Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси акомпозитор Абзагә Марыхәбеи иацырҵоит абаҩхатәра злоу Аҧсны аҿар рырҿиара иазынархоу амузыкатә проект. 

Шьазина Бганҧҳа

Аҿар рыҿиареи абаҩрҵәыреи ирызку АААК аҟәшеи акомпозитор Абзагә Марыхәбеи  еиҭахацдыркит амузыкатә проект. Ари апроект ҩышықәса ҵуеит аус ауеижьҭеи. Апроект ахықәхы хадақәа рахь иаҵанакуеит абаҩхатәра злоу аҿар ралкаареи, жәлар рмелодиеи рмузыкатә рҳәагақәеи ирыдҳәалоу аҭҵаареи. Артистцәа аҿар ирымардоит амузыкатә индустриа аганахь ала ирымоу адыррақәеи аҧышәеи, иддырҵоит амузыкатә рҳәагақәа рхархәашьа, ирыҵарҳәоит ахатә стиль ашьҭкааразы иҟаҵатәу.

Иара убасгьы иазҧхьагәаҭоуп авокалистцәеи аҧсуа естрада амузыкантцәеи злахәу амастер-классқәа 10 рымҩаҧгара. Апроект иаҵанакуеит Аҧсны ахәҭақәа зегьы. Аформат ҿыц иазҧхьагәанаҭоит иаҳа абаҩхатәра злоу аҿар ашәақәа рҭаҩҩразы абжьы ахьанырҵо астудиахь рааҧхьара.  

Аҿар рыҿиареи абаҩрҵәыреи АААК аҟәша аиҳабы Валери Берзениа излазгәеиҭаз ала аҿар ари апроект ацҵара иазҿлымҳауп: 

«Ҳҿар иҟарҵаз азыҳәарала, сынтәа иацаҳҵеит 2023 шықәсазы ихацыркыз амузыкатә проект. Аиҧш-зеиҧшу аусуратә еиқәшәарақәа рымҩаҧгаразы иҳаҳәоит Аҧсны еиуеиҧшым ахәҭақәа рҿы инхо ауааҧсыра. Ҳҽазаҳшәоит ауаа иҟарҵо аҳәарақәа архаҵгылареи, аус зцаҳуа ауааҧсыра рхыҧхьаӡара аизырҳареи. Ари зеиӷьыҟам лшароуп ахаарҧшреи, амузыка адунеи аҽаҧшьреи, уи анырреи, ари аус иазҟазоу ауаа рыҵаҳәарақәа арзыӡырҩреи рзы. Амастер-классқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, иалкаан абаҩхатәра злоу аҿарацәа. Анаҩс урҭ ирыҭан алшара Абзагә Марыхәба ибжьынҵаратә студиаҿы ашәа аҭаҩҩразы», - иҳәеит Берзениа. 

Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны раҧхьатәи аиқәшәара мҩаҧысит Очамчыратәи абжьаратә школ №2 аҟны. Уи иалахәын Очамчыра араиони Гал ақалақьи рышколқәа рыҟнытә иаагаз 25-ҩык аҵаҩцәа. Алахәыҩцәа амузыкатә рҳәагақәа рнапаҿы икны аҭҵааразы алшара рыман. Уи адагьы аҵаҩцәа иреилдыркааит иахьазы иҟоу еиуеиҧшым амузыкатә программақәеи, аоранжировка иадҳәалоу аусура амҩаҧгашьеи. Апроект амодератор Абзагә Марыхәба аҿар дырзалацәажәеит арҿиарахь дназгаз инысымҩеи, иахьатәи иусуреи, астудиа иаанартуа алшарақәеи.

Шәаҳәарыла атәыла акәшара: АААК имҩаҧнаго амузыкатә проект аҳәаақәа арҭбаауеит.
© АААК / Шьазина Бганба

«Иахьа, иақәнагоу апрограмма ахьықәыргылоу акомпиутор умазар, изеиҧшразаалак амузыка ма ашәа ҭаҩҩызар ҟалоит. Абжьынҵашьа аҵара ула ишабо аиҧш иуадаҩым, дарбанзаалак инапаҿы иааигаратә иҟоуп. Иуадаҩу алагароуп, аха аҿыӡгақәа ааныжьны знык алагара узыгәаӷьыр – хымҧада цхыраарадагьы ари аус иадҳәалоу зегьы ҭуҵаауеит», - иҳәеит иара.

Анаҩстәи амастер-класс хәажәкырамзазы амҩаҧгара азҧхьагәаҭоуп.