Бедиатәи аныхабаа ргылан 999 шықәсазы, Тҟәарчал араион иатәу Агәыбедиа ақыҭа иахьаҵанакуа ашьхаҟьаҟьаҿы. Ари ақьырсиантә ныхабаа Аԥсны анҭыҵ хараӡа ирдыруеит. 2019 шықәсазы Бедиатәи аныхабаа ргылоуижьҭеи 1020 шықәса ҵит.

Асҭа Арӡынԥҳа

Аҟәантәи уҿынаханы Абжьыуаа рымҩаду ала аԥсуа-ақырҭуа ҳәаахь ухы рханы ԥыҭк уцо-уцо, нас ашьхарахь убжьалар, аханатә инаркны 77 километр рынахыс Агәыбедиа ақыҭа уналалоит. Аԥхьа уаналаԥшуа, ари ақыҭа егьырҭ аԥсуа қыҭақәа излареиԥшым ҳәа акгьы убом. Зехьынџьареиԥш араҟагьы ақыҭауаа рынхарҭақәа ахәқәа ирҿаԥсоуп, ажь рҭаауеит, аџьықәреи аадрыхуеит, абаҳчақәеи арасҭрақәеи рымоуп.

Аха ус шакәугьы, Кавказтәи ашьхақәа ршьапаҿы ишьҭоу ари ақыҭа хәыҷы ахьӡ хараӡа инаҩхьеит. Уи зыбзоуроугьы – Аԥсны зегьы реиҳа идуӡӡоу, иԥшӡоу абжьарашәышықәсазтәи Бедиатәи аныхабаа абраҟа иахьгылоу ауп.

Баграт иаамҭа асимвол

Ари аныхабаа ргылан 999 шықәсазы, аԥсуаа аҳ Баграт III ихааны. Иара абраҟа аныхабааҿоуп иахьыҟоу аҳ идамрагьы. Иара абра анышә дарҭеит 1014 шықәсазы. Баграт III – аныхабаа аргылара адагьы, араҟа аҷҟәандар диртәеит, уи инапаҵаҟа иҟан аӡиасқәа Аалӡгеи Егри рыбжьара иҟаз адгьылқәа зегьы.

Ишырҳәо ала, Бедиатәи аныхабаа ахьдыргылашаз аҭыԥ, Баграт III ихала иалихит. Иара игәы иақәшәеит ари ахәыԥшӡа, ахәҟьаҟьа – иаакәыршаны ашьхақәа рыла ихкаау. Ахыбра ахьыргылаз ахәҟьаҟьа ԥсабарала иамоу аҿҟьарақәеи аԥаҩқәеи ирыбзоураны, аныхабаа ус мариала уахьзымнеиуа абааш иаҩызахеит. Аныхабаа адагьы ари ахәаҿы иргылан ауахәама аныҟәгараҿы ихәарҭаз егьырҭ ахыбрақәагьы. Ахәы узлахалар алшо мраҭашәаратәи аганала мацароуп. Уаантәи иаатуеит аланарԥшыра ссир – Амшын Еиқәа аԥшаҳәеи Кавказтәи ашьхаеибаркыреи.

Аргылара ахыркәшара ахьӡала, 999 шықәсазы аҳ Баграт III-и, аҳ итәарҭа змидаз уи иан – аԥсуа аҳкәажә Гәырандыхәти Бедиатәи аныхабаа ҳамҭас иарҭеит ахьы иалхыз аҿа (Анцәаиҳәаратә Литургиа анагӡаразы рхы иадырхәоз амкьаҭ – аред.). Ахьҿа иақәҟаҵоуп Иаса Қьырсеи, Анцәа Иани, апостолцәа Пиотр, Павел уҳәа егьырҭ апостолцәеи аевангелистцәеи рсахьақәа. Ари аҳамҭа ҟазҵаз рыӡбахә ҳәоуп иара ахьҿа иану аҩыраҿы. Ахьҿа адиаметр 14 сантиметр ыҟоуп, аҳаракыра – 12,5 сантиметр. Аханатә иара ахраҿа аформа аман, ашьапы аҵан, аха уи ашьапы идырым амзызқәа ирхырҟьаны иӡит.

Иахьа ари ареликвиа Қарҭ Аҟазарақәа рмузеи аҟны иҵәахуп. Аҭоурыхтә артефакт Аԥсны иалганы Қырҭтәылаҟа иган 1947 шықәсазы, Асовет мчра аҳра анауаз, аҩ-тәылак аҳәынҭқарра ду ианадыз. Ҳаамҭазы, Аԥсны аиҳабыра изныкымкәа жәларбжьаратәи аҩаӡараҿы ишьҭыхны Бедиатәи ахьҿа Аԥсныҟа аргьежьра азҵаара ықәдыргылахьеит, аха ақырҭқәа уи иаҿагылоит.

Анцәа Иан Мариа лыхьӡала

Аныхабаа ԥшьан Влахернтәи Анцәа Иан лныхчаԥа аҳаҭыразы. Аиашахаҵаратә қьырсианраҿы ари аныхачаԥа даара аҳаҭыр ршьоит, инашаноуп ҳәагьы иԥхьаӡоуп. Акыраамҭа иара ҵәахын Константинополь (иахьатәи Сҭамԥыл – аред.) ақалақь аҩада-мраҭашәарахь иҟоу Влахернтәи аныхабааҿы, уаҟа 910 шықәсазы Анцәа Иан ауаа дырзылбааԥшит (ари ахҭыс ахьӡала ақьырсиан уахәама иаԥнаҵеит аныҳәа – Анцәа Дзыхшаз Ацқьа Мариа Лхаршә амш, иара азгәарҭоит жьҭаара 14 рзы – аред.). Влахерн аныхабаа ахьӡалоуп ари аныхачаԥа ахьӡ шаиузгьы. Ақалақь Константинополи Византиатәи аимператорцәеи зегьы ирхылаԥшуеит ҳәа иԥхьаӡан. 1653 шықәсазы аныхачаԥа Урыстәылаҟа иааргеит, аурыс аҳ Алықьса Михаил-иԥа ҳамҭас иҭан. Иахьазы уи ҵәахуп Москватәи Акремль иатәу Алацәеиқәыԥсара (Нанҳәа) иазку аныхабааҿы.

Бедиатәи аныхабаа архитектуратә еиҿартәашьала аҟәырӷтәқәа рахь иаҵанкуеит (аныхабаа аџьар-ҟәырӷтә ргылашьа Византиантәи ишьҭкаауп – аред.). Уи аҭыӡқәа ргылоуп ицәу ахаҳә хәаԥшшәылала. Архитектуратә ргылашьаа усҟантәи аамҭазы Аԥсны иргылаз егьырҭ ақьырсиантә баҟақәа иреиԥшуп.

Ихадоу агәҭантәи азали аганаҿтәи ауадақәеи аҭыӡқәа рыла еиҩкаауп, дара урҭ аҭыӡқәа ауаргьақәеи аколоннақәеи рыла ирԥшӡоуп.

Аныҳәарҭеи уи иавоу аганаҿтәи ауадақәеи рырхәарақәа (ахыбра ихадоу ақәацәрақәеи, аԥыҳәҳәақәеи – аред.) хыгьежьаауп. Аныхабаа аҭыӡқәа аҩнуҵҟала еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иҭыхыз асахьақәа рыла иҩычоуп, аха иахьазы урҭ рҟынтә еиқәхаз фрагментқәак роуп. Реиҳа иалукаартә иҟоуп мраҭашәаратәи аганахьала иҟоу афреска: уи дануп византиатәи аимператор Константин Ду (ари аимператор ихаан ақьырсианцәа ркыдцаларақәа ирҟәаҵит, иара ақьырсианра ахаҭагьы Римтәи аимпериаҿы аҳра зуаз динхаҵараны иҟалеит – аред.).

Бедиатәи аныхабаа арҩычагақәа рҟынтә улаҿы иааиуеит иара убас мрагыларатәи аҭӡаҿы адәахьала икыду аџьар ҭырҷҷа.

Аныхабаа акомплекси аныҳәарақәеи

Бедиатәи аныхабаа мраҭашәаратәи аганахьала шә-метрак инацәыхараны иуԥылоит ахаҳә иалхыз ахан ду ахыжәжәарақәа, ҵаҟатәи аихагыла аколоннақәеи архәарақәеи рцәынхақәа иахьагьы иубаратәы иҟоуп. Араҟа акрыфарҭеи аизарақәа ахьымҩаԥысуаз ауада ҭбааи ыҟан, аҩбатәи аихагылаҿы бедиатәи аепископцәа ахьынхоз ауадақәа ыҟан. Ари ахан ргылан XVI-тәи ашәышықәсазы. Аҩадахьала ахан иадҟаҵан асаркьаласырҭа, уи ара ицәырҵхьан XIII-XIV-тәи ашәышықәсақәа рзы. Ҳаамҭанӡа изеиқәымхагәышьеит.

Бедиатәи аныхабааҿы аныҳәарақәа мҩаԥыргон XVII-тәи ашәышықәса алагамҭаҿынӡа. Аха аосманцәа Аԥсны аҵакырахь иқәнагаланы араҟа рымчра андырӷәӷәа аамышьҭахь, араҟа Анцәа иашьапкра иаҟәыҵит, аныхабаа хылаԥшрадагьы иаанхеит. Излаҳдыруа ала, XVIII-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы Бедиатәи аныхабаа ареставрациа азыруит, убасҟан ҿыц иргылан аныхабаа афасади аҟәырӷи.

Ареставрациа ҟарҵаанӡа аныхабаа зеиԥшраз атәы еилаҳкаар ҳалшоит 1912 шықәсазтәи Ольга Ермолаева лыброшиура иагәылоу афотосахьа аҟынтә. Афото аҟны иаҳбоит аныхабаа ахыб аамҭа ишықәнафаахьаз, уи ашьац ыкәиааны иҟан, иамаз акылҳарақәа рҟынтә аҵлақәа ирызҳаит.

«Абас, асахьаҿы ишаҳбо еиԥш, еиҩыжәжәа-еихыжәжәаа игылан Бедиа уажәааигәанӡа, аха уажәшьҭа зынӡа даҽакалоуп ишыҟоу», – ҳәа лыҩуан аныхабаа иазкны Ермолаева, адинхаҵаратә темақәа ирызкны алаҵәара ду заухьаз астатиақәа равтор.

XIX-тәи ашәышықәса алагамҭазтәи ареставрациа аамышьҭахь ҩышә шықәса ааҵуаны аныхабааҿы Анцәа имаҵ аурақәа ирыцҵахеит.

Бедиатәи аныхабаа аҩынтә раан иаркын 1924 шықәсазы – асовет мчра иҟанаҵаз адҵала. Аныхабаа рацәак ауаа ихьырҿыхарсҭамыз аҟынтә анхамҩатә ҵакы змаз ахыбреиԥш ахархәара аимуӡеит. Амчра ҿыц ажәытә ныха ҭоурыхтә баҟаны ирыланаҳәеит, аҳәынҭқарратә хылаԥшрагьы анаҭеит.

Ахԥатәи азқьышықәса алагамҭазы Бедиатәи аныхабаа ҩаԥхьа ашә аатит, ҳаамҭазы раԥхьаӡа акәны араҟа Анцәа имаҵ аура мҩаԥысит 2010 шықәсазы аԥсуа еибашьцәа рыхьӡала.

Иахьагьы аныхабааҿы ареставрациатә усурақәа мҩаԥысуеит, аха урҭ рыҿиашьа ццакырак ацым.

Агәашәхьча «хылаԥшҩы»

Хыхь зыӡбахә ҳҳәахьоу Ольга Ермолаева иазгәалҭон, Бедиа – «ныхабаа мацарам» ҳәа. Уи аҿаԥхьа ишьҭоу адәы иаҵәараҿы иазҳауан Аԥсны иԥшьоу ҳәа иршьо аҵла дуқәа руакы. Ермолаева ишылыҩуаз ала, арҭ аҵлақәа «рыԥшьара кьыс амамкәа еиқәхарц азы ирхылаԥшуаз аныхабаа рыхьчозшәа» игылан.

Аҭҵааҩы лажәақәа рыла, аҭәаҵла ду азҳауан аныхабаа мраҭашәарахьтәи аган ала. Аверсиақәа руак ала, уи ашьапы убри аҟара ишәпан – аныхабаа ахыжәжәарақәа рааигәара иҟазарц азы арахь иқәнагалаз фҩык аԥшьаҩцәа аҵлагәаҩара акыраамҭа хыҵакырҭас ирыман.

XIX-тәи ашәышықәса алагамҭазы ари аҵла ԥсит. Аха иахьа ахыбра азааигәара игылоуп уи «аԥа» – Бедиатәи аныхабаа «агәашәхьча» ҿыц.