Москватәи аԥсуа диаспора алахәцәа Аиааира амш аҽны Урыстәыла аҳҭнықалақь аҿы имҩаԥысыз «Ԥсра зқәым архәҭа» аныҟәара рхы аладырхәит.

Саид Барганџьиа

Москватәи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа рхы аладырхәит маи 9 рзы Москва имҩаԥысыз есышықәсатәи агәалашәаратә акциа «Ԥсра зқәым архәҭа».

Сынтәатәи акциа, егьырҭ ашықәсқәа раан еиԥш агәышьҭыҵреи ацәанырра ԥхақәеи аҵаны имҩаԥысит. Аиааира ду агара иузцәырнаго абри агәырӷьара абиԥарақәа зегьы еимнадоит, абацәеи аԥацәеи, абдуцәеи амоҭацәеи – иахьа зыԥсы ҭоуи, наӡаӡа ԥсра зқәыми еицырзеиԥшу доуҳас ирымоуп, иара убри адоуҳауп архәҭа «ԥсра зқәым» акәны иҟазҵогьы. Акциа иалахәу аӡәырҩы рхәыҷқәагьы рыцуп, урҭгьы ар маҭәала еилаҳәоуп, гәацԥыҳәарала ашҭа иқәсуеит. Ауаа амузыкатә арҳәагақәа ааргеит, бжьы хаала аибашьратә ашәақәа рҳәоит. Иара абраҟа арратә чысгьы ҟарҵоит. Асовет Еидгыла иалаз ареспубликақәа доусы рмилаҭтә колоннақәа рҽеизыргоит, Аԥсны аколоннагьы уахь иналаҵаны.

Агәаларшәаратә акциа «Ԥсра зқәым архәҭа» далахәын еицырдыруа аԥсуа ауаажәларра-политикатә усзуҩы Тарас Шамба (1992-2017 шықәсқәа рзы Жәларбжьаратәи аԥсуа-абаза жәлар рассоциациа (Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза Конгресс раԥхьатәи ахьӡ – аред.) ахантәаҩыс иҟаз.

«Аиааира амш – ныҳәа дууп, иара еиднакылоит адунеи ажәларқәа зегьы. Ҳара ҳазегьы ибзианы иаҳдыруеит шаҟа рыцҳара ауаа ирзаанага Аҩбатәи Адунеитә еибашьра. «Ԥсра зқәым архәҭа» иаҩызоу акциақәа, ҳәарада, ҳазегьы ҳаизааигәанатәуеит, аҭынчра зхы ақәызҵаз ргәалашәареи, ԥхьаҟа еиҵагыло абиԥарақәа урҭ рфырхаҵара атәы рызнагареи азы алшара ҳанаҭоит», – ҳәа азгәеиҭеит иара.

Аԥсуа гәыԥ иалахәын Москватәи аҵараиурҭақәа рҿы аҵара зҵо аҿар. Аԥсуа арԥыс, астудент Исмеҭ Дбар инапаҿы икын иабду Кәынта Дбари, уи иашьа гәакьа Мирод Дбари рфотосахьақәа.

Москватәи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа «Ԥсра зқәым архәҭа» иацныҟәеит
© МАД

«Сабду Берлин аҟнынӡа днеит, Аеҵәа Ҟаԥшь аорден ианашьан (зыӡбахә ҳәоу аорден ранашьахон Асовет Еидгыла ахьчара зҽаԥсазтәыз ауаа – аред.), иашьа Мирод ааигәанӡа хабарда ибжьаӡыз дырхыԥхьаӡалан. Ҩышықәса раԥхьа еилаҳкааит иара иҭахара шыҟалаз. Дҭахеит 1943 шықәсазы, Кьерч азааигәара», – еиҭеиҳәеит иҭаацәаратә ҭоурых Исмеҭ Дбар. Убасгьы инацҵаны иазгәеиҭеит, Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду иалахәыз ргәалашәара, урҭ рфырхаҵара аҿаԥхьа иҳаду ауалԥшьа ахамшҭра, ахәыҷқәа рымдара акырӡа шаҵанакуа.

Афашистцәа ԥыххааны ианышьҭаҵаз Аиааира амш – маи 9 – есышықәса инарҭбааны иазгәарҭоит Урыстәылеи, Асовет Еидгыла иалаз атәылақәеи рҟны адагьы, адунеи еиуеԥшым ақалақьқәеи атәылақәеи рҿы. Аԥснынтә Аџьынџьтәылатә Еибашьра ду афронт ахь ицеит 55 нызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра, урҭ рыҟнытә – 15 500-ҩык милаҭла иаԥсыуаан. Убасгьы, аибашьра афронт аҟны еибашьуан х-нызқьҩык инареиҳаны ашәуаа.