Аԥсуашәа иазку адокументалтә фильм ҿыц раԥхьатәи арбара мҩаԥысит Аҟәа, иара ҭыхуп аԥсуа-абаза жәлар рдоуҳатә-культуратә ҭынха иазку АААК апроект «Амазара» аҳәаақәа ирҭагӡаны.  

Аԥсуа жәлар рашәақәа ирызку адокументалтә фильм ҿыц аԥхьарбара мҩаԥысит Аҟәа лаҵарамза 16 рзы. Афильм ҭыхуп Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси ИАЕ «Алашареи» еицаԥырҵаз аԥсуа-абаза жәлар рдоуҳатә-культуратә ҭынха ахьчара иазку апроект «Амазара» аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Афильм зегь раԥхьа иддырбеит Аԥсны ажурналистцәеи, ҷыдала ааԥхьара зауз асасцәеи, афильм алахәцәа рхаҭақәеи. Аамҭала 27 минуҭ инаӡо акиносахьа ахәаԥшцәа иранаҳәоит аԥсуа жәлар рашәақәа фба рҭоурых:урҭ ажәытәан ишынарыгӡоз, риишьа шыҟазал, хҭысс, ма цәырҵрас изыдҳәалаз, иара убас, ҳәара аҭахума, дара ашәақәа рхаҭақәагьы уаҳауеит. Араҟа иаагоуп агарашәа, ахәрашәа, аџьашәа, аҭацаагарашәа, Ӡиуоу, нас Анцәа рашәа. Ашәақәа нарыгӡеит Гәдоуҭатәи афольклортә хор «Ахьышьҭра» алахәцәа.

Афильм анаанҵәа азал аҿы итәаз ашәаҳәаҩцәа – аӡәгьы дазыԥшӡамкәа – иҩагылан ажәлар рашәа аацәырыргеит.

АБРИ АХҬЫС ИАЗКУ АВИДЕО АХӘАПШРА>>

Аԥхьарбара иалахәыз Аԥсны афырхаҵа Баҭал Кәабахьиа иажәақәа рыла, афильм аԥҵаҩцәа ирылшеит аԥсуаа рашәаҳәаратә ҟазара аҵаулара аарԥшра. 

«Ҳажәлар зегь еицыртәу адоуҳатә мал ҳабла иабартә иҟарҵеит афильм аԥҵаҩцәа. Иара асувениртә ҟазшьа амаӡам. Сара скультура даҽаӡәы изы «исувенирзар», усҟан адунеи егьырҭ акультурақәа изларывагылои? Аԥсны иҭырхуа адокументалтә фильмқәа рҟны апафос дыррацәоит еиҳарак, «арԥшӡацәара» анаԥырхагоу ыҟоуп. Ара уи аҩыза ыҟаӡам, аҵаулара, архаика, аепос – зегь ҭанагӡеит», – иҳәеит иара. 

Баҭал Кәабахьа агәра ганы дыҟоуп «Ахьышьҭра» иреиӷьны Аԥсны ашәа зҳәо даҽа коллективк иахьазы ишыҟам, иара иазгәеиҭеит иахьатәи аамҭазы абас лабҿаба ахор уахьырзыӡырҩыша аҭагылазаашьакәа маҷны ишаԥҵоу. Ирҽхәеит арежиссиор Мадина Аргәын лусурагьы, атеатр арежиссиор адокументалтә фильм ахьҭылхыз – «ԥышәа бзиоуп» ҳәа ахиҳәааит. 

Афильм иахәаԥшыз ируаӡәку Ацәыргақәҵатә зал хада адиректор Ельвира Арсалиаԥҳа лажәақәа рыла, АААК апроект «Амазара» – хәы змаӡам акоуп.

«Адоуҳатә культура аиқәырхаразы Аконгресс иҟанаҵо азы лымкаала иҭабуп ҳәа раҳәатәуп. Мадина лакәзар, режиссиорк лаҳасабала аарԥшра лылшеит амузыка – ажәлар ркультуратә еизҳара иузаҟәымҭхо абеиарақәа ишреиуоу, ауаҩы идунеихәаԥшышьа, идунеидкылашьа шышьақәгылоу аазырԥшуа», – лҳәеит Арсалиаԥха.

Аԥхьарбара аҭааҩцәа зегьы еицгәарҭеит афильм АААК аинфопортал амчала ф-бызшәак рахь иахьеиҭагоу аԥсуа культура адунеи аларҵәаразы зеигьыҟам ак шакәу. 

«Ҳара жәларык еиԥш ҳаиқәхарц ҳҭахызар, ҳкультура анҭыҵ аӡыргарагьы даараӡа акраҵанакуеит. Ф-бызшәак заҳауа ауааԥсыра рхыԥхьаӡара акырӡа ирацәоуп, ус анакәха афильм алаҵәара бзиа аиуеит. Ҳкультура абри аганахьалагьы ишбеиоу ззымдыруа аӡәырҩы ыҟазар ауеит. Уажәшьҭа ҳажәлар рашәақәа адунеи ахьынӡанаӡааӡо изҭаху ираҳар рылшоит, ахор иалоу абаҩхатәра злоу абарҭ аҿар рыбзоурала», – ҳәа ацылҵеит Арсалиа. 

Афильм арбара ашьҭахь Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс апресс-центр аҟны имҩаԥысит уи аԥҵаҩцәа рыпресс-конференциа.

Ажәа рыманы иқәгылеит афильм арежиссиор Мадина Аргәын, АААК Аҳәса рхеилакқәа рнапхгаҩы Гета Арӡынԥҳа, апресс-конференциа амодератор, АААК аинфопортал анапхгаҩы Амина Лазԥҳа, афольклортә хор «Ахьышьҭра» анапхгаҩцәа Есма Гәынԥҳаи Саида Џьниаԥҳаи, акомпозитор Ҭемыр Агрба, иара убас аоператор Наала Аҩӡԥҳа. Дара зегьы ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак ҟарҵеит, арҿиаратә гәыԥ реидкылара шымҩаԥысуаз атәы рҳәеит, асценари аҩра шыҟалаз, ашәақәа ралхраан изықәныҟәоз, аҭыхрақәа рымҩаԥысшьа ухәа ртәы инарҭбааны иазааҭгылеит.

АААК Аҳәса рхеилакқәа рнапхгаҩы Гета Арӡынԥҳа ажурналистцәа ирзеиҭалҳәеит , ари апроект иацҵауа Аконгресси Аԥсны акультура аминистрреи еилахәны акомпозитор- аетнограф Константин Ковач 1929 шықәсазы иҭыҵыз ишәҟәы «Аԥсуа жәлар рашәақәа 101» аиҭаҭыжьра ишаздырхио.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси ИАЕ «Алашареи» рыпроект «Амазара» аԥсуа-абаза жәлар рдоуҳатә-культуратә ҭынха ахьчара иазкуп. Аидеиа авторс дамоуп АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь. Апроект хықәкыс иамоуп ҳажәлар рдоуҳатә-культуратә ҭынха аиқәырхареи аларҵәареи ҳаамҭазтәи аинтернет-технологиақәа рхархәарала. Уаанӡа ари апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны ицәырган афильмқәа хԥа: аԥсуа кәашара иазку, аԥсуа жәлар рашәа иазку – «Нарҭаа рышьҭыбжь», абаза ҳәызбақәа ирызку.