АААК Арепатриациазы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилаки XIX-тәи ашәышықәсазы Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа еиҿыркааит Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны.

Саид Барганџьиа

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәладыршәеит Аԥсны маи 21 рзы, урҭ рыхьӡала иблын аԥсуа цәашьы Ашьамаҟа, иара убас амшын аԥшаҳәаҿы еиқәҵан Нарҭаа рымца.

Агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсуа драматә театр аҟны иддырбеит Баграт Шьынқәба ироман иалху аспектакль «Ацынҵәарах». Аспектакль аҟны ихәмарит Аԥсуа ҿартә театр актиорцәа. Амҳаџьырқәа рбаҟа азааигәара афотоцәыргақәҵа еиҿкаан, уи еиднакылеит архивтә фотосахьақәеи, ахҵәара иазкны уи иахааныз иҭырхыз асахьақәеи.

Агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа еиҿыркааит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси Аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилаки.

«Ҳдоуҳа хымжәаӡеит, ажәлар ыҟоуп»

Ахәылԥазы, асааҭ ааба рзеиԥш Аҟәа аԥшаҳәаҿы ауаа еизеит, раԥхьа аҽцәеи, нас амцақәа зкыз гәыԥҩык ауааи наргыланы еизаз зегьы еиманы Амҳаџьырқәа рбаҟахьы амҩа иқәлеит, Сергеи Багаԥшь иашҭа аҟынтә абаҟа ахьыҟоу аҟынӡа шьапыла аԥшаҳәа иқәсит.

«Сҩызцәеи сареи аколлона ҳацларц ҳгәы иҭаӡамызт, ҳааит ус, баша ҳааныҟәарц, аха абас еишьҭагыланы инеиуаз ауаа анаҳба, еибымҳәаӡакәа ҳаргьы ҳрылагылеит, абаҟанӡа ҳцеит», – лҳәеит агәалашәаратә хәылԥазы иалахәыз Инесса Барцыц.

Ус ҟазҵаз рацәаҩхеит, аколонна андәықәла ашьҭахь аҭыԥ аҿы инеиаанӡа уи иацлоз маҷҩымызт. Абаҟаҿы ианынаӡа абыкь абжьы геит.

Ара абаҟа аҿаԥхьагьы ауаа ԥыҭҩык еизахьан. Ашәҭқәа рышьҭаҵара ацеремониа иалагеит. Ара иҟан аҳәынҭқарра анапхгара, арепатриантцәа ҭаацәала, ауаажәларра, Аконгресс аусзуҩцәа уҳәа.

АБРИ АТӘЫ ЕИҲА ИНАРҬБААНЫ >>

АБРИ АХҬЫС ИАЗКУ АВИДЕО АХӘАПШРА>>

Нхыҵ-Кавказынтә хатәгәаԥхарала еибашьра иааз аветеранцәа рымадаразы Аԥсны ахада иабжьагаҩ Рисмаг Аџьынџьал излаиԥхьаӡо ала, маи 21 – аԥсуаа ргәамч зырӷәӷәо мшуп.

«Ари агәалашәара иамшуп, аха даҽа ганкахьала ҳгәы шьҭызхуа акәынгьы иҟалеит. Избан акәзар ҳдоуҳа хымжәаӡеит. Ажәлар еиқәхеит, иҿиалоит», – иҳәеит иара.

Арепатриациазы аҳәынҭеилакы иатәу аџьынџьуаа рымадаразы аҟәша аиҳабы Инал Хәытаба иазгәеиҭеит ҵыԥх агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа инеиҵыхны ишымҩаԥгамыз акоронавирустә пандемиа иахҟьаны.

«Ҳажәлар рзы, иара иааидкыланы Кавказ ашьхарыуа жәларқәа рзы ари амш иаанаго даара ирацәоуп. Аҳәынҭеилакы уалс иадуп абри аҭоурых аӡбахә аҳәара, уи амырӡра, ҳкультуреи, ҳҵас-қьабзқәеи, ҳбызшәеи реиқәырхара, еиҳаракгьы аҿар рзы. Зҭоурых зхашҭыз ԥеиԥш имаӡам», – иҳәеит иара.

Ашьамаҟа абылра

Ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ашьҭахь аԥсуа артистцәа ари амш иазкыз ашәақәа рҳәеит, ажәеинраалақәа ирыԥхьеит. Еицырдыруа аԥсуа естрадатә шәаҳәаҩы, агәыԥ «Аԥсны-67» асолистка Лиудмила Гәынԥҳа игәыҭшьаагоу ашәа «Шьышь-нани» налыгӡеит – ари ашәа

Баграт Шьынқәба иажәеинраала иалхуп, ҿырҳәала иззымдыруа дмаҷуп, амҳаџьырқәа зықәшәаз ахлымӡаах угәаҵанӡа инеиртә иаанарԥшуеит.

Абри ашәа ахьынӡалҳәоз Ҭырқәтәылатәи арепатриант Кадыр Тәанба аԥсуа цәашьы Ашьамаҟа аиркит. Ашьҭахь иара иҳаиҳәеит, убри аамҭазы агәыхыҭхыҭра шимаз, амҳаџьырқәа рҭоурыхқәа ибла ишыхгылоз атәы.

«Урҭ ахҭысқәа ҳхамшҭӡеит. Уԥсадгьыл еснагь угәы иҭазароуп. Усҟан ҭыԥс уахьыҟазаалак, уԥсадгьыл еснагь гәыла уазааигәоуп», – иҳәеит иара.

Уаанӡа ишыҟарҵаз еиԥш сынтәагьы имблыз Ашьамаҟа ахәҭа иаалхны ацәашьқәа еизаз зегьы ирзыршеит.

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара аҽны Ашьамаҟа абылра атрадициа еиҭахацнаркит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ҵыԥх, 2020 шықәсазы. АААК Аҳәса рхеилакқәа рнапхгаҩы Гета Арӡынԥҳа иазгәалҭеит, Аконгресс хықәкыс ишамоу агәалашәаратә акциақәа ауаа рацәа радыԥхьалара, ажәлар иртәу, ирзааигәоу аԥшра аманы амҩаԥгара ишашьҭоу.

«Убри азоуп Ашьамаҟа заҳбылуагьы, сынтәа ари ацәашьы рнапала иҟарҵеит аԥсуа традициақәа аазго ажьи Ҭемыр Ӡиӡариеи, ҳаиҿкаара ҩызара азызуа Кадыр Аргәыни», - ҳәа еиҭалҳәеит Арӡынԥҳа.

Иааиуа абиԥарақәа ирымаҳдаша

Гета Арӡынԥҳа лажәақәа рыла, ари ахәылԥаз ахь ааԥхьара рыҭан Аконгресс аҭыԥантәи аҟәшақәа рхаҭарнакцәагьы, ауаа рацәа еизарц, агәалашәаратә акциа иалахәхарц. Убас, абри аҽны Аҟәаҟа иааит Дранда, Уарча, Кындыӷ, Пицунда еиҿкаау аҭыԥантәи аҟәшақәа рхаҭарнакцәа.

«Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит ҳааԥхьара иақәҿызҭыз зегьы. Ашколхәыҷқәа зманы иааз. Ари даара акраҵанакуеит, ахәыҷқәа абас иҟоу ахҭысқәа рылала ианырбо, адуцәа рхьаа анрыцеиҩыршо. Абасоуп абиԥарақәа реимадара шышьақәгыло, ҳара абри аимадара аԥымҵәара ҳахьацхраауа даара ҳгәы алаҟоуп», – лҳәеит Арӡынԥҳа.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс иҟанаҵаз ааԥхьаразы иҭабуп лҳәеит Драндантәи иааз Мзиа Ҵәыџьԥҳа.

«Арҭ аусмҩаԥгатәқәа ирылахәзароуп зегьы. Сара Драндатәи ашкол сатәуп, Гәылрыԥшь араион аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи срыцны сааит», – лҳәеит лара.

Агәаларшәагатә усмҩаԥгатәқәа рхыркәшамҭазы ашәҭқәа амшын ихырҵеит, нас Нарҭаа рымца еиқәырҵеит.

Есышықәса маи 21 рзы ашьхарыуа жәларқәа Кавказтәи аибашьра иалаӡыз рашьцәа ргәаладыршәоит адунеи ахьынӡанаӡааӡо. Абри аҽны 1864 шықәсазы Гәбаадәы имҩаԥысит арратә парад 1817-1864 шықәсақәа рзы имҩаԥысуаз аибашьра ахыркәшара иазкны. Уи ашьҭахь зықьҩыла ашьхарыуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ныжьны иқәҵыр акәхеит, ҭаацәала ишеибаркыз ихҵәеит Османтәи Аимпериахь, уантәи адунеи егьырҭ атәылақәа ирылаԥсеит.