Ставропольтәи атәылаҿацә иқәынхо абазақәа ирызку адокументалтә киносахьа аҭыхрақәа рыхәҭак хыркәшоуп, афильм аҭыҵра азыԥхьагәаҭоуп ԥхынҷкәынмза аҽеиҩшамҭазы.

Адокументалтә фильм «Ставрополие иқәынхо абазақәа» ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа аҭыҵра иазырхиахоит. Афильм аҭыхра аидеиа рызцәырҵит Ставропольтәи атәылаҿацә иқәынхо абазақәа рмилаҭтә-культуратәавтономиа «Абаза» аилазаара. Аҭыхрақәа мҩаԥысуеит Ставропольтәи атәылаҿацә амилаҭқәа русқәеи аказакцәеи реилак афинанстә цхыраарала.

Ауаажәларратә еилазаара «Абаза» аиҳабы, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Армида Чагәа адырра ҟалҵеит, афильм аԥхьарбара азыԥхьагәаҭоуп ҳәа ԥхынҷкәынмза аҽеиҩшамҭазы: ишьақәгыланы иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа зеиԥшроу ала, уи онлаин имҩаԥгахоит.

Чагәа еиҭалҳәеит афильм шрызку Ставрополь, Кисловодск, Невинномысск, Кочубеитәи Ашьхашьапаҿтәи араионқәеи рҟны инхо абазақәа рыԥсҭазаашьа. Арҭ аҭыԥқәа зегьы иааидкыланы ирыланхоит ԥшь-нызқьҩык инарзынаԥшуа абаза жәлар рхаҭарнакцәа.

«Афильм иаҳнарбоит абазақәа иахьатәи рыбзазашьа, рҵас-қьабзқәа реиқәырхара ахьынӡарылшо, рмилаҭтә традициақәа иахьынӡарықәныҟәо, рхатәы бызшәа ахьынӡарҳәо, изқәынхо атәылаҿацә аҿиара рхы ахьынӡаладырхәуа уҳәа», – еиқәылыԥхьаӡеит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла, иагьацылҵеит афильм «Ставрополие иқәынхо абазақәа» акыршықәса аус здырулоз апроект «Абазақәа ахьықәынхо» ишалҵшәоу. Ари апроектгьы абазақәа рмилаҭтә-культуратә автономиа «Абаза» амчала инагӡахоит.

Аҭыхрақәа мҩаԥысхьеит Ашьхашьапаҿтәи (Предгорныи) араион иатәу ақыҭа Подкумок аҟны, араҟа инхоит абаза ҭаацәарақәа 65, иара убас Ставрополь ақалақь аҟынгьы иҭырххьеит. Уажәшьҭа иазгәаҭоуп Кисловодски Невинномысски аҭыхрақәа рыцҵара. Афильм ҩ-бызшәак рыла иҟалоит: абаза бызшәалеи урысшәалеи. Акиносахьа аус аднаулоит аилахәыра B2B-Photo – акыршықәса раахыс абизнесуаа рзы афотосахьақәа рҭыхра аус знапы алаку.

«Афильм аус адырулоит зыҩаӡара ҳараку апрофессионалцәа: асценаристцәа, арежиссиорцәа, авидеограф, аҳауаҿтәи аҭыхрақәа рзы иҟазацәоу аоператорцәа, адизаинерцәа, авидеомонтажиорцәа, абжьы арежиссиор, апроект аменеџьер. Апроект анагӡара иадҳәалоу аус аӷьырак инапы иҵихуеит адокументалтә кино азҟаза Иван Жимаев», - лҳәеит Армида Чагәа.

Иван Жимаев – доператоруп, асахьаркыратәи адокументалтәи афильмқәа ҭихуеит, двидеографуп, дкинорежиссиоруп. Аԥхьахәқәеи аҳамҭақәа рацәаны иоухьеит, Москватәи акинофестиваль аҳамҭагьы уахь иналаҵаны – асахьаркыратә фильм «Аиҿцәажәара» («Интервью») аҟны иреиӷьу аоператортә ус азы. Жимаев режиссиорс аус иуан еиуеиԥшым асоциалтә хырхарҭақәа змоу авидеоқәа рҭыхра аганахьала – анаркотикатә маҭәашьарқәа рҿагылареи, аҿар рыбжьара ацәгьоурақәеи раԥырҟәҟәаара иазкыз, зылшарақәа ԥку ауаа ирызкыз, ахәыҷқәа рзы «аҭел гәрага» иазкыз уҳәа.

«Зыԥсы ҭаны ицәажәо аҭоурыхқәеи ауааи аус анрыдызуло бзиа избоит, убри аҟнытә лассы-лассы адокументалтә проектқәа срылахәуп. Насгьы сара Кавказ сынхоит, амилаҭрацәа иреиуоу аҩызцәа сымоуп, еиуеиԥшым ажәларқәа ркультуреи рҵасқәеи срызҿлымҳауп. Убри аҟнытә абазақәа ирызку апроект иаразнак ақәҿысҭит, гәыҩбарада сақәшаҳаҭхеит ари апроект аҽалархәра, аинтерес сзаҵоуп», – иҳәеит акинематографист.

Иара еиҭеиҳәеит афильм аконцепциа ишазааиз амилаҭрацәа еидызкыло гәыԥҩык ауаа рыхшыҩеилаҵарала, уи шьаҭас иаиуша шьақәыргылан ҩба-хԥа мшы ирылагӡаны имҩаԥысуаз аилацәажәарақәа раан.

«Аха аидеиа ахаҭеи уи аспектқәеи иихьан жәашықәса инареиҳаны аус зухьоу аилазаара «Абаза» есыҽнытәи ахандеира иахылҿиааз акы аҳасабала, уаҟа аханатә еиԥыршьуан, идырҿион акультуратә, асоциалтә еимадарақәа, апроект хәыҷқәеи адуқәеи нагӡауа хәы змам аԥышәа дырҳаит», – иҳәеит Иван Жимаев.

Ишнеи-шнеиуаз абри аусура зегьы акаҿы еизырҳәҳәаны аизгара шаҭахыз ахы унарбо иалагеит, абаза уаажәларра рыдагьы арегион аҟны, Урыстәыла зегь ааидкылангьы инхо ажәларқәагьы урҭ рыӡбахә раҳарц. Абри еизыҳәҳәоу аматериал, афильм аԥҵаҩцәа ргәаанаграла, ицхыраагӡахоит аҳәаанырцәтәи адиаспора рҟны еиҳа иӷәӷәоу аимадарақәа рыҿиараҿы.

«Афильм ахшыҩҵак хадагьы уи ауп: Ставрополие инхо абазақәа рҭоурыхи реихьӡарақәеи еиқәырхауа, атәыла азеиԥшуаажәларратә, акультуратә ԥсҭазаара ишалахәу атәы ҳәауа, егьырахь инхо абазақәагьы зегьы аӡәыкны реидкылара, еиныруа, еиҿцаауа аҟаҵара, ахатәы бызшәеи аҵасқәеи рыҿиара ацхраара. Абас ҳагьазааит абаза бызшәала афильм аҭыхра, Ҭырқәтәыла, Германиа инхо адиаспорагьы рхатәы бызшәа абжьы раҳарц, ирбо еиҳагьы ибзианы еилыркаарц, гәыла ирбарц», – иҳәеит арежиссиор.

Аха ус шакәызгьы, иара арежиссиор изы итәым бызшәоу абаза бызшәала аҭыхрақәа ауадаҩра изцәырнагеит.

«Хаз игоу аинтервиуқәа аредакциа рзура сцәыцәгьан, ауаҩы ииҳәо аҵыхәтәанынӡа ианузеилымкаауа иуадаҩуп агәыцә ахьыҟоу абара. Убри аҟнытә ҷыдала иааԥхьаны, ҳус иадҳаԥхьалеит асценаристи ажурналисти», – ҳәа иусура дахцәажәеит Иван Жимаев.

Ауадаҩрақәа ируакуп иара убасгьы аматериал шьардаӡа ахьыҟоу, архивтә материалгьы маҷмызт, аҿыц ҭыхрақәагьы рацәоуп, уи зегь аус адулара аамҭа аҭахуп.

Афильм аԥхьарбара ашьҭахь асоциалтә ҳа YouTube аҟны ахәаԥшра ҟалоит.

Ставропольтәи акультуратә центр «Абаза» ашәҟәы иҭаҩын 1997 шықәсазы абазақәа рхаԥшьгаратә гәыԥ рыбзоурала. Ацентр анапхгаҩыс даҭан Урыстәыла зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ Владимир Курчев. Иара ихаҭыԥуаҩс дҟарҵеит Армида Чагәа. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны ари ахеилак ибзианы ахы аанарԥшит активла иалахәын ааигәа-сигәа имҩаԥысуаз ауаажәларратә усмҩаԥгатәқәа, есааирагьы ауаа рацәа аднаԥхьало иалагеит, абазақәа рмилаҭтә хаҿра аиқәырхара згәы азыбылуа. 2012 шықәсазы иӡбан Ставропольтәи атәылаҿацәи Кавказтәи аӡҵәыҵәқәеи рҟны еиҿкааз абаза культуратә хеилакқәа зегь еидкылазарц. Абас иаԥҵан арегионалтә уаажәларратә еиҿкаара – Ставропольтәи атәылаҿацә иқәынхо абазақәа рмилаҭтә-культуратә автономиа «Абаза». Иахьазы уи еиднакылоит 4,5 нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра. Аиҿкаара анапхгаҩыс еицҿакны далырхит Армида Чагәа.