Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси адраматә театри Адискуссиатә клуб аусура еиҭахацдыркит. «Атеатри ахәаҧшҩи» зыхьӡу апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны раҧхьатәи аиҧылара мҩаҧысит Чехов испектакль «Аҷныш» арбара ашьҭахь. Ахәаҧшцәа аспектакль иалацәажәеит, ргәаанагарақәа еибырҳәеит, изхәаҧшыз аҵакы иазхәыцит.
Есма Гәаланӡиаҧҳа
Ахәылҧаз хацыркын Чехов еицырдыруа испектакль «Аҷныш» арбарала. Ахәаҧшцәа ари аспектакль рбеит Аҧсны Зҽаҧсазтәыз артист Мадина Аргәынҧҳа линтерпретациала. Аспектакль иалахәын: Ҭамара Аҩӡҧҳа, Миха Ҵкәуа, Гәында Жьиҧҳа, Маиа Џьыкрҧҳа, Хьыбла Мықәҧҳа уҳәа егьырҭ атруппа актиорцәа.
Аспектакль ахыркәшамҭаз имҩаҧысит ахәаҧшцәеи актиорцәеи злахәыз ахцәажәара. Атеатралтә ҟазара бзиа избо, аҧышәа змоу ауаа рнаҩсангьы, еизаз рыбжьара иҟан раҧхьаӡа акәны апиеса збаз ахәаҧшцәагьы. Адискуссиа аалыртит атеатр адиректор хада, актриса Хьыбла Мықәҧҳа.
«Ҳара иаҳҭахуп шәгәаанагара ҳаҳарц. Гхак, ма згәаҭак ыҟазар, урҭ хымҧада ҳрылацәажәароуп. Ас еиҧш иҟоу аиҧыларақәа ахьымҩаҧысуа даара акраҵанакуеит».
Ахәаҧшҩи актиори реимадара аҵакы азгәалҭеит арежиссер Мадина Аргәынҧҳагьы.
«Аҧсны атеатртә критика ауадаҩрақәа ацуп. Зны-зынла арежиссиор иааирҧшуа асцена, ахәаҧшҩы ушақәымгәыӷуала идикылар ҟалоит. Сара избар сҭахын иҟасҵаз «агәлаҵақәа» ахәаҧшҩы иахьынӡеиликааз. Аҧышәа маҷымкәа ишсымоугьы, хаҭала сареи, ҳазегьи ҳзы ари акырӡа аҵанакуеит».
Шәышықәса инацны «Аҷныш» ихадоу атеатрқәа рсцена иқәҵуам, иҿыцу аҳәашьа-арбашьа аиуеит. Ахәаҧшҩы Елена Кәабахьиа иазгәалҭеит аҧсуа қәыргыламҭа даҽакы иаламҩашьо ишеиҿкааз, инаргӡаз аус азы иҭабуп ҳәа ралҳәеит арежиссиори актиорцәеи.
«Ижәдыруама шәара зегь реиҳа зыхә ҳараку? Ақәырлыламҭа аҵакы анеилукаауа арежиссиори уареи зынӡа шәеизааигәахоит. Иубарҭахоит иара игәҭакқәеи иқәиргыло ахаҿқәеи. Ари аҩыза аилибакаара - аартра ҿыц агәырӷьара ацуп. Зхы ҳаҭыр ақәызҵо иарбан театрзаалак Чехов дықәнаргылоит, даҽакала ахәаҧшҩы изнаргоит. Иҭабуп иҿыцу аинтерпретациазы!» - лҳәеит лара.
Ахәаҧшцәа рықәгылараан аспектакль еиуеиҧшым асимволқәа рҵакы алыркаауан. Апиеса ҿыцны иаҳбазшәа даҽакала иаҳзаатит ҳәа азгәазҭақәазгьы ыҟоуп.
«Нас, ҳәарада, «агәлаҵақәа» зегьы сзеилымкааӡеит, аха апиеса ахаҭа, атрагизм шаҵоугьы даара исгәаҧхеит, аҧсҭазаара, абзиабара, абзазара уҳәа инарҵауланы сархәыцит. Ҳара уи ахә ҳаракны иаҳшьароуп. Аиаша уҳәозар, аҟазара алацәажәаразы адраматә театргьы, егьырҭ атеатрқәагьы урҭаалароуп, аклассика аҧхьара аҭахуп», – ҳәа азгәеиҭеит Алхас Манаргиа.
Ақәыргыламҭа илызцәырнагаз ацәаныррақәа инарҵауланы дырзааҭгылеит ахәаҧшҩы Аида Ладариаҧҳа.
"Актиорцәа гәык-ҧсыкала ррольқәа нарыгӡон. Аха сгәаанагарала, Мадина, асимволқәа маҷк ибырацәазар ҟалап. Уажәы-уажәы схәыцуан «ари иаанагои?» «ари ала Мадина илҳәарц илҭахзи?» ҳәа. Аха даҽа ганкахьала, арежиссиор ихәыцшьеи ахәаҧшҩы идкылашьеи ирыбжьоу аимадара – абри акәзар ҟалап атеатр амагиа ҳәа изышьҭоугьы. Сара издыруеит бара аҧшаарақәа рымҩа иану арежиссерцәа бышреиуоу, урҭ аҧшаарақәа ари аспектакль аҿы избон», – ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара.
Иара убасгьы ахәаҧшцәа иргәаҧхеит актиорцәа ҿарацәа аспектакль иахьалахәыз, ақәыргыламҭа амузыкала аиқәыршәашьа, абзиабаратә диалогқәа ҧсышәала рҳәашьа.
«Абзиабаратә диалог иҷыдоу атехника аҵоуп. Раҧхьа аҧҳәыс дшьамхнышгылоит, нас доулыжьуазшәа ҟаҵаны дцоит, аха аӡәгьы доулмышьҭит, зегьы лнапаҵаҟа иҟоуп: лцәаныррақәа, лхьаақәа. Ари шедевруп», – лҳәеит Асҭанда Аргәынҧҳа.
Ахәаҧшцәа аспектакль еиуеиҧшымкәа ирыдыркылеит, аха ихадоу аҿы еинаалеит – ақәыргыламҭа збаз зегьы ргәанҵанӡа инеит, иархәыцит. Аспектакль аҿы ицәыргаз аҧсҭазаареи абзиабареи ртема, зегьы ирзааигәахеит.
Аиҧылара ахыркәшамҭаз аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рзы АААК аҟәша анапхгаҩы, апроект ахылаҧшыҩы Изольда Ҳагҧҳа атеатри актиорцәеи иҭабуп ҳәа ралҳәеит иаадырҧшыз аусеицуразы.
«Иахьатәи ҳаиҧылара агәаҭаратә ҟазшьа амоуп, убри аҟынтә, жәаҳәарада, анаҩсгьы ҳгәы иҭоуп аҿар адискуссиахь рааҧхьара. Сара излазбо ала, еиуеиҧшым афакультетқәа рыстудентцәа ҳадҳаҧхьалароуп. Иаҳҳәап ажурналистика афакультет астудентцәа: урҭ рзанааҭ азы ихәарҭахоит ирҵар аспектакль ахцәажәашьа, еиуеиҧшым агәаанагарақәа реиҿырҧшшьа, арежиссиорцәа рыгәҭакы аилкаашьа. Усҟан иаздырхиауа ррепортажқәа иаҳа иҵаулахоит, ателехәаҧшҩы иакәзар, иибаз ашьҭахь атеатр ахь анеира игәаҧхо дҟалароуп. Агьама бзиеи алаҧшҳәааи рырҳаразы лшара змаманоуп абас еиҧш иҟоу аиҧыларақәа».
Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси Аҧсуа театри еицымҩаҧырго апроект хықәкыс иамоуп аспектакльқәа ганрацәала, инарҵауланы рылацәажәаразы аплатформа аҧҵара. Апроект еиднакылоит апрофессионалтә театрҭҵааҩцәа, атеатралтә критикцәа, атеатр аҭҵааҩцәа ҿарацәа, лассы-лассы атеатр иаҭаауа ахәаҧшцәа, асценатә ҟазара абзиабаҩцәа. Аиҿцәажәарақәа рхы рыладырхәыр рылшоит изҭаху зегьы.







шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.