АААК ателехәаԥшратә интеллектуалтә проект «Иарбан? Иаба? Ианба?» аҩбатәи ахәмарра амҩаԥгара аҽазыҟанаҵоит. Аԥсни Ҟарачы-Черқьестәылеи рҟынтә акомандақәеи апроект аиҿкааҩцәеи аскиап ала еицәажәеит, еибадырны раԥхьаҟа ирзыԥшу ахәмарра акәамаҵамақәа еибырҳәарц.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҭоурыхтә-етнографиатә хырхарҭа змоу ателехәаԥшратә проект «Иарбан? Иаба? Ианба?» аҩбатәи ахәмарра мҩаԥнагоит. Иахьазы еидкылоу агәыԥқәа ҩба (руак Аԥснынтә, егьи – Ҟарачы-Черқьестәылантә) аскаип ала еибабеит, еибадырит, нас ахәмарра аҽазыҟаҵаратә зҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аҩбатәи ахәмарра мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынгәымза алагамҭазы, Аҟәа. Уи иалахәхоит Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәа Ҟарачы-Черқьестәылеи Ҟабарда-Балкариеи рахьтә акомандақәеи, Москватәи аԥсуа диаспора акомандеи, АААК Аҿар рхеилак еиднакыло Аԥснытәи акомандеи. Ахәмарра ателехәаԥшартә версиа азырхиахоит Аԥсуа телерадиоеилахәыра атехникатә базала.

ҞЧА акоманда аҳәаақәҵаҩ, ИАЕ «Алашара» аҟәша «Аҿар реизҳара» анапхгаҩы Алина Каблахова еиҭалҳәеит агәыԥ аидкыларазы Черқьесск алԥшааратә ус шымҩаԥгаз – алхратә хәмаррақәа еиҿкаан, урҭ ирылҵшәаны ԥшь-гәыԥк рҟынтә иреиӷьу ахәмарцәа алкаан. Каблахова лажәақәа рыла, Аҟәа иааны аинтеллектуалтә еиндаҭлара иалахәхо ҞЧА акоманда ахаҭарнакцәа аҳҭнықалақь иреиҳау аҵараиурҭақәа рыстудентцәа мацара шракәым, ақыҭа аҿаргьы ыҟоуп, иааидкыланы иуҳәозар, ари ахәмаррахь аинтерес ду аарԥшын.

«Аҿар еигәырӷьоит ахшыҩ ахьаарԥштәу ахәмарра иахьалахәу, уи абзоурала ҿыц ирдырыз ыҟоуп. Ахәмарра алахәхаразы акырӡа агәацԥыҳәара рызҭоз факторын уи Аԥсныҟа ацара иахьадҳәалоу. Ҳхәыҷқәа еибабалар рҭахуп, рашьцәа аԥсуааи дареи еиҳа иааигәаны еибадырырц, еиҩызцәахарц», – ҳәа азгәалҭеит Алина Каблахова.

Ас анылҳәа, аԥсуа гәыԥ алахәцәа иаразнакала «Бзиала шәаабеит! Ҳашәзыԥшуп!» ҳәа ааԥхьара ҟарҵеит. Абаза команда гәыкала аманшәаларагьы рзеиӷьаршьеит, ахәмарра аҽны дара еиндаҭлараны ишыҟоугьы.

Аԥсуа гәыԥ иалахәу дыруаӡәкуп Шьамтәылантә зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара иааз Анзор Арҩҭаа. Аҳәаанырцә инхо ҳашьцәа Аԥсныҟа ианыхынҳәуа ҷыдала ирызнеилатәуп, убри азгәалҭеит ари аидеиа аформат авторс иамоу, апроект аҳәаақәҵаҩ Гета Арӡынԥҳа, арԥыс данихцәажәоз.

«Сара соуп иҽхәаша абас еиԥш иҟоу ахҭыс бзиа саднакылартә алшара ахьсоуз – аҭак ҟаиҵеит Анзор. – Ҳаешьаратә абаза жәлари ҳареи ҳаҩызара зырӷәӷәо ахәмарра».

Аскаип ала имҩаԥысуаз акомандақәа реибадырра далахәын иара убас Аԥсуа телехәаԥшра ажурналист Сариа Кәарцхьиаԥҳа, лареи ашәаҳәаҩ Нарсоу Абыхәбеи аҩбатәи ахәмарра «Иарбан? Иаба? Ианба?» амҩаԥгаҩцәас иҟалоит.

Гета Арӡынԥҳа лажәақәа рыла, иҳаҩсыз ашықәсазы апроект қәҿиарала ианхацыркха ашьҭахь, аиҿкааҩцәа рҿаԥхьа ихадароу ҩ-хыдҵак ықәдыргылеит: алахәцәа ргеографиа арҭбаара – актәи ахәмарра иалахәыз Аԥснытәи акомандақәа мацара ракәын, иара убас аҿар рыԥсҭазаара еиҳа инарҵауланы агәылаԥшра. 

«Аҩбатәи ҳхыдҵа абасала иҳаӡбеит: АААК Аҿар рхеилак аалаган Аԥсуа университет еиуеиԥшым афакультетқәа аҩбатәи акурсқәа рҟынтә аҿар алырхит. Дара зынӡа иқәыԥшқәоуп, апроект дуқәа рахь макьана инармыԥхьацызт. Урҭ ахәмарра иазыҟаҵатәуп, баша астудиаҿы илартәаны иаразнакала азҵаара рықәԥсо апроект иузаларгаӡом, избанзар егьырҭ акомандақәа еиҳа аԥышәа рымоуп, қәралагьы иреиҳабацәоу ыҟоуп, иаҳҳәап Москватәи аԥсуа диаспора ркоманда. Убри аҟнытә дара азыҟалҵоит Аконгресс Аҿар рхеилак ахаҭарнак Алиса Ԥачалиа, уи азы иҭабуп ҳәагьы лаҳҳәоит», – азгәалҭеит Гета Арӡынԥҳа.

Азыҟаҵаҩ Алиса Ԥачалиа лакәзаргьы, илҳәеит абар уажәшьҭа ҩымз инарзынаԥшуа ес-хәаша еизаны аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥырго, урҭ ирыцҵахоит ахәмарра ахаҭа ҟалаанӡа.

«Ҳара Аԥсуа университет активистцәа ҳаҽрымаҳдан аҭоурых иазҿлымҳау астудентцәа рсиа ҳзеиқәдыршәарц ҳрыҳәеит, ари ахәмарра аформат аинтерес ззаҵоу. Нас аҭел ҳарзасын «Иарбан? Иаба? Ианба?» шәалахәхар шәҭахума ҳәа, аӡәы-ҩыџьа рыда зегь ақәшаҳаҭхеит. Иҟәышқәоуп зегьы, ирласны игәныркылоит ироуҳәо, идҳарбо аметодикақәа рҵоит», – лҳәеит Ԥачалиа.

Ателехәаԥшратә интеллектуалтә хәмарра аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп араундқәа быжьба, раундцыԥхьаӡа фба-фба зҵаара ҟалоит.

Азҵаарақәа ықәдыргылоит: Мариана Ҟарма (ҞЧА), Павел Солахиан (Ермантәыла), Гәдиса Мамацев (Аԥсны), аԥсуа лингвист, апрофессор Виачеслав Чрыгба, аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Гәажәба.

Ахәмарра алахәцәа аҳамҭақәа ранашьахоит, аиааирагаҩцәа – ахраҿа ргоит.

Раԥхьатәи ахәмарра «Иарбан? Иаба? Ианба?» мҩаԥысит 2021 шықәса ԥхынгәымзазы. Ари аҭоурыхтә-етнографиатә ателехәаԥшратә проект нанагӡоит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс. Апроект ззынархоу аудиториа 20-30 шықәса зхыҵуа аҿар роуп. Ателехәаԥшратә формат аицлабра аҟазшьала, имыруадаҩкәа иаанарԥшуеит аԥсуа-абаза жәлар рҭоурых, ретнографиа, рфольклор иадҳәалоу аинформациа шаҟа иҵаулоу. Ари апроект еиднакылеит аҵара бзиа змоу, ахәыцра иацәымаашьо Аԥсны ахьыбҿар маҷҩымкәа. Аҩбатәи ахәмарра агеографиа еиҳагьы иҭбаахоит.