23102

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы, Аԥсуа-абаза милаҭ рыҿиара ацхырааразы жәларбжьаратәи ахеилак «Алашара» ахада Мусса Егзакь иеиҭаиҳәеит Аконгресс аусура шеиҿкаахо, иара убасгьы «Алашра» Нхыҵ Кавказимҩаԥнагоз аусура аԥышәа Аԥсныи аԥсуа диаспора ахьықәынхо атәылақәеи рҿы ахархәара шаҭахо.

Мусса Егзакь иаликааит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аусура ззынархахоихадароу ԥшь-хырхарҭак. Уахь иаҵанакуеит Аԥсуа ҳәынҭқарра аиқәырхареи арҿиареи ирызку акомплекстә программа аԥҵара, иара убасгьы адунеи иқәынхо Абаза жәлар рыбжьара абизнес знапы алаку рылшарақәа реизакреи, рхархәареи. 

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы дырзааҭгылеит убасгьы ахеилак «Алашара» Нхыҵ Кавказ имҩаԥнагоз аусқәа, насгьы убри аусураан идырҳаз аԥышәа Аԥсныи, аԥсуа-абаза диаспора ахьынхо арегионқәеи рҟны ахархәара ауҭар шауа еиҭаиҳәеит.