианы иҟалароуп. Аха иара убри аамҭазы арепатриантцәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы имырхьаакәа адаптациа иахысларц азы аҭагылазаашьа маншәалақәа аԥҵалатәуп.