Амилаҭтә идеиа ашьақәгылареи, аԥсуа, абаза бызшәақәа реиқәырхареи рыҿиареи, иара убас адиаспора аҽамадара арӷәӷәареи ртәы еиҭеиҳәеит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба, АААК апортал иаиҭаз аинтервиу аҟны.  

Аиҿцәажәара мҩаԥылгеит Асҭа Арӡынԥҳа

- Иарбан милаҭтә идеиоу аԥсуааи абазақәеи иахьа еидызкыло?

- Иарбанзаалак ажәлар, имаҷума, идуума, рмилаҭтә идеиа – дара еиқәзырхо, изҵазкуа аҳәынҭқарра еиқәзырхо лшараны иҟазароуп. Ҳара ҳзы уи имариам дҵоуп. Ҳара рацәак идуум жәларуп, ҳтәылагьы зегьы иреиҳау акы акәым. Аха, ҳара ашәышықәсақәа ҳаргәылсны, иахьатәи амшқәа рҟынӡа ҳааит, уи ашьҭахь абжьаӡра – ухаҿы иузаамго акоуп.

Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп, ажәлари амилаҭи раҳасабала ҳаиқәхаразы, иҳамоу алшарақәа зегьы еизырҳаны атәыла қәҿиарала ишьақәгыларц азы. Урҭ алшарақәа, насыԥны, имаҷым. Ҳарҭ уамак идуум ҳәынҭқарраны ҳшыҟоугьы, иҳамоуп аԥыжәарақәа: агеографиатә ҭыԥ, насгьы амаашьара, ҳтәыла инагӡаны ишьақәгыларц азы аусура ҳазхиоуп.

- Абызшәа акоммуникативтә хархәагас – акырзҵазкуа аспектуп ҳдиаспореи ҳареи ҳаимадара арӷәӷәзара азҵаараҿы. Иахьа аҳәынҭқарра иҟанаҵои абызшәа аиқәырхаразы, аԥсадгьыл аҟнеиԥш, убас аԥсуаа еизакны иахьынхо аҭыԥқәа рҟынгьы? 

- Аҳәынҭқарра адгылара рынаҭоит апроектқәеи апрограммақәеи, ибзиаӡаны абызшәа аҵареи, уи аларҵәареи ирызку. Уажәааигәа иаԥҵаз Абызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы аус аднаулоит абызшәа аиқәырхара апроблема, лымкаала рҽазыркны иҟоуп аҿар рзы аудиовизуалтә рҵагақәа реиқәыршәара.

Ҳара иҳамоуп аԥсуа бызшәа арҿиара апрограмма, аха апрограмма амацара акгьы алшаӡом. Уи афинансқәа рганахьала иацхраалатәуп, иаԥҵатәуп апрограмма инагӡаны аус аурац азы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа. Ҳара изныкымкәа иаҳҳәахьеит аҳәынҭқарратә усзуҩцәа еиҳарак аԥсуа бызшәала ицәажәалароуп ҳәа, уи акырӡа аҵанакуеит.

Аибашьра шааилгаз еиԥш, абызшәа аиқәырхара иазкны иаԥшьгаз аусқәа раӷьырак Ҭырқәтәылеи егьырҭ атәылақәеи рҿы инхо ҳдиаспора абызшәа дырҵара арманшәалара иазынархан.

Ҳдиаспора иахәҭоу аспециалистцәеи, иашьашәалоу арҵагатә материалқәеи рыла реиқәыршәаразы иалшоз зегь ҟаҵан. Иахьагьы уи аус активла инагӡахоит.

Иҟоуп даҽа дҵакгьы – абаза бызшәа аиқәырхара. Аԥсшәа, ма абаза бызшәа руак ҳзеиқәмырхар, ҳажәлар рыхәҭак ҳцәыԥсит оуп иаанаго. Аԥсшәеи абаза бызшәеи реиқәхаразы, урҭ ҿиаларазы аҭагылазаашьақәа раԥҵара аҭахуп. Уи азы иахьагьы ирацәаны аусурақәа мҩаԥсысуеит. Уи аганахьала Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аусурагьы, ҳаҭҵаарадырратә интеллигенциа русурагьы еицыланы иҵоуроу алҵшәа шҳауа азы агәыҩбара сымаӡам.

Ҳаџьымба: милаҭк аҳасабала ҳаиқәхаразы иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп
© АААК

- Шәара шәгәаанагарала иаҭахузеи аиашьаратә жәларқәа реимадара еиҳа иӷәӷәахарц азы?

- Уи ахырхарҭала иҟаҵахьоу маҷӡам. Иахьагьы аусура ду мҩаԥысуеит. Иара хықәкыс иамоу – ҳаиашьаратә жәлар рхаҭарнакцәа, абазақәа Аԥсны иҟаларц, араҟа аус руларц оуп.

Ҳаԥхьаҟа еиҳа аизааигәахаразы иаҭахуп интенсивла аусеицура ауаажәларратәи, аҳәынҭқарратәи аҩаӡарақәа рыҟны, убасгьы еицаҳзеиԥшу аекономикатә проектқәа раԥҵареи, рынагӡареи аҩаӡарақәа рҟынгьы аусеицура.       

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза Конгресс иаанартуеит уи азы иҿыцу алшарақәа. Ҳара ҳазегьы абра ҳаҟазароуп, ҳаидгыланы иҳарҿиароуп аԥсуа ҳәынҭқарра. Абра ада адунеиаҿы иҟаӡам уаҳа даҽа ҭыԥк, ҳажәлар абри ахьрылшаша. Иахьа иҟаҵатәуп зегьы, аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа рыхынҳәразы, ҳара иҳавагыланы ари аҳәынҭқарра дыргыларц азы. Ҳашьцәа рхы аладмырхәыр ари аус, иаҳцәыуадаҩхоит.

- Избан арепатриациа апроцесс ишаҳҭаху еиԥш активла изымҩаԥымсуа? Ԥырхагас иамои?

 - Улахь еиқәызҵаша акоуп Аԥсны иазкны зегьы ибзианы адырра ахьрымам, уи дара Рыԥсадгьыл шакәу шырдыруагьы. Сара иҭабуп ҳәа расҳәоит аԥсуа культуратә центрқәа ҳџьынџьуаа рыбжьара Аԥсны Аҳәынҭқарра иазкны аилыркааратә ус имҩаԥырго азы. Иаԥҵалатәуп убас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа, ҳдиаспора адзыԥхьалаша. Имаҷымкәа иҳаҳалоит, иара Ҭырқәтәылантәгьы ҳажәлар рхаҭарнакцәа еиӷьу аԥсҭазаара иашьҭаланы ииасуеит Германиаҟа, Англиаҟа ҳәа. Еиӷьу аԥсҭазаара абра ишьақәгыло иалагар, дара арахь иаалоит. Убри аус адулара еснагь ҳаҿызароуп.

Ус шакәугьы, арепатриациа апроцесс ацара иаҿуп. Убас, шәҩыла ауааԥсыра Сириантәи иаҳзааит. Ааи, арахь раара аибашьра иахҟьеит, аха сара сгәанала, ара анхара иашьцыланы, ҳара ҳҿы иаангылоит. Дара ибзианы адаптациа иахысит, реиҳараҩык аусурақәа рахь иҭыҵхьеит.

Аҵыхәтәантәи ҩба-хԥа шықәса рзы ҳареи Иорданиа иҟоу ҳдиаспореи активла аусеицура ҳабжьоуп. Дара даара Аԥсны иазҿлымҳауп, арахь ахынҳәразы аҽазышәарагьы рымоуп.  Иҟоуп ҭагылазаашьа еилкаақәак, ари аус аҿаиара шаиуо азы агәрагара ҳазҭо.

Сара иахьа снапы аҵазҩит Аусԥҟа, Арепатриациазы ахәынҭқарратә еилакы аминистрра алхразы. Уажәшьҭа уи аусбарҭа аҳаракыра еиҳагьы еиҳахеит. Уи баша ахьыӡ аԥсахара акәӡам иаанаго, уи иҿыцу аҵакы ахарҭәаароуп, ицхыраарахоит ауадаҩрақәа рыӡбареи, иқәгылоу адҵақәа рынагӡареи рҟны.

- Аԥсуа ҳәынҭқарра аргылараҿы адиаспора инанагӡо ароль хәшьарас иашәҭои?

- Аибашьра иаҳнарбеит ҳара ҳдиаспора аԥсуа ҳәынҭқарра аргылараҿы аҽалархәра иахьынӡазхиоу. Зыԥсадгьыл ахьчараз иааз аҷкәынцәа аӡәырҩы ҭахеит. Урҭ арахь иааит рыԥсадгьыл аҿыҭбжьы раҳаны. Аиааира згаз, зыԥсы ҭаны инхаз Аԥсны нхара ҳәа иаангылеит аибашьра ашьҭахьгьы. Иахьазы, урҭ аҳәынҭқарра аргылара активла рхы аладырхәуеит. Ирацәаҩуп дара рҟынтә арепатриациа аганахь ала аус зуагьы. Дара илырхыз амҩа макьана зҭоурыхтә ԥсадгьыл иацәыхароу рзы ҿырԥшны иҟалеит.