Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь адунеи иқәынхо абаза жәлар Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит.

АААК ИА ахантәаҩы Мусса Егзакь адунеи иқәынхо аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа иааиуа 2021-тәи ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит.

Егзакь иазгәеиҭеит 2020 шықәса даара иуадаҩны ишымҩасыз, ачымазараҿкы амшала аӡәырҩы ргәакьацәа, рҩызцәа ираамҭаӡамкәа ишрыԥхаз. Аха егьа ус акәзаргьы, ииасыз ашықәс абзиарақәа иацызгьы маҷым, иаҳҳәап, ахәыҷқәа рацәаҩны иит. Мусса Егзакь иажәақәа рыла, ари гәҽанҵароуп, иахьала мацара инхатәым, уҵәтәи амш уазхәыцлароуп ҳәа ҳаҵазҳәо.

«Ҭаацәа дук реиԥш сызхәаԥшуа ҳажәлар рахь исымоу абзиабара, доусы илахьынҵазы аҭакԥхықәра сыдны иахьысыԥхьаӡо, ҳабдуцәа ргәыӷрақәа инагӡатәны иҳаду, нас Ҳазшаз снпы ианиҵаз агәрагареи – абарҭқәа зегьы амч сырҭоит сызҿу аус аҟаҵаразы. Сара абаза жәлар реиҭеира садгылаҩуп, ҳкультуреи ҳатрадициақәеи реицамкра, ҳхатәы бызшәа аҿиара, агәыбылреи ақьиареи аҳра руа аҟазаара – абарҭқәа сырзықәԥаҩуп. Аԥсни Урыстәылеи рԥеиԥш лаша сгәазыҳәоит!» – иҳәеит Егзакь.

Иара иадныҳәаларатә ажәаҿы аиҳабацәа рабиԥарахь ихы нарханы ирзеиӷьеишьеит «доусы рхылҵ-ԥылҵ рыбзиара нагӡаны ирбо, аҳаҭырқәҵареи агәыбылреи шьҭас измоу реизыҟазашьаақәа рыла ргәы ҭынчны иҟазарц. Анаҩс Мусса Егзакь аҿарацәагьы аныҳәа рыдиныҳәалеит.

«Ҳхьыбҿар, ишәзеиӷьасшьар сҭахуп гәыкала бзиа ибаны аҵарамш шәҵарц, аспорт, аҟазара шәрылахәзарц, ҳкультуреи ҳхатәы бызшәеи шәырзыгәдуны ишәызҳаларц!» – иҳәеит иара.

АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы аҭаацәарақәа зегьы ирзеиӷьеишьеит аҳәоуеиқәшәареи аилибакаареи, иара убас атрадициақәа ԥымккәа иааргаларц.

«Исызгәакьоу, сгәы иазааигәоу, абаза жәлр еиднакыло ауааԥсыра зегьы! Ашықәс ҿыц – ҭаацәашәатә ныҳәоуп, доусы шәыҩнаҭақәа рҿы аԥхарреи, аҭынчреи, аилибакаареи аҳра рулааит. Шәыгәқәа бзиазааит! Иааиуа 2021 шықәса шьаҿа ӷәӷәала, ҳнапқәа еибаркны ҳҭалааит, аԥеиԥш лашахь ҳазго амҩа ҳаныланы. Шәҭаацәарақәа еиҳа-еиҳа иӷәӷәахалааит зегь рыла: аилибакаараҿы, абзиабареи анасыԥи рганахьалагьы. Зегьы еилаҳкаауа ҳҟалааит аӡәыкны ҳаидгылара, ҳакзаара – иреиҳаӡоу насыԥны ишыҟоу. Убасҟан еиҳагьы пату еиқәаҳҵалоит, ҳаихӡыӡаалоит, ҳабдуцәа иҳарҭаз хәы змаӡам адоуҳатә малгьы ҳаиҷаҳалоит – жәларыкны ҳҟазҵо ҳбызшәа, ҳкультура, ҳқьабзқәа», – иҳәеит иара.

Мусса Егзакь игәаанагарала, «акзаара анасыԥ» аҵакы ҳзеилкаар, доусы иԥсҭазаарагьы еиҳа ихамшҭыхәны имҩаԥысуеит. Иара иазгәеиҭеит ажәлар гәырӷьаҵәа иахьықәынхо атәыла узазымиааиуа зегь рыла иӷәӷәахоит ҳәа. Аҵыхәтәан, ашықәс ҿыц азы зегьы ргәы бзиазарц, иманшәалазарц азеиӷьшьара ҟаиҵеит.