Ажьырныҳәамза 6-10 Аҧсны ауаажәлари асасцәеи рзы еиҿыркааит узқәымгәыӷуа аҳамҭақәа, жәлар рныҟәарақәа, ибеиоу акультуратә программа
Есма Гәаланӡиаҧҳа
Аҟәа аусура иалагеит аӡынтәи афестиваль «Амандарин». Ари аусмҩаҧгатә ҳтәылаҿы ҩынтәны еиҿыркаауеит. Сергеи Багаҧшь ихьӡ зху ашҭаҿы ишьақәдыргылеит агәазыҳәарақәа рсианҵа - афестиваль иалагӡаны еизугар иҟало, Аҧсны ахсаала асахьа змоу, архитектуратә инсталлиациа. Еилых ҟамҵакәа асасцәа зегьы аднаҧхьалеит ауаа аҿаҧхьа еиҵырхыз аишәа ду. Уаҟа чыс хаданы ицәырыргеит ҷыдала аусмҩаҧгатә азы ақьафурҭа «Нарҭаа» ирӡыз, ҩ-метрак иҟоу ачашә. Иара убасгьы афестиваль иаҭааз асасцәа рзы аҵәы иахаҵаны ирӡит ацә.
Иавтономтәу икоммерциатәым аиҿкаара Асоциал-культуратә проектқәа рцентр «АҴЛА» аиҳабы, афестиваль аиҿкааҩ Светлана Губуниаҧҳа лажәақәа рыла аусмҩаҧгатә аиҿкаара иалахәын 300-ҩык инареиҳаны ауааҧсыра. Уахь иаҵанакуеит аволонтерцәа, ахаатәҟаҵаҩцәа, акреативтә сфера ахаҭарнакцәа, аҭыҧантәи ауааҧсыра, аалыҵҭыжьҩцәа, асасааирҭақәеи ақьафурҭақәеи змоу анаплакҩцәа.
Афестиваль анапхгара алахәыла Сариа Аргәынҧҳа иазгәалҭеит ахҭыс хықәкы хадас ишамоу аҧсуа культуреи, атрадициақәеи, ибеиоу аҭоурыхтә ҭынхеи рӡыргара.
Афестиваль аартра иазкыз аныҳәатә концерт аҟны иқәгылеит аҧсуа естрада артистцәа: Лиудмила Гәымҧҳа, Џьимми Шәманиа, амузыкатә гәыҧ «Ианаи», ансамбль «Гәында», Shiri Ҭемо адиџьеицәа уҳәа егьырҭгьы. Анаҩс асасцәа жәлар рҵасқәа ирабадырит: аҧсуа-адыга гәыҧ адраматә театр аҿаҧхьа иҟоу ашҭаҿы акәашаратә хәмаррақәа мҩаҧыргеит. Аҭааҩцәа қәыҧшцәа рзы еиҿкаан аниматорцәа злахәыз ахәыҷтәы программа. Ахәылҧаз кульминациас иаиуит амцатә шоу.
Афестиваль еиҿыркааит Иавтономтәу икоммерциатәым аиҿкаара Асоциал-культуратә проектқәа рцентр «АҴЛА», Аҧсны Атуризм аминистрра. Сынтәа апроект адгылара арҭеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада игрантқәа рфонд. Аусмҩаҧгатә аинформациатә цхыраара арҭеит Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс.
Светлана Губуниаҧҳа иҭабуп ҳәа ралҳәеит афестиваль ацхыраара азҭаз зегьы, убри аан ҷыдала инаҵшьны иазгәалҭеит Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵаз адгылара.
«Иҭабуп ҳәа раҳҳәар ҳҭахуп иҳадгылаз зегьы. Ҳколлектив зегьы рыхьӡала иҭабуп ахысҳәаауеит Урыстәыла иҟанаҵаз ацхыраара. Сынтәа ҳапроект иадгылеит Урыстәыла Ахада игрантқәа рфонд. Сгәыӷуеит, сынтәа афестиваль «Амандарин», — лҳәеит лара.
Афестиваль мҩаҧыслоит ажьырныҳәамза 10-нӡа. Арҭ амшқәа ирылагӡаны асасцәа Аҧсны акультура ганрацәала ирдыруеит, афатә-ажәтә ргьама рбоит, рхы рыладырхәуеит амастер-классқәа, аицлабрақәа, аинтерактивқәа.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.