Ҳазҭоу амзазы аԥсуа делегациа маҵураныҟәарала ирҭааит аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа ахьынхо Мраҭашәаратәи Европа атәылақәа, ари аныҟәара хыркәшан Германиа АААК арегионалтә ҟәша аартрала.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс арегионалтә ҟәша уажәшьҭа иаԥҵоуп Германиагьы: уи аартуп АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь инапынҵа инақәыршәаны, ԥхынҷкәын 16 рзы ихыркәшаз Аконгресс аделегациа Мраҭашәаратәи Европа атәылақәа рахь русуратә аҭаара иалагӡаны. Аделегациа иалахәын – АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба, Иреиҳаӡоу ахеилак алахәҩы Виачеслав Чрыгба, Аинформациатә портал анапхгаҩы Амина Лазԥҳа.

Аконгресс аделегациеи аԥсуа-абаза диаспореи реиԥылара мҩаԥысит Германиа, анемец коммуна Мосбург аҟны: 27 шықәса ҵуеит араҟа аус ауеижьҭеи Аԥсуа культуратә хеидкыла (адернеқь), уи иалахәуп шәҩык инареиҳаны Бавариа инхо аԥсуа-абаза милаҭ ахаҭарнакцәа.

АААК еиҿнакааз ҳџьынџьуаа рԥылара даҭааит иара убасгьы Миунхен инхо Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак алахәҩы Ерқан Ҳаџьымба. Уи иажәақәа рыла, ари аиԥылара «иахьатәи аамҭа иақәшәо, акыр ихәарҭоу хҭысуп».

«Германиа инхо аԥсуаа, иаартны иуҳәозар, рҭоурыхтә ԥсадгьыл иадҳәалоу абас еиԥш аиԥыларақәа даара игәхьааганы иҟан: аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы акультуратә активра акыр иԥсыҽхеит. Аконгресс ахаҭарнакцәа еизаз ауаа ирацәажәацыԥхьаӡа урҭ еиҳа-еиҳа ргәы аатуан, ари аиҿкаара иамоу аидеиақәа рныруан, аиԥылара ахыркәшамҭаз уи иалахәыз зегьы аӡәк еиԥш еидкылахеит», - иҳәеит АААК Иреиҳӡоу ахеилак алахәҩы.

Иара излаиԥхьаӡо ала, аудиториа еиҳарак ргәы зырԥшааз аделегациа алахәцәа ԥсышәала иахьцәажәаз ауп.

«Ахатәы бызшәа заҳаз аҿарацәа даҽазныкгьы иархәыцит ибзианы уеилибакаарц азы абызшәа аҵара шхымԥадатәу. Дара даара ргәы иалоуп хатәы бызшәала ишахәҭоу еиԥш иахьзымцәажәо», - иҳәеит Ерқан Ҳаџьымба, иагьациҵеит ари аиԥылараҿы ишалацәажәаз абызшәатә курсқәа раартра хымԥада ишаҭаху.

АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәҩы адырра ҟаиҵеит иара убасгьы аиԥылара аамышьҭыхь уи иақәымшәаз рҟынтә аӡәырҩы аҭел ишизасыз.

«Исазҵаауан анаҩстәи абри аҩыза аиԥылара анбамҩаԥысуеи ҳәа, уи жәаҳәарада ҳҽақәҳаршәоит ҳәагьы агәра сдыргон. Аиԥылара аҭааҩцәа ракәзар, урҭ рахьтә аӡәырҩы рҭоурыхтә ԥсадгьыл рымбаӡацт, убри аҟнытә абри аусмҩаԥгатә еиҳагьы иргәанарԥхеит рыдгьыл иаарласны аҭаара. Схаҿы иаазгар сылшоит, Аԥсны лабҿаба ианырбалак рцәаныррақәа зеиԥшрахо, абри ҳаиқәшәара аамышьҭахьгьы абасҟак ргәы шьҭыҵзар», - ҳәа иажәа хиркәшеит иара.

Мосбург иҟоу аԥсуа дернеқь ԥшьышықәса раахыс дахагылоуп Сезаи Чкок. Иара 1971 шықәса раахыс Германиа дынхоит. Абри акультуратә хеидкыла ахада иоуп зыӡбахә ҳамоу ҳџьынџьуаа рԥылара еиҿызкаазгьы. Уи далахәын иара иԥҳәыс Сибель Ԥатхәариеи ихәыҷқәа – Ефе Синани Дефнеи Чкокаа. Хаҵеи ԥҳәыси аҩыџьагьы ҿыц иаԥҵаз АААК арегионалтә ҟәша актив иалалеит.

«Даара ҳаигәырӷьоит анемец дгьыл аҿы Аԥснытәи ҳашьцәа бзиала шәаабеит ҳәа ахьшәаҳҳәо. Ҳара еснагь ҳҽазаҳшәоит ҳҭаацәарақәа ҳаманы адернеқь аҩнуҵҟа аибабара. Араҟа ҳаргьы ҳхәыҷқәагьы алшара ҳамоуп ҳазхара ҳаиқәшәарц, гәаартыла ҳаицәажәарц, ҭаацәара дук еиԥш ҳхы ҳбарц. Агәра ганы сыҟоуп, Аконгресси ҳареи ҳаимадара иабзоураны атәым дгьыл аҿы ҳмилаҭтә хаҿра аиқәырхара ахьҳалшо адагьы, ҳҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы имҩаԥысуа ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыԥсҭазаарагьы еиҳа активла ҳхы ҳзалархәып ҳәа. Ҳажәлар аизҳазыӷьареи аҭынчреи рымазааит, Анцәа илԥха роуааит!» - иҳәеит Чкок иҭаацәареи адернеқьи зегьы рыхьӡала.

Ҿыц иаԥҵаз АААК арегионалтә ҟәша напхгаҩыс дарҭеит Таифун Ԥачлиа. Иара иҳәеит иҭоурыхтә ԥсадгьыли ижәлари рышәҭыкакаҷра ахьӡала излаилшо ала аусура дшазыхиоу.

АБРИ АХҬЫС ИАЗКУ АВИДЕО АХӘАԤШРА >>

«Шьҭарнахыс алшара ыҟоуп ҳаидгыланы, ҳаицхырааны ҳауаажәлар ирыхәаша аҟаҵаразы. Агәра ганы шәыҟаз, ҳара еснагь шәывара (Аконгресс – аред.) ҳгылоуп еилахәу апроектқәа рынагӡараан. Ҳақәгәыӷуеит лассы даҽазнык ҳаибабап ҳәа», - иҳәеит ҿыц иалху арегионалтә ҟәша анапхгаҩы.

Адернеқь иалоу аҳәса Аԥснытәи асасцәа ирԥылеит амилаҭ чысқәа рхианы. Аиԥылара активла иалахәыз ируаӡәкыз Ааишьа Абыдԥҳа диит иагьлызҳаит Германиа, аҭырқәа қыҭа Ақьиазантә арахь иааит лара лани лаби – Зиаҭи Абдиԥеи Гиулер Тыкәԥҳаи. Ааишьа аԥсуа дернеқь имҩаԥнаго аиԥыларақәа зегьы дырҭаауеит.

«Сара сан илҿысҵааит амилаҭ чысхкқәа рыҟаҵашьа, абра Германиа ҳахьыҟоугьы лассы-лассы абысҭа ҳуеит, акәтысыӡбал, ахәылчаԥа уҳәа реиԥш иҟоу афатәқәа ҟаҳҵоит. Ҳарҭ аҳәсақәа аныҳәа дуқәа раан ахацәа ҳрыцхраауеит ашьтәа ажьы ажәраҿгьы. Абри ҳдернеқь аҿы аԥсыуала акәашашьа сҵеит. Абызшәа макьана исзымҵагәышьацт, ҳанацәеи ҳабацәеи ишырдыруагьы», – ҳәа лгәы иаланы илҳәеит Ааишьа Абыдԥҳа.

Лара иацылҵеит, адернеқь аԥсҭазаара дшалахәу иара аԥҵоуижьҭеи 27 шықәса раахыс.

«Сани саби рлагала дуӡӡоуп смилаҭтә хдырра ашьақәгылараҿы, аха адернеқь инанагӡаз арольгьы маҷым. Абра иҳазҳаит ҳәа сҳәар сылшоит. Уажәшьҭа ҳара иаҳуалу – абра еихаҳҳаз адоуҳатә мал зегьы ҿыц игыло абиԥара рыҭароуп. Лассы-лассы ҳаибабалароуп, ҳаимадазароуп, ҳҭоурыхтә ԥсадгьыл ҳадҳәалазароуп», – ҳәа азгәалҭеит аԥҳәызба.

Муҳаммед Аль-Шьариф – ибжа арабуп, иаб шьҭрала д-Меккатәуп. Абрыла ианду даԥсыуоуп, Ӡыгәҭаа рыжәла датәуп, иангьы даԥсыуоуп – Хәымсаҷиԥацәа дырхылҵшьҭроуп. Муҳаммед ихаҭа дшарабугьы, аԥсышәала ибзианы дцәажәоит: иани иандуи рбызшәа рҿиҵааит. Иԥҳәысгьы даԥсыуоуп, ҭырқәтәылатәи арегион Дузџьа иатәу Ҳаџьы Сулеиманбеи ақыҭан инхоз аамсҭа жәла Ешаа дырхылҵшьҭроуп.

«Даара сеигәырӷьоит Аԥснынтәи ҳашьцәа ахьаҳзааз. Абри аҩыза аиԥылара ҳазыԥшиижьҭеи акрааҵуан. Ҳақәгәыӷуеит Аконгресс аус ацура хара имгакәа алҵшәақәа аанашьҭып ҳәа. Сҭаацәа сыманы Аԥсны саҭаарц даара исҭахуп», – ҳәа игәҭакы ҳацеиҩишеит Муҳаммед Аль-Шьариф.

Жәаа шықәса ирҭысхьоу аиԥылара алахәцәа зегьы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс алаларазы анкетақәа хадырҭәааит. Аиԥылара хыркәшан аишәачарала, шәаҳәаралеи кәашаралеи.

Мраҭашәаратәи Европа атәылақәа ирыланхо ҳџьынџьуаа рԥыларақәеи уаҟа АААК арегионалтә ҟәшақәа раартреи мҩаԥысуеит Аконгресс 2019-шықәсазтәи жәларбжьаратәи аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны. Германиа иаарту АААК арегионалтә ҟәша Европа иҟоу рахьтә аԥшьбатәихеит, Бриатниа Дуи, Голландиеи, Бельгиеи иаартыз аҟәшақәа рнаҩсан.