Аԥсны иҟоу ихадоу аныхақәа быжьба (Абжьныха) – амч ду злоу ҭыԥ ԥшьақәоуп ҳәа ишьоуп. Аныхақәа доусы рныхаԥааҩ дрымоуп, уи еснагь иалкаау жәлак датәуп, уи ажәла шьҭрала иԥымҵәакәа иааргоит аныха амаҵ аура. Аныхақәа реиҳарак ашьхараҿы, ма аҳаракыраҿы иҟоуп.

Дыдрыԥшь-ныха Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭан иҟоуп. Ари аныха иахылаԥшуеит Чычаа. Дыдрыԥшь-ныхаҿоуп Аԥсны ахада Владислав Арӡынба ижәлар еиқәхарц Анцәа дахьиҳәоз, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага.

Лых-ныха – Лыхнашҭа иҟоуп, Лыхнытәи ауахәама азааигәара. Аныҳәақәа раан ауахәамаҿы Анцәа иҳәарақәа мҩаԥысуеит, анаҩс аныхаҿгьы Ҳаиҳа зымчу иашьапкуеит уи иазку аныхаԥааҩцәа – ари ақыҭан инхо Шьаҟрылаа ахацәа. Ажәытә Аԥсны аҳцәа ахьтәаз Лыхны ақытан иҟоу Лыхнашҭа аҭоурыхтә ҵакы амоуп, ашәышықәсақәа раԥхьаҟагьы ари аҭыԥаҿы ажәлар еизон хадара злоу азҵаарақәа ӡбатәны ианыҟаз.

Елыр-ныха – Очамчыра араион Елыр ақыҭан иҟоуп, уигьы Гьаргь ацқьа ихьӡ зху ақьырсиан ныхабаа авараҿ. Елыр-ныха аныхаԥааҩцәа – Шьынқәыраа роуп. Ари аныха жәытәӡатәиуп, араҟа XI ашәышықәсазы Елыртәи ауахәама дыргылаанӡагьы аныхатәарҭа ҟалахьан.

Инал-Ҟәыба ашьха Ԥсҳәы иҟоуп, ақыҭеи иареи хә-километрак рыбжьоуп. Ари аҭыԥан ашәарыцара ҟалаӡом, иара убас абжьы ардура, ишакәым ала ахымҩаԥгара. Инал-Ҟәыба ашәарах зшьыз иҩнаҭаҿы цәгьарак ҟалоит ҳәа игәаҭаны ирымоуп.

Лӡаа-ныха – Лӡаа ақыҭан иҟоуп, Гагра араион, Пицунда ақалақь азааигәара. Араҟа аныхаԥааҩцәас иҟоуп Гочуаа. Лӡаа-ныха иԥшьоу, иагьжәытәӡоу аџьра иаҵакуп, аҳаракыраҿы итәоуп. Ишаԥу ала, арҭ аџьқәа уркьысыр ҟалаӡом, ҵлак ахала ихжәаргьы, иахькаҳаз ишьҭоуп.

Адагәа-ныха – Гәылрыԥшь араион Ҵабал ақыҭан иҟоуп, аригьы шьхоуп.

Лашькьындар-ныхагьы иахьыҟоу ашьха ахьӡ иахаршалоуп, Тҟәарчал амԥан тәарҭас иамоуп. Алақәа рынцәахәы Алышькьынтар иадҳәалоуп. Тҟәарчал асовет аамҭазы еиҿыркааз индустриалтә қалақьуп, ара ауахәама ыҟамызт, убри аҟнытә ауадаҩра зауаз аҭыԥантәи ауааԥсыра ари аԥшьаҭыԥ ахь рус рыӡбарц иааиуан.

Ажәлар зегьы ирзеиԥшу Абжьныха рынахыс шамахамзар жәлацыԥхьаӡа ажьирақәа рызгылоуп – урҭгьы аҩнаҭа зыхьчо ныхақәоуп, уаҟа Анцәа иҳәоит.

Нанҳәа 3, 2012 шықәсазы Аҟәа ирылаҳәан Аԥсны Аныхаԥааҩцәа рхеилак еиҭашьақәыргылоуп ҳәа.