Аепос – жәларык рлегендақәеи рмифқәеи еидызкыло баҟак аҳасабала иконкреттәу авторк дамаӡам, иагьышьақәгылоит шықәсырацәала. Нарҭаа репос ижәытәӡатәиу фольклортә баҟаны иахьыҟоу адагьы, аԥсуа жәлар зқьышықәсала ишьақәгылоз рыбзазашьа аҭҵаараҿы аҭоурыхдырцәа ирыхәо, хәы-змаӡам материалуп.

Асҭа Арӡынԥҳа

Ажәа «аепос» ажәытә бырзен бызшәа аҟынтә иаауеит. Алитератураҿы ихадоу ажәабжьеиҭаҳәаратә жанрқәа хԥа ируакуп, алирикеи адрамеи инарываргыланы. Аинтерес зҵоу акоуп аепос автор дахьамам. Уи аҿиареи ашьақәгылареи аамҭа рацәа агоит, аԥҵара иалахәуп ажәлар зегьы. Убри аҟнытә афырхацәа ирызку алегендакәеи амифқәеи инарываргыланы иара иагәылоуп ажәытәан ажәлар рыԥсҭазаашьа зеиԥшраз азы аматериал. Лассы-лассы уи ажәытәтәи аҭоурых даара иҵаулоуп.

Индиа жәлар репос «Рамаиана» ашумерцәа рҿы – «Гильгамеш», мамзаргьы аерманцәа рҿы – «Давид Сасунтәи» шыҟоу еиԥш, Кавказ жәларқәа ирымоу Нарҭаа репос адунеитә фольклор ижәытәӡатәиу баҟоуп. Кавказ жәларқәа рфырхаҵаратә епос иахьанӡа аԥсы ҭаны иаҳзааит, уи злаԥҵоу асахьаркыратә ажәа уаршанхаратә иҟоуп.

Ҿаԥыцла иааргоз. Нарҭаа репос ашьақәгылара.

Амч дуи афырхаҵареи злаз, адоуцәа ирабашьуаз, хьыӡрацра ицоз аишьцәа ирызку амифқәа змоу Кавкз жәларқәа рацәоуп. Раԥхьаӡа иргыланы аԥсуа-адыга жәларқәа – аԥсуаа, ашәуаа, аубыхцәа, адыгаа, аҟабардақәа, ачерқьесцәа. Иара убас ауаԥсаа: аҵарауаа шьоукы ргәаанагарала ашәуаа рнарҭтә епос еиҳа иҵаулоу ашьаҭақәа амоуп. Нарҭаа ирызку ажәабжьқәа уԥылоит иара убасгьы аҟарачқәеи абалкарцәеи рҟны. Уарла-шәарла иҟоуп аваинах фольклор аҿгьы – ачечен жәлари аингуш жәлари рҟны.

Абарҭ ажәабжьқәа зегьы рсиужетқәа реиҳарак шеиԥшугьы ажәларқәа, досу репос иамоуп иара ахатә ҷыдарақәа. Иҟалап уи зыхҟьаз ажәабжьеиҭаҳәацәа дара рыжәлар азы иҟазшьарбагаз адунеиҳәаԥшышьеи рыгәрахаҵарақәеи ахьаларҵоз азакәзар.

Нарҭаа репос бызшәалеи етникатә хылҵшьҭарлеи еигәыцҳәым ажәларқәа иахьырзеиԥшу – иџьашьатәу фактуп, акыршықәса раахыс афольклористцәа дуқәа заартра иашьҭоу маӡоуп. Аха иахьа уажәраанӡагьы урҭ акаҿы изымааицт. Шьоукы ргәаанагарала, аепос аԥырҵеит Кавказтәи абызшәатә ҭаацәара иатәу ажәларқәа, ауаԥсаа уи ахьрымоу акәзар – даҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәоит урҭ Кавказ ишашьагәыҭу, џьарантә иқәнагалаз аскифцәеи асарматцәеи ишырхылҵшьҭрам.

Даҽа шьоукы изларыԥхьаӡо ала, Аахыҵ-Кавказтәи аҭоурыхқәа еиқәдырхеит ажәытә ирантәи ашьагәыҭ, иара ажәа «нарҭ» ахаҭагьы ирантәи ахылҵшьҭра амоуп, индоевропатәи абызшәақәа рҟынтәи иаауеит иагьаанагоит «афырхаҵа» ҳәа. Убри аан аҵарауаа еиқәшаҳаҭхоит аԥсуа-адыга жәларқәа репос архаикатә цәаҩа шахоу, ижәытәӡатәиу атрадициақәеи азхаҵарақәеи рышьҭамҭа шаныԥшуа, ауаԥс ҳәамҭақәа ракәзар, хықәкыла аус рыдулан, еиԥшьу, еишьҭанеиуа иҭәышәынтәалоу аҭоурых ашьақәыргылара хықәкыс иҟаҵаны.

Нарҭаа репос ҿион иагьышьақәгылон Кавказ ашьхақәа рҿы зқьышықәсала. Аҭҵааҩцәа реиҳараҩык изларыԥхьаӡо ала, иара ҿио иалагеит ҳера ҟалаанӡа VIII-VII ашәышықәсақәа рзы. Егьырҭ аҵарауаа ирҳәоит Нарҭаа ражәабжьқәа рхыҵхырҭа ыҟоуп ҳәа ҳера ҟалаанӡа III азқьышықәсаҿы. Ус акә, егьыс акә гәаанагарак ҿыӷәӷәала иуҳәар улшоит: Нарҭаа репос иит Кавказ ақьырсианреи амсылманреи рықәнагалара акырӡа шыбжьаз. Уи аршаҳаҭуеит Нарҭаа аишьцәа дуқәа ирызку ажәабжьқәа ирныԥшуа аполитеизм.

Нарҭаа ирызку аҭоурыхқәа шьоукы-шьоукы ациклқәа рҿы еидкылахон. Урҭ еидҳәалахон ирзеиԥшу асиужет, ма ахронологиа ала. Аамҭа цацыԥхьаӡа Нарҭаа ирызкыз хаз-хазы иҟаз амифқәа зегьы еицыло ишьақәгылеит иаку аепос. Ари апроцесс хырқәшахеит ҳәа иԥхьаӡоуп абжьарашәышықәсазы – XII-XIII ашәышықәсақәа рзы. Ари аамҭазы Кавказ ицәырҵхьан ақьырсианреи амсылманреи, урҭ адинқәа рныԥшуеит хронологиала иҵыхәтәантәиу Нарҭаа ражәабжьқәагьы. Ижәытәӡатәиу аҭоурыхқәа рҟны архаикатә дунеихәаԥшышьа ааԥшуазар, аҵыхәтәантәиқәа рҿы – иуԥылоит амонотеисттә динхаҵарақәа иртәу асимволқәеи, атрибутқәеи.

Уи адагьы, ажәабжьеиҭаҳәацәа лассы-лассы рҭоурыхқәа ҳаамҭа иақәшәо иҟарҵон, ирзыӡырыҩуа иаҳа аинтерес ддыркырц азы. Иаҳҳәап, ауаԥсаа репос аҟны Нарҭ Баҭраз абзарбзан дҭатәоит, нас далахысны аӷа ибаа иҽагәыдиҵоит, убри аан иазгәаҭатәуп, абзарбзан еиԥш иҟаз абџьар Кавказ ишцәырҵыз XVI–XVII ашәышықәсақәа рҳәааҿы.

Абас ала Нарҭаа репос жәлар рҿапыцтә ҳәамҭақәа ирбаҟаны иахьыҟоу адагьы иҭоруыхтә хыҵхарҭоуп. Аепос еиуеиԥшым аганқәа рыла ианыԥшуеит иара аԥызҵаз ажәлар рсоциалтә-економикатәи ркультуратәи ҿиарақәа еиуеиԥшым апериодқәа: аматриархат аамҭақәа инадыркны афеодалтә-класстә еизыҟазаашьақәа рышьақәгылара аҟынӡа. Убри азоуп Нарҭаа репос – жәлар рнапы иҵыҵыз автографуп ҳәа изашьҭоу.

Аԥсуаа рҿы Нарҭаа репос аԥҵоуп прозалеи жәеинраала формалеи. Убри аан прозала иаԥҵоу ажәабжьқәа акыр еиҳауп.

Еицырдыруа аԥсуа ҵарауаҩ Шьалуа Инал-иԥа иҩуан: … аепос хазы игоу афрагментқәа аԥхьарца ианҵаны ашәаны ирҳәоит. Аха иашәаны ҳаамҭанӡа иааӡаз аепос ахәҭақәаа – абжьи амузыкеи ахьузеидымхуа, даараӡа имаҷуп (иҟоуп иҷыдоу Нарҭаа рмелодиа), зны-зынлагьы акәашара ацуп (иаҳҳәап «Нарҭаа лан лашәа» аҟны ишыҟоу еиԥш).

Ажәа «нарҭ» хыҵхырҭас иамоу азы аверсиақәа иҟоу рацәоуп. Аҵарауаа шьоукы ари ажәа адҳәалоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит ахурритцәа рҭыԥхьыӡ Нахриа. Егьырҭ изларыԥхьаӡо ала, ари ажәа аԥсуа хылҵшьҭра амоуп. Даҽа шьоукых ишьақәдырӷәӷәоит ажәа «нарҭ» амонголтә шьагәыҭ амоуп ҳәа – амонгол ажәа «нара» ианагоит «амра», уи аҵыхәтәан иацлеит ауаԥс суффукис «т» - ахьыӡҟақәа рҿы арацәа хыԥхьаӡара арбага (ари аморфема ахархәарала иахьагьы ауаԥс бызшәаҿгьы ажәлақәа шьақәгылоит). Аха аҵарауаа реиҳараҩык ргәаанагарала, зегь реиҳа аҵабырг иазааигәоуп ҳазлацәажәо атермин аиран хылҵшьҭра амоуп ҳәа агәаанагара. Хыхь ишазгәаҳҭахьаз еиԥш, ажәа «нарҭ» еиԥшуп ҳәа рыԥхьаӡоит ирантәи ажәа «нар».

Аиҟарареи адемократиеи. Иазусҭцәадаз Нарҭаа?

Аԥсуаа изларыԥхьаӡо ала, Нарҭаа – ҭаацәароуп, шәҩык аишьцәеи раҳәшьазаҵә Гәындеи, урҭ зегьы зхылҵыз ран Саҭанеи-Гәашьеи назлоу. Абри аҭаацәара ду жәларык ирсимволуп.

Нарҭаа – зоуреи зыҭбаареи дуу, амч ду злоу фырхацәоуп. Зныктәи аҳәаҟьарала хра дук еиҩырсоит, знык иԥаны атыша ду иахыԥоит, ахыци ахәымпали рыла икылкааны ихысуеит, аҳәа акраҿы ирацлабуа дыҟам. Ганкахьала ргәы ҭбаауп, игәымшәақәоуп, ифырхацәоуп. Даҽа ганкахьала – ауаҩытәыҩсатә цәаҩақәа рыцәтәымым: ашьыцра, ахыбаара, агәыԥжәара. Иара уи аамҭазы, рыиашьара ӷәӷәала еидҳәаланы иакуп.

Аишьцәа раамҭа аиҳарак хьыӡрацарала имҩаԥыргоит: адауцәа-ауаажьыфацәеи, аҭакәажә омагеи, атәымқәылаҩцәеи, амаҭ дуқәеи ирабашьуан. Иқәыланы амал еидыркылоит, уаҩ дыззымиааиуа абаашқәа ргоит, анхарҭа-хыҵакырҭа змам ауаа рыхьчоит… Аибашьратә хьӡи-ԥшеи раагарала иҭәуп рыԥсҭазаара зегьы. Убас иҟоу хьыӡрацарақәа рыла ишьақәгылоуп Нарҭаа репос ихадоу асиужетқәа.

Аԥсуа Нарҭтә епос афырхаҵа хада Нарҭ Сасрыҟәа иоуп, ахаҳә иахшаз. Сасрыҟәа иҭоурыхқәа аепос иагәыцәуп. Сасрыҟәа ихаҿсахьа идеалыртәуеит, уи иашьцәа еиқәирхоит аҵх еиқәара ианалахаз, ахьҭа иакны. Дхысны аеҵәа кыдиԥаан, иашьцәа алашара дирбеит, нас адауцәа амца рымҵиԥаан иашьцәа ириҭеит. Афырхаҵарақәа ҟаиҵоит, ахымхәацәа дрыцхраауеит, аиашара шьақәирӷәӷәоит. Сасрыҟәа ихала агәылшьап шьны, иашьцәа адауԥҳәыс лымгәарҭа аҟынтә иҭыганы рыԥсқәа еиқәирхоит.

Сасрыҟәа днашԥан ҳәа иашьцәа еиҳабацәа драҭәаршьаӡомызт, дрывадыргылаӡомызт. Уи адагьы имч-илшарала дахьреиӷьыз азы иҵашьыцуан, егьараан рыԥсқәа шеиқәирхахьазгьы. Аҵыхәтәан аишьцәа аџьныш ҭакәажә лҟны Сасрыҟәа иԥсырҭа ахьыҟаз еилкааны даԥырырхуеит.

«Аихеиԥш амца дахакны арԥыс данырӡрыжәуаз,
Арыҭәала иарӷьа шьапы ркын,
Убри аҭыԥ оуп иуашәшәыроу, уброуп иԥсырҭа ахьыҟоу», — ҳәа аҳәоит аепос.

Нарҭаа репос иалоу ахаҿсахьа хадақәа дыруаӡәкуп Сатанеи-Гәашьагьы – имажәуа, ҟәыӷара згым Нарҭаа зегь ран. Адунеитә поезиаҿы иреиӷьӡаны иаарԥшу аҳәса рхаҿсахьақәа дыруаӡәкуп Саҭанеи. Дҟәышуп, дгызмалуп, анхамҩаҿгьы илзымдыруа ҳәа акгьы ыҟаӡам. Нарҭаа еснагь лабжьагажәа иаҳәоит, ирабжьылгогьы еснагь хра аманы иҟоуп. Уи лажәа иқәныҟәоз лԥацәа, лыбзоурала акырынтә аԥсра иахыԥахьан.

Шьалуа Инал-иԥа Саҭанеи-Гәашьа лхаҿсахьазы иҳәеит ажәлар рыхшыҩи рыламыси зкыз лакәын ҳәа.

«Сатанеи — зегь рыла ихазыноу аԥҳәыс лхаҿсахьоуп, мрада дкаԥхоит, мзада дкаҷҷоит. Саҭанеи лоуп Нарҭаа рыжәла хацзыркыз, уи ахаҿгьы игылоу, ахәышҭаарамца еиқәырханы иаазго, аҩнаҭа ныҟәызго, иҟалаша здыруа, жәлар рырҵаҩысгьы иҟоу», – ҳәа иҩуан аҵарауаҩ.

Нарҭаа репос ҭызҵаауаз аҵарауаҩ нага Уасил Абаев иакәзаргьы, иазгәеиҭон: «Нарҭа ухаҿы иааугар улшоит, дарбанызаалак аӡә даалхны, иара афырхаҵа хадагьы уахь дналаҵаны, аха Саҭанеи лыда Нарҭаа репос ухаҿы иузаагом».

Саҭанеи пату ду лықәырҵоит Нарҭаа зегьы, дара рыбжьара зегьы иреиҳаӡоу астатус змоугьы лара лоуп.

«Лыҷкәынцәа акаҿы ажәа лымаркуамызт. Ан аӡә лоуп иҟоу, дара – шәҩык. Ран лганахь рыбжьы ааҭыргар, илылшарызи рҿаԥхьа?» – ҳәа аҳәоит ажәабжь.

Егьырҭ аҳәса рхаҿсахьақәа уи аҟара ирацәаны иуԥылом Нарҭаа рҳәамҭақәа рҟны. Аҭыԥҳацәа еиҳарак афырхацәа еимакырҭас ироуаз мзызхон.

Нарҭаа рыдагьы аепос асиужетқәак рҟны ицәырҵуеит анҭыҵтәи афырхацәагьы. Аинтерес аҵоуп убас иааз афырхаҵа Нарџьхьоу изку аепизод, уи дымҵаирсуеит Нарҭаа раҳәшьазаҵә Гәында-ԥшӡа. Абар аепос аҟны ишаарԥшу аишьцәа ашәҩык раҳәшьазаҵә лхаҿсахьа: «Лара илыхьӡын Гәында, ԥшралеи сахьалеи дыблахкыган азы Гәында-ԥшӡа ҳәа илышьҭан. Нарҭаа раҳәшьа рнапы дықәыргыланы дырбон, уамакала илыхӡыӡаауан. Ахан хьыҵәцараҿы дынхон Гәында-ԥшӡа. Лшьапы ахаан адгьыл иқәымсыцызт. Лашьцәа шәарах баҩлашала ддырчон. Аҭыԥҳа лцәеижь ашәаӡа еиԥш ипашәын, иԥшқан. Лоуразоуроу длаша-лашон. Уаҩытәыҩсатә бызшәала еиҭаҳәашьа узаҭомызт Гәында лыԥшӡара».

Нарџьхьоу Нарҭаа дреиуам, аха иӷәӷәаралеи игәымшәаралеи урҭ дрыҵахом. Аиха хапыцқәа имоуп, зынџьырла дҭаԥахны дҿоуҳәаргьы, еиҩҵәҵәаны инықәиҵоит, иԥаҵақәа аџыр иалхуп. Хәажәарԥыс изҳәаны итәаз Гәында-ԥшӡа дымҵаирсуеит Нарџьхьоу. Зыԥҳа лынасыԥ иаӷрагылаз Нарџьхьоу дахьлырхәырц Саҭанеи-Гәашьа уи дхаҳәылтәуеит, Хәжәарԥыс иакәзар – дхәажәхоит.

Адунеи – аханатә иаԥу ак акәны. Нарҭаа зегь реиҳа бзиа ирбоз

Аинтерес зҵоу акоуп, Нарҭаа рҳәамҭақәа рҟны адунеи ауаҩыи шыҟалаз ҳәа рыӡбахә ахьҳәам, егьырҭ ажәларқәа репосқәа ракәзар, ирныԥшуеит жәларыцыԥхьаӡа рдунеихәаԥшышьа инақәыршәаны адунеи аҟны аԥсҭазаара шышьақәгылаз. Нарҭаа ракәзар, адунеи аҟазаара рыдыркылоит аханатә иаԥу акеиԥш, убри оуп рдунеихәаԥшышьа шьаҭас иамоугьы.

Нарҭаа рпантеон аҟны иҟоуп анцәахәқәа, иаҳҳәап – адади амацәыси ранцәахәы Афы, абнақәеи ашәарахи рынцәахәы – Аергь-Ажәеиԥшьаа, убас егьырҭгьы. Ус шакәугьы, аполитеисттә еилкаара инақәыршәаны, дара нцәақәоуп ҳәа узыҳәаӡом. Нарҭаа аҭыԥ ԥшьақәа ҳәа акгьы рымаӡам, анцәахәқәа рыхьӡала ашьтәашьырагьы ҟарҵаӡом. Уи аамҭазы, дара агәра ргоит еилкаашьа змам, идгьылтәым амч – адоуҳа шыҟоу, рангьы Саҭанеи-Гәашьа уи шлымоу.

Нарҭаа репос ихадоу темас иамоуп апатриотизм, рыԥсадгьыл ахьчараҿы агәымшәареи ахаҵареи рааԥшра. Уи аамҭазгьы, Нарҭаа ртәыла аҟны аибашьцәа реиҳа имаҷым ҳаҭыр рымоуп анхацәагьы: ажьицәа, адгьылқәаарыхцәа, арахә ахьчацәа. Урҭ, аибашьцәа реиԥшҵәҟьа жәлар рашәа иалоуп. Убасгьы аепос аҟны иаарԥшу темақәоуп – аҳәса пату рықәҵара, аиҳабацәа рыхӡыӡаара, ҿыц игыло абиԥара рааӡара.

Иҷыдоу аҭыԥ аепос аҟны иаанакылоит – аҽы. Нарҭаа рзы уи ҩыза бзиоуп, иара аҽы зтәу еиԥшҵәҟьа амч алоуп. Нарҭаа рҳәамҭақәа рҟны, аҽы ауаҩы игәрагара иалагоит иара ихаҵареи, иашарала ишныҟәигои анааирԥшлак ашьҭахь. Убас иҟан Сасрыҟәа иҿгьы – ицәажәоз анашанатә ҽы Арашьи иареи раԥхьаӡатәи реиқәшәараан. Уи ашьҭахь Арашь Сасрыҟәа изы хәы змам цхырааҩны иҟалоит.

Нарҭаа репос – изхылҿиааз ажәлар рҭоурых иацаԥхоуп, убасгьы иацаԥхоуп урҭ ркультура, дацла ажәытәрахь ицо. Иҭҵаау аматериалгьы – иҿыцу аартрақәа рзы ихыҵхырҭахар ауеит. Ҳара ҳҟынӡа имааӡаз аматериал шырацәоу атәы ҳамҳәаӡаргьы, уи еилкаау усуп. Иҟалап, хадара злоу Нарҭаа репос ахәҭақәа ибжьаӡыз ирылазаргьы.

Нарҭаа репос аҭҵаара иалагеижьҭеи рацәакгьы ҵуам, анауктә ҭҵаарақәа хацыркын XIX ашәышықәсазы. 1940 шықәсазы раԥхьаӡакәны икьыԥхьын Нарҭаа ирызку аҳәамҭақәа ԥшьба. 1988 шықәсазы иҭыжьын ашәҟәы «Нарҭ Сасрыҟәеи 99-ҩык иара иашьцәеи». Нарҭаа репос аҭҵаараҿы иналукааша аҭыԥ ааникылоит, академик Шьоҭа Салаҟаиа – раԥхьаӡатәи ипрофессионалтәу аԥсуа фольклорист-нарҭҭҵааҩы, аепосҭҵааҩы. Иара уабасгьы зыхьӡ нагоу афольклорҭҵааҩы, хықәкыла Нарҭдырра знапы алаку, Кавказ афольклорҭҵаараҿы злагала рацәоу академик Зураб Џьапуа.