Археологиатә проект «Аԥсуа ҭӡеибаркыра ду амаӡақәа» хацыркуижьҭеи шықәсык ҵит. Ажрақәа ирылахәыз аволонтиор Васили Никулин иҳацеиҩишеит абри аусура инаҭаз агәалаҟара, иаҳзеиҭеиҳәеит иԥшааз артефактқәа ртәы, иара убас аекспертцәа рҿы еиликааит аԥшаахқәа ҵакыс ирымоу.

Васили Никулин, аволонтиор, апроект «Аԥсуа ҭӡеибаркыра ду амаӡақәа» алахәҩы

Иҳаҩсыз 2019-тәи ашықәс анҵәамҭазы Аԥсны ихацыркын зымҽхак ҭбаау аҭҵаарадырратә проект «Аԥсуа ҭӡеибаркыра ду амаӡақәа», иара хықәкыс иаман – ҳтәылаҿы иҟоу рахьтә зегь реиҳа имаӡаркыроу, имаҷынгьы иҭҵаау археологиатә обиект – Аԥсуа баагәара ду аҭҵаара. 2020 шықәса рашәарамзазы аҵарауаа русура актәи аетап анхыркәшаха, лкаақәак рыҟаҵара рылшеит.

Аԥсуаҭҵааратә институт археологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбы Шандор Ҟаитан инапхгарала гәыԥҩык археологцәеи аҭоурыхҭҵааҩцәеи ихдыркәшеит абаагәара абаашқәа ҩба (№ 39 и №123) рҟны ажрақәа (Иури Воронов еиқәиршәаз ахсаалала абаашқәа зынӡа 279 ыҟоуп, абаагәара аура 160 километра наӡоит аӡиас Кьалашәыр инаркны аӡиас Егрынӡа – аред.) иара убас Хьацҳа ақыҭан иҟоу абаа ахәҭак аҭҵаарагьы. Сара насыԥс исыман ари апроект алахәцәа сахьыруаӡәкыз, сыблала избаз ахьырацәоу.

Апроект алагамҭаз ҳара ҳҿаԥхьа хыдҵаз иқәҳаргылеит абаагәара иадҳәалоу ихадароу амаӡақәа хԥа раартра: изыргылада, ианбадыргылеи, иззы? Шықәсыктәи ҳусура иалагӡаны иаарԥшын артефактқәа маҷымкәа, аҭҵааҩцәа мшырацәа, ҵхырацәа адәаҿы ирхыргеит… аха ус шакәугьы, ари ажәытә ргыламҭа ду иадҳәалоу амаӡақәа маҷхеит ҳәа узҳәом.

Уажәаԥхьа, 2019 шықәсазы Гал араион Хьацҳа ақыҭа иахьаҵанакуа ажрақәа мҩаԥысуан абаа-хырӷәӷәарҭа Куатаниа-Сурки ҳәа агәаанагара ззыҟаз аргыламҭаҟны. Абри ахырӷәӷәарҭа аӡбахә ҳәоуп 1958 шықәсазы иҭыҵыз аҭоурыхҭҵааҩ Иосиф Аӡынба ишәҟәы «Аԥсны архитекртуратә баҟақәа» аҟны.

Иҳаҩсыз ашықәсан уаҟа ԥшь-шурфк ыҵаҳҵеит (археологиатә артефактқәа ыҟоу-иҟаму аазырԥшуа агәаҭаратә жра – аред.), аԥшьбагьы аԥшаахқәа рацәаны ицәырнагеит: ажәытә ԥсыжырҭақәа, аҳаԥшьақәа, еиуеиԥшым акерамикатә ԥҽыхақәа, аихатәы маҭәарқәа.

Очамчыра араион, Џьгьарда ақыҭа азааигәара иҟоу абааш №123 аҟны ажрақәа ирылҵшәаны иԥшаан еиуеиԥшым анышәаԥшьӡы (акерамика) аалыҵқәа, алуқәа ҩба, ахахагақәа, аихатәы чаққәа, аӡаӡ, ахҿақәа, аиха иалху абзазаратә маҭәарқәа рыԥҽыхақәа, асаркьа иалхыз аирыӡ амаа иаҵәа, зыгәҭа кылҵәоу аԥараҿырпы еиԥшу агьежьҟьаԥс.

Абааш № 123 иаду аԥшыхәырҭа акультуратә ҽыҭ аҟны иԥшаан сахьала иҩычоу акерамика, иԥшьыркцоу аҵәымаӷ рҭәақәа, аԥстәқәа рыбаҩқәеи рхаԥыцқәеи. Абааш ашьапаҿы имҩаԥгаз ажрақәа раан иԥшаан акәаҭана иарҭо ацәеиха.

Агәыԥ аус ахьыруаз аҵыхәтәантәи абааш №39 акәын, иара гылоуп Гәылрыԥшь араион, Мархьаул ақыҭан Маҷара аӡиас ахықә инацәыхарамкәа. Ари абааш ицәырнагаз асиурпризқәа даара ирацәахеит.

Ашыцламшә зқәыиааз амаӡақәа

Археологиатә жрақәа ианакәызаалак аамҭа рацәеи аџьабаа дуи зцу процессуп. Уи акәама-ҵамақәа зегь реиҳа еилукаауеит аҽагеи абаҳаи кны аус анууо аамҭазы.

Еиҭеиҳәоит Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аусзуҩ, апроект алахәҩы Дмитри Счастныи: «Акыраамҭа иԥхьаӡан Аԥсуа баагәара ду археологиатә ԥшаамҭақәа рыла иӷаруп ҳәа, убри аҟнытә ҳара ҳзы акраҵанакуан изеиԥшразаалакгьы аԥшаахқәа рыҟазаара. Абааш №39 машәырны иалҳамхӡеит: абаагәара зеиԥшла ианҭаҳҵаауаз ҳара игәаҳҭеит уи акәша-мыкәша акерамика маҷымкәа ишыҟаз. Археолог изы ари раҳпьатәи дыргоуп акультуратә ҽыҭ шыҟоу узырбо. Ишаԥу еиԥш, ари аҩыза ашьҭақәа аанхоит ауаа реиланхарҭақәа, ма акраамҭатәи раангыларҭақәа ахьыҟаз аҭыԥқәа рҿы. Ажрақәа абра рымҩаԥгара аналаҳхуаз ҳазхәыцит иара убас аҭыԥ акыр Аҟәа иахьазааигәоугьы, уи иабзоураны ҳамчи, ҳаамҭеи, ацара-аара иақәхарџьтәыз аԥареи маҷк иадымхаргьы ҳаареиҷаҳаит.

Абааш №39 ажрақәа ҳрылагеит анивелир ала (еиуеиԥшым аҳаракырақәа ирыбжьоу аилкааразыихәарҭоу агеодезиатә мыруга – аред.) аҳаракырақәа разгәаҭарала, анаҩс ари аобиект атопографиатә хсаала аиқәыршәаразы. Аха абри аус нап аҳаркаанӡа абааш иақәиааз ашәаԥыџьаԥ зегьы хырҿҿаны ирыцқьатәын, араҟа ирызҳаит ачықьқәа, аҵлақәа, ажәакала абардра ыҟан. Археологцәа мшынаҟьак рцәагеит афасара ақәгара, анаҩс аҳаракырақәа ршәарц азы. Уи аамышьҭахь ажрақәа ирылаган.

Иара убри абааш адәахьала арыцқьара ҳшаҿыз, 2,5 метра аҳаракыраҿы, ашыцламшә зқәыиааны иҟаз аҳашхәа хаҳәқәа злеибаркыз аршьышьы ишалаз ҳбеит аҳаԥшьа (апифос) аԥҽыхақәа. Шандор Ҟаитан игәаанагарала, ари аԥшаамҭа аҭҵаара аамышьҭахь акыр ицхыраагӡахар ауеит абааш аныргылазтәи аамҭа аилкарааҿы.

Аԥсуа баагәара ду аҭҵаарақәа мҩаԥысуеижьҭеи археологцәа аҩынтә раан ирԥылоит абас еиԥш аԥҽыхақәа рхархәара (раԥхьаӡа акәны аҳашхәа ҽыҭқәа рҟны акерамикатә гәлаҵақәа ԥшаан Ҭәҳәыбынтәи агарнизон иатәу абааш № 3 аҭыӡқәа реиқәҵа анҭырҵаауаз аамҭазы – аред.). Иҟалап, ари ажәытә ргылаҩцәа рхы иадырхәоз ҷыдаразар, мамзаргьы абааш иаҳа ихьшәоу аамҭақәа рзы аиҭашьақәыргылараан акерамика баша рнапаҿы иҟаз арӷәӷәагак аҳасабала рхы иадырхәазаргьы.

«Аԥсуа баагәара ду ахаҭа ааидкыланы ақәреи хаз игоу абаашқәеи урҭ рҟны иԥшааз артефактқәа рықәреи дара-дара еилаҳҵаӡом, хаз-хазы ҳрыхәаԥшуеит, – иҳәоит Шандор Ҟаитан. – Ари аҩыза азнеишьа залаҳхызгьы уи ауп, хаз игоу баашк, мамзаргьы ҭыԥк аҟны иҟоу абаашқәа рыҭҵаара иалҵшәаны мацара аҭӡы-баагәара зегьы аныргылаз, ахархәара анамазтәи аамҭазы ҿыгәгәала алкаа узыҟаҵо иҟаӡам. Акамералтә ҭҵаарақәа раамышьҭахь (акамералтә усурақәа – аҩнуҵҟатәи усурақәоуп, адәантәи археологиатә жрақәа раан иаарԥшыз амаҭәарқәа наҟ-наҟтәи рыҭҵаара – аред.), апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны иаҳаԥшааз аматериали уаанӡатәи адыррақәеи зегьы хәыц-хәыц анализ анырзаҳаулак ашьҭахьоуп лкаақәак ҟаҳҵартә ҳаныҟало. Иара убри аамҭазы, абаашқәа рҟны иаҳаԥшааз археологиатә материалқәа зеиԥшроу ала, иҟалап, арҭ абаашқәа еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ахархәара рымазҭгьы. Абааш № 39 мацара ҳгозаргьы, уаҟа иԥшааз амаҭәарқәа рықәра ихьшәоу Абжьарашәышықәсеи – Аҿыц аамҭеи рҳәаақәа ирҭоугӡартә иҟоуп».

Уаанӡа Очамчыреи Гали араионқәа рҿы имҩаԥысуаз ажрақәа раан еиԥш акәымкәа, Гәылрыԥшь араион Мархьаул ақыҭантәи ажрақәа акыр еиҳа «хеиҷаҳарала» имҩаԥысит: ҩымш – адәаҿы аусура, ҩымш – аҩны аԥсшьара. Ари иабзоураны аҵарауаа уаанӡеиԥш рымчқәа каԥсомызт, насгьы рхы аԥсы ашьаны ирԥшааз артефактқәа зызкыз атәы иалацәажәартә иҟан, алитератураҿы ицәыргоу, зыӡбахә дыру уаанӡатәи аналогқәа ирҿарԥшны.

Ажәытәрантә иаашьҭыз асалам

Аинтреес зҵоу фактуп – ажрақәа раан иԥшаан имаҷымкәа артефактқәа агәы асимволика зну: аџьаз иалху аԥыџьи аҵәаҟьақәеи, аҳәынҵәрақәа. Аха иара убри аамҭазы еилкаахеит, абас «агәыԥшқара» злаз абааш иҭатәаз ауааԥсыра абџьар шьҭыхны рхы хаьчара шрылшоз. Абааш аҩнуҵҟа иԥшаан 16 мм здиаметр ыҟоу аҭса иалху ахы гежь, акерамикатә, асгатә абџьар ала ахысразы рхы иадырхәоз. Уи ашьҭахь аҭса хқәа ԥшаан еиҳа иҵаулоу аҽыҭқәа рҿгьы.

Ишдыру еиԥш, раԥхьатәи ахысга абџьар цәырҵит иҿиаз Абжьарашәышықәсазы. Аԥхьатәи ҩашә шықәс аҟазацәа аус адырулон аҭырҟьеиа (ашәақьхәшәы еиҵаҵа) амцакра аиӷьтәра. XVI-тәи ашәышықәса алагамҭаз асга-шьанҵатә цаԥха рыӡбеит. Ас иҟаз ашьанҵа шәақьқәа шамахамзар ԥсахрак рымамқәа еиуеиԥшым арқәа абџьарс ирыман акыраамҭаӡа. Иаҳҳәап, абри аҩыза ахқәа рхы иадырхәон аурыс аргьы 1854–1855 шықәсқәа рзтәи Ҟрымтәи аибашьраан (Ҟрымтәи адгьылбжьахабжа иатәу Севастополь ақалақь аҿы аҳамҭаҷқәа зҭиуа ргәаанагарала). Аԥсны акәзар ашьанҵа шәақьқәа ахархәара рыман XX-тәи ашәышықәсанӡагьы.

Абылреи ауаҩы иԥсыбаҩи

Иара уи адгьыл аҿыгҳараҿы, анаҩс иҵегь аладагьы акерамикеи абылра ашьҭақәеи – уи атәы нас ҳазааҭгылоит – ирԥыло иалагеит еиуеиԥшым абаҩқәагьы: анацәхырҟәарабаҩ, аҟәырҟәылбаҩ, авакьыцқәа. ауаҩ ибаҩқәеи аԥстәқәа рыбаҩқәеи еилан азы археологцәа азныказы ари аԥшаамҭа хырҩа азырымуит. Аха аматерик азааигәара ианнеи (ари адгьыл аҿыгҳараҿы шамахамзар ауаҩы ибзазара ашьҭақәа уԥылом – аред.) ирԥшааит ауаҩы ихацламҳәа ахаԥыцқәа цәгьамкәа еиқәханы.

Абааш №39, Аԥсуа баагәара ду егьырҭ абаашқәа жәпакы реиԥш ҩ-еихагылакны иҟан. Уи атәы дыршаҳаҭуеит аҭӡы иамоу ақьырсҭатә ҿышәҭа ҵаулақәа. Иԥшааз ауаҩы ибаҩ шышьҭаз ала, абаа ианақәлоз ари ауаҩ аҩбатәи аихагылаҿы дыҟазар ҟаларын. Абаа акәша-мыкәша икаԥсаз арацәа ххылақәеи, ашра ӷәӷәа иарҭҟәацыз ахаҳәқәеи идыршаҳаҭуеит араҟа абылра ду шыҟаз. Ауаҩы дахьышьҭаз адашьма ҭабгеит, аҭыӡқәагьы рыхәҭак каҳан ауаҩы иԥсыбаҩ рҵәахит.

Ахыҵхырҭақәа шьоукы-шьоукы ишырҳәо ала, ақәыларақәа аныҟалоз аҳәсеи ахәыҷқәеи абаа актәи аихагылаҿы рҽыԥхьаркуан, абџьар зкратәы иҟаз ахацәа зегьы аҩбатәи аихагылаҿы иҟан, уантә аӷа иеихсуан, ахаҳәқәа игәыдырҵон.

Археологцәа егьырҭ ауаҩ ибаҩ ахәҭақәа рзымԥшааит, дхаҵазу дыԥҳәысзу аилкаара алзыршашаз: урҭ ма амца иалаблит, мамзаргьы ашәарах иргеит. Аҭҵаарақәа ианрылгалак ашьҭахь абаҩ анышә иамардоит.

Абаа азааигәара иԥшаан аџьаз иалху амаҭә аелементқәа (аҳәынҵәра аџьоуҳар сахьа анҵаны, аҳәынҵәрачаԥраз абӷьы, ма агәы асахьа анҵаны, иақәӡаху аҵәаҟьақәа, аҳәынҵәра-хәырԥс, акәыкәбааԥшра змоу аҳәнҵәра), аихатәы ашьхәачаԥа, анхамҩа-бзазара амаҭәарқәа (аҭса иалху аӡыгмацәазқәа, амҳаҵә, ацаԥха, аџьаз иалху, иџьоуҳарԥсароу амаа).

«Апроект алахәцәа зегьы рзы ари – рхала имҩаԥыргоз раԥхьатәи ҭҵаара дуун. Убри аҟнытә ԥшаахцыԥхьаӡа ҳәашьа амамкәа ҳаигәырӷьон. Зегьреиҳа иаҳԥылоз еиуеиԥшым акерамикахкқәа ракәын, еиҳарак еиҟәыршәшәоу. Хазы иалкааны иҳаман аихатәы ԥшаахқәа. Ҳгәыԥ алахәцәа зегьы ҷыдала ҳгәы хыҭхыҭуан аиха иалху ак анаҳбоз», – ҳәа ицәаныррақәа ҳацеиҩишеит Дмитри Счастныи.

Анашанатә чысмаҭәа

Абааш аҭаларҭаҟынтә арымарахьтәи акәакь хараҿы еиқәхеит аҳаԥшьа ҭӡыжәпа аԥҽыхақәа. Ари аҳаԥшьагьы аҭӡеибаркыра Гал араион аҿы, иара убас Кьалашәыртәи агарнизон аҿгьы уаанӡа иԥшааз аҳаԥшьақәа иреиԥшуп. Аҳаԥшьа аҟынтә еиқәхаз афрагментқәа маҷуп. Абас иҟаз акерамика иалхыз амкьаҭқәа еиҳарак адгьыл иҵарҵон. Аҵа аҳашхәа «хчы» иқәырҵон, адгьылҵысра ҟалар иԥымҽырц азы. Аҳаԥшьақәа ирҭарҭәон аӡы, аҩы, мамзаргьы иҿыпуа афатәқәа.

Иара убри аҩаӡараҿы аҳаԥшьа ҩ-метрак рыла инацәыхараны ишьҭан ашьацԥшшәы змаз аҿа (анышәаԥшьӡы иалхны, ашьыркыц ақәҭәаны). Иԥшааз ахәҭақәа реидҵара алшеит. Аҿа аԥҽырсҭала акылҵәара хәыҷқәа змаз афрагментқәа уԥылон, уи иаҳәо уи ауп, иара рхы ианадырхәоз аамҭазы иԥҽхьан, аха сахҭан шашәала еидырххаланы рхы иадырхәозар алшон.

«Ҳара еснагь ҳаигәырӷьоит, аԥшаах аформа анаҳзышьақәыргыло, избанзар уи ҳаҭҵааратә база арбеиоит, анаҩс Аԥсуа баагәара ду артефактқәа рыклассификациа аԥҵара алнаршоит», – ҳәа еиҭеиҳәоит Шандор Ҟаитан.

Ирԥшааз акерамикатә маҭәарқәеи, хаз иҟоу ашьыркыц зықәҭәоу, асахьа зну акерамика афрагментқәеи аконсультациақәа рымҩаԥгаразы Азовтәи аҳәынҭқарратә музеи ахь ирышьҭхьеит, уаҟа иҵәахуп аиԥш зеиԥшу аԥшаахқәа рацәаны, алада-мраҭашәаратәи Ҟрым аҟазарҭақәа рҿы иаԥырҵоз акерамика лыхқәа даара ирацәан иара ианаамҭаз. Амузеи аусзуҩцәа ргәаанагарала, ирыԥшааз артефактқәа, Османтәи апериод ахь иаҵанакуазар ҟалоит, Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аҿы ицәыргоу артефактқәа рколлекциа хадырҭәаар рылшоит.

Абџьарҟаҵаҩцәа

Абааш ажрақәа раан археологцәа ирԥыхьашәаз аԥшаахқәа зегь реиҳа аҵакы змоу ҳәа ишьатәу аџьаз иалху ахырҭәага акәзар ҟалап, игьежьу аҭсатәы хқәа рырҭәара иазкыз. Еилкаахеит уаанӡа иԥшааз аихатәы мҳаҵә хархәашьас иамаз, избанзар уи аимак-аиҿак цәырнагеит аекспедициа алахәцәа рыбжьара. Ахырҭәагала идырҭәоз ахқәа рдиаметр 12,9-13 мм рҟынӡа инаӡон.

Аинтерес зцу афакт: абааш №39 аҟны иԥшааз ахырҭәагеи Џьгьарда азааигәаратәи абааш №125 аҟны иԥшааз ахырҭәагеи реиԥшқәа ыҟоуп аказакцәа-некрасовцәа реиланхарҭақәа рҟны ирԥшааз аматериалқәа рыбжьара. Арҭ аказакцәа рыхәҭак 1730-тәи ашықәсқәа раан Аурыс империа анрыжәла Османтәи аимпериаь ихҵәеит, асулҭан иаҳра рыдыркылеит. Абри аҩыза ахырҭәагақәа ԥшаан аӡиас Ҟәыбина жәытә азааигәара, иара убас Азов, Анапа, абаақәа Лиутик/Сед-Ислами Аккермани рҵакыраҿы – дара абарҭгьы Османтәи аимпериа иалан. Иҟоуп агәаанагара, арҭ ахырҭәагақәа аҭырқәа хылҵшьҭра рымоуп ҳәа.

«Ишдыру еиԥш, Амшын еиқәа аҿықә Аԥсны инаркн Таманынӡа жәытәаахыс аԥсуа-адыга жәлар рхылҵшьҭрақәа ықәынхон. Убри азоуп арҭ амилаҭқәа ркультуреи, рҵас-қьабзқәеи, рдинхаҵареи аиԥшзаарақәа зрымоу. Убри аганахьала Аԥсуа баагәара ду аҭҵаарақәа раан иԥшааз амаҭәарқәагьы усҟантәи аамҭа амода рныԥшуеит. Абри азоуп инахаран инхоз аказакцәа-некрасовцәа ҳареи ҳабжьара аналогиақәа зыҟоугьы. Ара иџьашьатәу ҳәа акгьы ыҟаӡам. Уи зыршаҳаҭуа даҽакуп – аказакцәа кавказ ашьхарыуаа реилаҳәашьа ахьышьҭыркааз», – иҳәоит Дмитри Счастныи.

Хазы иалкаатәуп 39-тәи абааш ажрақәа раан иԥшааз аҳәызба, амагана аԥшра змоу, ахәы аҭыԥ аҭаны. Ас еиԥш иҟоу аҳәызбақәа жәытә аахыс рхы иадырхәоит аӡахәақәа реилыхраҿы. Уиижьҭеи аҳәызбақәа рконструкциа аҽамԥсахӡеит, аха ҳаамҭазы рхархәара акыр имаҷхеит.

Хәшәызу џьыказу?

Аҭӡы ахаҭеи абаашқәеи реидҳәалашьа аҭҵааразы археологцәа ашурф абаа азааигәарагьы иҵарҵеит, адәахьтәи аганала.

Раԥхьатәи аԥшаамҭақәа – аԥстәқәа рыбаҩқәеи, акерамикатә чысмаҭәа аԥҽыхақәеи – рԥыло иалагеит адгьыл ақә аҟынтә 20 см аҵаулараҿы. Иҵегь аладахьы иԥшаан ахаҳәтә ҭагәла. Ажрақәа цонаҵы археологцәа еиуеиԥшым агәаанагарақәа рызцәырҵит абааш анхацәа уи хархәашьас иамазишь ҳәа. Акы, аҭагәлаҿы иаабац аԥсуа џьыка ҟарҵозар ауан. Аха аџьыка традициала ишаԥу еиԥш аҳаҟьаҿы акәын иахьырхуаз. Ҩба, аҭагәлаҿы ихәшәыз аҵиаақәа рхуазар ҟалон. Ихԥахаз, абџьар аиҵаҵаразы ахәшә еилдырхуазаргьы ҟалон. Кавказ ахәшә аҭагәлақәа рҿы ирхуан, мамзаргьы напыла-лагарақәа рҿы, аселитреи ,атыҩшеи, аџьмаҟьи, арацәеи, ичыдоу аҳаскьынжәлеи рыла.

Еиқәыԥхьаӡоу артефактқәа рыдагьы аҳашхәеи, арацәеи, ахәеи рацәаны излаз адгьыл аҿы иԥшаан: арацәахаҳә аҽыҭқәа, алу аҽыҭ ду, аихатәы жьирауац, еидырҟьаҟьалоу аҭса хы, асахьақәа зықәҭыху акерамика, аԥстәқәа рыбаҩқәа (абынҳәа уҳәа егьырҭгьы ртәқәа), иара убас еиԥгалам аихатәы мацәаз. Абарҭ артефактқәа рыла иуҳәар ауеит, ари аҭыԥ аҿы абзазаратә сурак аҿаԥшьызар ауан ҳәа.

Абааш ихьшәоу аамҭазы аиҭашьақәыргылара азун аҟынтә, ирҭахымыз уаанӡатәи аматериалқәа аҭӡы иаваланы инеиуа аҿҟьарахь иҭарыжьыр ауан.

«Абааш № 39 аҟны заатәи аматериал ахьыҟам мзызс иамазар ауеит уи ахархәареи аҭацәреи аетапқәа ԥыҭк ахьыҟаз. Абааш хәҭакахьала ма шьаҭанкыла еилаҳахьазҭгьы, анаҩс аиҭашьақәргылара ашьҭахь ҩаԥхьа ауаа ахылазар – усҟан еилаҳаз ахәҭақәа ҩаԥхьа аргыларатә материалк аҳасабала ахархәара роуан. Ус анакәха, заатәи акультуратә ҽыҭ ԥхасҭахон. Ари агәаанагара шьақәдырӷәӷәар, ма иаҿаԥырҽыр рылшоит абаагәара ауразоуроу анаҩстәи археологиатә ҭҵаамҭақәа», - иҳәоит Дмитри Счастныи.

Апроект «Аԥсуа ҭӡеибаркыра ду амаӡақәа» аекспедициатә хәҭа хыркәшоуп, уажәшьҭа аԥшаахқәа аус рыдулатәуп. COVID-19 апандемиа иахҟьаны археологцәа рҿаԥхьа иқәдыргылоз азҵаарақәа – Аԥсуа баагәара ду зыргылада, ианбаргылаз, иззы – раҭакқәа рыҿҳәара рашәарамзаҟынтә нанҳәамзахь инахоуп.

«Апроект иацҵахоит. Ҳаԥхьаҟа иаҳзыԥшуп акамералтә усура (ашифровка, ахҳәааҟаҵара, аклассификациа). Ҳгәыӷуеит, ари аус ҭагалан алагамҭазы ҳалгап ҳәа, уи ашьҭахь имҩаԥгахоит аихшьалатә пресс-конференциа, уаҟа ҳара ҳарзааҭгылоит лкаақәас иҟаҳҵаз, иагьшәҳарбоит зегь реиҳа аинтерес зцу артефактқәа», – ҳәа иажәа хиркәшеит Шандор Ҟаитан.

Аҭҵаарақәа мҩаԥысуеит афонд «Амшра» афинанстә цхыраарала.