Ҟарачы-Черқьестәыла, Аԥсуа ақыҭаҿы аҽырҩырҭа ҿыц аадыртит. Ари ахҭыс инамаданы имҩаԥысыз аҽырыҩраҿы аиааира агеит Аԥснытәи аҽыҩ.

Аԥснытәи аҽыҩ Кендал Барс аиааира агеит Ҟарачы-Черқьестәыла аул Аԥсуа аҽырҩырҭа ҿыц аартра инадҳәаланы рашәарамза 14 рзы имҩаԥысуаз аҽырыҩраҿы. Аҽы аԥшәма Текин Арӡынба аҳамҭа хада ианаршьеит – амашьына Лада Гранта.

Аҽырҩырҭа гәырӷьарыла иаартын иара уи аҽны. Аҽырыҩра иалахәын Ҟарачы-Черқьестәыла ашәуа қыҭақәа зегь рахьтәи егьырҭ араионқәа рҟынтәи аҽыҩқәа, иара убас Ҟабарда-Балкариантә, Аԥснынтә ааԥхьара змақәаз.

Раԥхьатәи аҽырыҩраҿы раԥхьа иааиз

Аҽырыҩра хә-ааирак рыла ишьақәгылан. 1200 метра иҟаз адистанциаҿы аиааира агеит аҽы Сабур, уи аԥшәма Вадик Хубиев ақыҭа Ԥсыж датәуп. 1400 метра адистанциаҿы зегь раԥхьа иааит Таулан Биџьиев иҽы Ета. Казбек Бороков иҽы Дубаи Ворлд Барс егьырҭ зегьы ираԥнагеит 1800 метра иҟаз адистанциаҿы, 2400 метра аҩраҿы зегь реиҳа иласхеит Кендал Барс.

Аҵыхәтәантәи ааира ахҭыс хада – аҽырҩырҭа аартра иазкын – ари раԥхьаӡатәи ашәуа ҽырыҩрақәа ракәын. Араҟа аиааира агеит Инџьықь-Ҷкәын ақыҭа иатәу Хаибар Замрат Цеков иҽы.

Аҳамҭа ҷыда ианаршьеит убасгьы ҭеиҭыԥшла, еилаҳәашьала зегь реиҳа иалыркааз аҽыҩҷкәын Артур Киатов.

Ааирақәа зегьы акака иазкын. Иаҳҳәап, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз хатәгәаԥхарала еибашьуаз нхыҵ-кавказтәи ҳашьцәа ргәалашәара, убас ақыҭа Аԥсуа иалҵаз зыхьӡ нагаз урыстәылатәи афинансист Мурзабек Тит-иԥа Алиев ихьӡала, иара убас уи ииқыҭаныз ахьӡ-аԥша змаз абокс азыҟаҵаҩ Муҳамед Агов игәалашәарагьы.

Аҳамҭақәа зегьы разырхиара ихахьы игеит аҭыԥантәи арахәааӡаҩ Назымби Ҭлыс.

Аҽааӡара атрадициа азыгьежьра

Аԥсуа ақыҭан аҽырҩырҭа ҿыц аартра Урыстәыла амш – рашәара 12 иақәдыршәеит. Иара дыргылеит аҭыԥантәи арахәааӡаҩцәа, аишьцәа Назымби Назири Ҭлысаа, урҭ ацхыраара рырҭеит ақыҭа ахадараҟны, хаҭалагьы ақыҭа ахада Ануар Кужев.

Аҽырыҩрақәа ирылагаанӡа имҩаԥысыз агәырӷьаратә аартраан Аԥсуа ақыҭауаа рыхьӡала, еизаз бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит аҭыԥантәи абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Заудин Ҭлыс. Анаҩс аҽырыҩра алахәцәеи ахәаԥшцәеи рҿаԥхьа ажәа иҳәеит ҞЧА ахада иусбарҭа анапхгаҩы Мураҭ Уаз, иқәгылеит иара убас Адыга-Ҳабалтәи араион администрациа аиҳабы Едуард Дерев, Аԥсны аҽырыҩратә спорт афедерациа ахада Милор Шәлымба,

Аԥсны Афырхаҵа Ибрагим Иаган. Ицәажәоз зегьы ақыҭауаа ироуз аҽырҩырҭа ҿыц рыдырныҳәалон, аишьцәа Ҭлысаа иҭабуп ҳәа рарҳәон.

Черқьесск иҟоу ИАЕ «Алашара» аҟәша анапхгаҩы Мураҭ Мыкәа даԥхьеит ари аиҿкаара ахада, АААК Иреиҳаӡок ахеилак аханттәаҩы Мусса Егзакь иааԥхьара ажәа.

«Аҽырыҩрақәеи аҽырхәмаррақәеи ҳажәлар ажәытә аахыс бзиа ибаны иаарго акоуп. Аҽырхәмаррада имҩасуамызт иарбан ныҳәазаалак. Абри аҩыза ашҭақәа раартра абзоурала ари атрадициа амырӡра алыршахоит, ашәуаа иҿианы ирымаз аҽааӡарагьы ҩаԥхьа ҳазыгьежьуеит. Иахьа ҳҿар аҽқәа ирызҿлымҳахо иалагеит, аклубқәа аадыртуеит, ҽыла аныҟәарақәеи, аҽырыҩрақәеи мҩаԥыргоит. Уи даара ибзиоуп. Абас еиԥш иҟоу аусқәа рзы лассы-лассы ҳаибабалааит, ҳаицхыраалааит», – ҳәа азгәеиҭеит Мусса Егзакь иажәаҿы.

Иаргьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит Ҭлысаа аишьцәа, рқыҭауаа абас еиԥш аҳамҭа бзиахә ахьырзыҟарҵаз, насгьы ақыҭа аҿиараҿы иҟарҵо алагалазы. Арахәааӡаҩцәа ақәҿиарақәа рзеиӷьеишьеит изҿу аус аҿы, рнапы зларкуа егьырҭ аусқәа зегьы рҿгьы.

Аҽырыҩрҭа ҿыц аартра инамаданы заа еиқәыршәаны иҭыжьын ашәуаа рҟны аҽааӡара аҭоурыхи атрадициақәеи ирызку, сахьала еиқәыршәоу абуклет.

Ари аусмҩаԥгатә аиҿкаара знапы ианыз аилак иалан: Олеко Кужев, Аҳмед Ниров, Бела Џьемакулова уҳәа егьырҭгьы. Дара иазгәарҭон ақыҭауаагьы активла аиҿкааратә усқәа ишрылахәыз.

«Ауаа ааины ҳабашәыцхраари ҳәа иҳазҵаауан, машьынала ҳаиқәыршәара, ачыс архиара, асасцәа рԥылара, аконцерт аиҿкаара уҳәа рхахьы иргаз маҷым. Иҭабуп даараӡа ҳәа раҳҳәоит убарҭқәа зегь рзы», – иҳәеит ауаажәларратә еиҿкаара «Абаза» ахантәаҩы Умар Кончев.

Иара иалкааны рыӡбахә иҳәеит анаплакҩы Карабек Тлиабичеа, ҞЧА аҳәынҭқарратә акәашаратә театр анапхгаҩы Мураҭ Гагиев, абжьы арежиссиор Каплан Хачуков, артист Ачар Меремкулов, ажурналист Аминаҭ Дзугова уҳәа убас ирацәаҩны зыбзоурала аныҳәа мҩаԥысыз.

Ахыҵхырҭа: ИАЕ «Алашара асаит www.alashara.org