Египет иҟоу аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнак Муҳаммад Абаза еиҭеиҳәеит, Абазаа рыжәлеи рҭоурыхтә ԥсадгьыли реимадара ашьақәыргылашьа шибо, иара убасгьы далацәажәеит дара Аԥсны иаҳа иазааигәахарц азы иҟаҵатәу.

Саид Барганџьиа

Египет инхо хылҵшьҭрала аԥсуа-абаза милаҭ ахь иаҵанакуа адиаспора рҭоурыхтә ԥсадгьыл иазкны ирдыруа маҷуп, убри аҭагылазаашьа аԥсахразы, дареи рыԥсадгьыли реимадара рӷәӷәатәуп ҳәа иԥхьаӡоит Муҳаммад Абаза – Египет иҟоу аԥсуа-абаза диаспора, мамзар Абазаа рыжәла (Египет инхо ҳдиаспорахь иаҵанкуа зегьы жәлак еицныҟәыргоит – Абаза – аред.) ахаҭарнак. Абри атәы Муҳаммад Аконгресс аинфорпатрал иазеиҭеиҳәеит аԥсуа делегациа мшаԥымзазы Египет иаҭааны ианыҟаз.

Избан Абаза ажәла ахаҭарнакцәа Аԥсназы ирдыруа змаҷу?

Муҳаммад Абаза гәалсрала иазгәеиҭеит, Египет инхо аԥсацәеи абазақәеи рҭоурыхтә ԥсадгьыл иаҭаандаз ҳәа ишыҟам, насгьы Аԥсны иаҭаақәаз рҟынтәигьы даҽа знык уахь ацара згәы иҭоу шырацәам атәы. Иара игәаанагарала, уи зыхҟьо ҳџьынџьуаа рҭоурых бзианы иахьырзымдыруа ауп.

«Ҳәарада, милаҭк иатәны Египет инхо ҳазегьы, ҭаацәа дук еиԥш ҳаҟоуп. Аха, еиҳарак рхатә ҭоурых кәаданы иахьырдыруа, Аԥсны еиҳа-еиҳа иахьырхашҭуа, насгьы аҩныҵҟатәи аполитикатә кәамаҵамақәа ирыхҟьаны, арепатриациеи, Аԥсны еиҳа амадареи аидеиақәа иадгыло рхыԥхьаӡара маҷуп», – иҳәеит иара.

Иара игәаанагарала, иҟоуп даҽа мзызкгьы – зыӡбахә имоу аҭагылазаашьа аԥсахразы аусура ҳәа акгьы аԥшьгам. Иажәақәа рыла, адиаспора ахаҭарнакцәа рҟынтә џьоукы официалла иалырххьан Египет иҟоу амч нагӡа змоу Аԥсны ахаҭарнакыс. Аха урҭ «аҭоурыхтә ԥсадгьыли ҳареи ҳаимадаразы иҟарҵаз маҷуп, џьоукы ари аус азы иахәҭоу адыррақәа рымамзар ҟаларын, даҽа џьоукы ирыҭаз амчра рхатә усқәак рыӡбараҿы рхы иадырхәон».

Иахьатәи амш азы, Абаза иажәақәа рыла, Египет иҟаӡам еилазаарак, аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа зегьы еидызкыло.

Ашьаҿа маҷқәа рҵакы иазкны

Убри аамҭазы, Муҳаммад иазгәеиҭоит, аҭоурыхтә ԥсадгьыли адиаспореи реимадара арӷәӷәаразы аусура аԥшьгара шыҟало имаҷу ашьаҿақәа рылагьы, иаҳҳәап, абизнес аганахь ала.

«Иаасԥылоз зегьы ирабжьызгон Аԥсны иаҭааразы, џьоукгьы агәра дсыргеит уаҟа абизнес аԥырҵарц, анаҩс рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхараҳәа ииасырц азы. Идуумзаргьы, имаҷу апроектқәа рыла иалагарц, шьаҿа-шьаҿала. Иара убасгьы, Аԥсны инхо аԥсуа бизнесуааи Египеттәи рколлегацәеи рыбжьара аимадара ашьақәыргылара акыр сҽазысшәахьан», – еиҭеиҳәеит Муҳаммад Абаза.

Иара убасгьы инацҵаны иазгәеиҭеит, имҩаԥиго аусқәа рхыԥхьаӡараҿы ишыҟоу акрызҵазкуа ахырхарҭа – аԥсуа делегациақәа Египет раҭаарақәа реиҿкаара. Адиаспора ахаҭарнак гәахәарала Аконгресс аусура ацхыраара шаиҭало азы ажәа риҭеит.

«Иахьсылшо гәахәарала ацхыраара ҟасҵалоит», – иҳәеит Муҳаммад, иара убасгьы ацхыраара иазыхиоу адиаспора активла аус адызуло ҳџьынџьуаа рыхьӡқәа аирбеит.

«Иаҳҳәап, Моаз Абаза – хатәгәаԥхарала атуризми, акультуреи, аҭоурыхи рганахьала Аԥсны аӡбахә асоциалтә ҳақәа рҿы иӡырызго, Гехад Абаза – асоциалтәи, аҵарадырратәи хырхарҭала аус знапы алаку», – ҳәа еиқәиԥхьаӡеит Муҳаммад Абаза.

«Џьанаҭ дгьыл»

Муҳаммад ихаҭа Египет дахьыҟоу аиҭамҵмал аҭира инапы алакуп. 2014 шықәса раахыс хынтә Аԥсны даҭаахьеит. Уи аԥхьаҟагьы, 1990-тәи ашықәсқәа рзы иҭоурыхтә ԥсадгьыл аҭаара иҭахын, аха уи азы иаҭахыз зегьы издыруамызт. Муҳаммад Аԥсны даараӡа игәаԥхоит.

«Сара сахьынхо сакара тәылоуп азы, араҟа избаз аԥсабара саршанхеит, Аԥсны џьанаҭ ҭыԥуп, аиашаз. Насгьы, сара еснагь сазхәыцуан сабдуцәа рҭоурых, сҿаԥхьа иқәсыргылон еиуеиԥшым азҵаарақәа: сабдуцәа абанхоз, ишԥанхоз? Абри аҩыза адгьыл ныжьны рықәҵра зыхҟьеи? Египет ишԥананагеи? Рыцҳарақәас ирхыргазеи амҩа хара иахьынӡаныз, насгьы даҽа культурак аҟны рынхашьа-рынҵышьа шԥашьақәгылоз?» ҳәа, –иҳәеит Муҳаммад Абаза.

Аҿар аиҭныԥсахларатә программала рыԥсадгьыл ахь нхара ицалар ҟалоит

Муҳаммад игәаанагарала, иаԥшьгазар ҟалон Египети Аԥсныи инхо аԥсуа-абаза ҿар рхаҭарнакцәа реимадара ашьақәыргыларазы еиуеиԥшым апроектқәа. Урҭ рыҟнытә иаалканы иазгәаҭазар ҟалоит – аиҭныԥсахларатә нхара, Египети Аԥсныи анхашьа-нҵышьа шыҟоу ҩныҵҟала аилкааразы.

«Египетынтә ҳџьынџьуаа аԥсуа ҭаацәарақәа рҿы мызкы, ма инеиҳаны ирыцынхар бзиан, иара убасгьы аԥсуа ҿар ҳара ҳахь иаалар, Египет ҳашынхо, ҳабзазара шеиҿкаау дҳарбон. Уи, ҳәарада еиҳа иармарион ҳаимадара, иагьарӷәӷәон», – иҳәеит иара.

Муҳаммад игәаанагарала, аҿар алшара ду рымоуп. Аус ҿыцқәа раԥшьгараҿгьы еиҳа иласуп. Иаҳҳәап, Абаза иԥҳа Америка дынхонаҵы, Аԥсны иазкны адоктортә диссертациа аус адулара даҿуп. Иара убасгьы, Абаза ҿырԥштәыс иааигоит иуацәеи, иҭынхацәеи.

«Сашьа Аҟәа иааихәеит аҩны. Уажәшьҭа, шықәсык ахь знык иадымхаргьы Аԥсны даҭаалоит, атәанчара дцар – нхара ҳәа Аԥсныҟа диасуеит. Сашьа иҷкәынгьы, Испаниа иҵара анхиркәшалак ашьҭахь, игәы иҭоуп Аԥсныҟа нхара ҳәа аиасра, уаҟа анџьныртә бизнесгьы аартра. Иаҳа ирацәаны аимадароуп иаҳҭаху», – иҳәеит Муҳаммад.

Ҳазҭоу ашықәс мшаԥымзазы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахаҭарнакцәа усуратә ныҟәарала Египет иаҭааны иҟан. Аусуратә аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥган адиаспора активистцәеи, акульутра аузуҩцәеи, ажәла Абаза аҭоурых аспециалистцәеи рԥыларақәа, ԥхьаҟатәи аусеицура амҩақәа азгәаҭан, аиқәшаҳаҭрақәа напы рыҵаҩын.