17183

Адунеи иалаԥсоу аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа есышықәса Аԥсны абираҟ амш аҽны имҩаԥыргоит инарҭбаау акультуратә уснагӡатәқәа, Абаза жәлар рҵасқәеи рқьабзқәеи ртәы афестиваль иаҭаауа асасцәа ирзеиҭаҳәауа. Сынтәа ари аныҳәа мҩаԥган Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспубликаҿ.

Аныҳәатә программа акыр иҭбаан. Убас, аиармарка аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит ҭоурыхла иҳамаз абираҟқәа рцәыргақәҵа. Ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи акьанџьатә театр ақәгылара дырбан, иара убас афотосахьақәа рыла аԥсуа-абаза культура иагәылаԥшырц алшара рзаԥҵан. Афестиваль аҭааҩцәа аҭыԥантәи асахьаҭыхыҩцәа рсахьақәа аархәар рылшон, ирылшон иара убас амилаҭ чысқәа ргьама абара, агәаларшәагатә ҳамҭаҷқәа раахәара.

Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амш азгәаҭара иазкыз агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа хыркәшахеит аныҳәатә салиут ала.