Аҟәа ақалақь иазку асахьақәа рекспозициа аатит Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны.

Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла еиҿнакааз ацәыргақәҵа "Аҟәа. Есымша иуцу аныҳәа" аатит Ацәыргақәҵатә зал хадаҟны. Ари ахҭыс Аҟәа ақалақь амш иадҳәалоуп, уи есышықәса ԥхынгәымза раԥхьатәи асабшазы иазгәарҭоит. Ацәыргақәҵа кураторс дамоуп асахьаҭыхҩы, уаанӡатәи Аԥсны акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.

Лара еиҭалҳәеит аекспозициа ишеиднакыло аԥсуа ҟазацәа рсахьақәа хыԥхьаӡарала 50 инареиҳаны. Асахьаҭыхыҩцәа аӡәи-аӡәи шеиԥшым еиԥш русумҭақәагьы еиԥшым, аха дара зегьы еицырзеиԥшу атематика еиднакылоит – Аҟәа иазкуп.

Ельвира Арсалиа иазгәалҭеит иахьатәи аҿыц аамҭазы ари «раԥхьатәи цәыргақәҵоуп, хықәкы хадас – ақалақь аарԥшра змоу» ҳәа. Еизаз хьалырԥшын идлырбеит ацәыргақәҵатә зал уахьааҩнало ишкыду аекспозициа зегьы аазыртуа акы аҳасабала Анзор Агәмаа исахьа.

«Ари автор машәырны далҳамхӡеит. Анзор Агәмаа зегьы деицырдыруеит ҭоурыхҭҵааҩык иаҳасабала, иара авторс дамоуп ашәҟәы «Анкьатәи Аҟәа». Аха иахьа иара сахьаҭыхҩык иаҳасабалагьы иусумҭа ҳбоит, уи убас иагьахьӡуп «Анкьатәи Аҟәа», иҭыхын 1976 шықәсазы», – лҳәеит ацәыргақәҵа акуратор.

Лара еиқәылыԥхьаӡеит ацәыргақәҵаҿы зусумҭақәа ӡыргоу егьырҭ еицырдыруа асахьаҭыхыҩцәа рыхьӡқәагьы. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Леуарса Быҭәба, Александр Семенцов, Екатерина Гуськова, Баҭал Џьапуа уҳәа егьырҭгьы.

«Ацәыргақәҵа зегьы «аихысырҭақәеи», адиалогқәеи, агәҭахәыцрақәеи рыла еибыҭоуп. Асахьақәа инарываргыланы араҟа ицәыргоуп ашәҟәыҩҩцәа дуқәа Аҟәа иазкны ирыҩхьаз ацәаҳәақәагьы, урҭ иаҳагьы идырӷәӷәоит ацәыргақәҵа иунаҭо агәалаҟара. Ҳәара аҭахума, арҭ адиалогқәа ақалақь иазкуп. Ари даара «исоциалтәу» проектуп, асахьақәеи атекстқәеи мацара ракәӡам ара иҟоу – уаанҿасны уархәыцуеит ақалақь акультуратә код шышьақәнаргыло атәы», – лҳәеит Арсалиа.

Ацәыргақәҵа исасны иаҭааз Елена Семенцова – 20 шықәса инареиҳаны Аҟәа инхоз иналукааша асовет, аурыс сахьаҭыхҩы Александр Семенцов диԥҳауп. Лара гәаартыла илҳәеит лгәы шыхыҭхыҭуа, избан акәзар лаб идунеи иԥсахиижьҭеи ари раԥхьатәи цәыргақәҵоуп уи иусумҭақәа егьырҭ асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа ирылакны иахьцәыргоу. Уаанӡа Аҟәа имҩаԥысхьан Александр Семенцов исахьақәа рперсоналтә цәыргақәҵа.

«Ҳара ҳақалақь еиднакылоит ҳсахьаҭыхцәа зегьы: ҳаамҭазтәи арҿиаҩцәагьы, иахьа шьҭа иҳалагылам аҟазацәагьы. Сара даара сеигәырӷьоит саб иахьа уажәраанӡа абас ицәырырго акрызҵазкуа асахьаҭыхыҩцәа дыруаӡәкны дахьаанхо. Иара иааирԥшуа 80–90-тәи ашықәсқәа рзтәи Аҟәа ауп, усҟан ииашаҵәҟьаны асахьаҭыхыҩцәа рзы ныҳәак иаҩызан аамҭа. Есыҽны еиқәшәалон амшын аԥшаҳәаҿы игылоу акаҳуажәырҭа «Амра» аҟны, рықәҿиарақәеи изыниаз ауадаҩрақәеи ирылацәажәон, рыгәҭыхақәа еибырҳәон», – лҳәеит Елена Семенцова.

Ацәыргақәҵа аҭааҩцәа дыруаӡәкын ажурналист Лана Аԥшьлааԥҳа. Лара апатреҭҭыхра бзиа илбоит, лассы-лассы иҭылхуеит Аҟәа асахьақәа, убри аҟнытә ари ацәыргақәҵа дмаҭаар ҟалашьа амамызт.

«Сара абра ицәыргоу асахьақәа жәпакы акраамҭа ҵуеит шьҭа даара исгәаԥхақәо иреиуоижьҭеи. Зегь џьарак рбара – агәахәара дуӡӡа унаҭоит, жәаҳәарада. Иҭабуп ҳәа расҳәоит ацәыргақәҵа аиҿкааҩцәа», – лҳәеит Аԥшьлааԥҳа.

Ацәыргақәҵа "Аҟәа. Есымша иуцу аныҳәа" аартызаауеит ԥхынгәы 28 рҟынӡа. Уи изҭаху зегьы аҭаар рылшоит, аҭаара хәыда-ԥсадоуп.