Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс иаԥнаҵаз Анацәеи абацәеи рыклуб акыраамҭа еиԥҟьаны иҟаз аусура еиҭахацнаркит. Аиԥылара ҿыц темас иаман Аԥсны ашколтә ҵара аиҿкаашьа.

АААК иатәу Анацәеи абацәеи рыклуб апандемиа иахҟьаз аиԥҟьара ашьҭахь ҩаԥхьа аусура иалагеит. «Асезон ҿыц» раԥхьатәи аиԥылара аҳауаҿы имҩаԥысит, аԥшьаша ԥхынгәы 29 рзы, иагьазкын иара ашколтә ҵара аиҿкаашьа. Абри атемала ажәахә лыманы дықәгылеит Аԥсуа ҵаратә система аинновациақәа ралагалара ацентр аиҳабы Инна Барчан.

Анацәеи абацәеи рыклуб аусура зеиԥшла ахҳәаа азуа, Инна Барчан иазгәалҭеит, ас еиԥш гәаартылатәи аицәажәара аҭахны иҟазижьҭеи акрааҵуан ҳәа, ахәыҷааӡара иалахәу зегьы ргәаанагарақәа ахьеибырҳәаша, рԥышәа ахьеимырдаша.

Аиԥылара алагамҭаз лара иааркьаҿны иалылкааит дызлацәажәараны иҟоу ихадароу азҵаарақәа: аҵаратә система шеиҭактәу, иаҳа ишырманшәалатәу, ахәыҷкәа ҳаамҭазтәи адыррақәеи алшарақәеи шрыҭатәу.

«Хықәкы хадас ирызнаҳгарц иаҳҭаху уи оуп, умшәа-умырҳа, «нас» ҳәа иахымгакәа азҵаарақәа ӡбалатәуп. Иҿыцӡоу арҵаратә практикақәеи аметодқәеи зны иҭҵааны, нас ашколтә ҵаратә система иалагалатәуп», – ҳәа лыԥхьаӡоит Барчан.

Анаҩс лара еиҭалҳәеит напхгара зылҭо Аԥсуа ҵаратә система аинновациақәа ралагалара ацентр аусура атәы. Иазгәалҭеит ацентр аусзуҩцәа еиуеиԥшым адунеитә ҵаратә практикақәа анализ шырзыруа, иаҳҳәап афинқәа, аестонцәа, иара убас Сингапураа ртәгьы.

«Абра Аԥсны ианаалашақәа акык-ҩбак аметодикақәа ҳрызхәыцхьеит, игәаҳҭахьеит. Ҳара арахь иааҳгеит Сингапурынтәи аекспертцәеи аконсультантцәеи. Ҳақәгәыӷуеит [Аԥсны] аҵара аминистррагьы адгылара ҳарҭап ҳәа аҵаратә практика ҿыцқәа рԥышәара аус аҿы», – лҳәеит лара.

Инна Барчан еиҭалҳәеит убасгьы, Сингапур аҵаратә система аханатә ишаԥҵаз, насгьы ихьыԥшыму аҳәынҭқарра ыҟоуижьҭеи 45 шықәса ирылагӡаны «аихьӡара дуӡӡақәа шарҳаз, адунеи аҿы аԥхьагылара змоу аҳәынҭқаррақәа ртәылауаа акала ирыҵамхо ауаҩы иааӡара шалшо». Сингапуртәи аметодика шьаҭас иамоуп еиуеиԥшым аҵаратә формақәа реилаӡҩара: академиатә инаваргыланы игәырҿыӷьгам ахәмарратә форма ахархәара шарҭо. Абри асистемаҿы азҿлымҳара ду арҭоит аихӡыӡаара, аицхыраара ахьаԥу акласс аиҵааӡара, сгәыԥ зегьы аӡәк еиԥш еидгыло, доусы еизыӡырҩуа, еивагыло иҟоуп.

Аиԥылара ашьҭахь аспикер иазгәалҭеит, Анацәеи абацәеи рыклуб алахәцәа активла атема иалацәажәон ҳәа, азҵаарақәа ықәдыргылон, доусы ргәаанагарақәа рҳәон, аинтерес зҵаз адискуссиа рыман.

«Сгәанала, анацәеи абацәеи аҵараҿы аҿыцрақәа ралагалара иазыхиоуп. Иадҵаалоит. Дара ирбоит ахәыҷқәа ирыгхо шыҟоу, еиҳагьы иҿиозар, еиҳаны адырра роуазар рҭахуп. Сара сыхәҭаахьала адгылара ҟасҵоит абра иҿыцу аҵаратә система ахьԥыршәо аексперименталтә школқәа аатуазар», – лҳәеит Инна Барчан.

Хҩык ахәыҷқәа ран, ахьӡ змоу аԥсуа журналист Арда Џьапуаԥҳа илҳәеит аҵаратә система аԥсахра атема актуалра шаҵоу.

«Сара сыкәша-мыкәша иҟоу, сзыҿцаауа анацәеи абацәеи реиҳараҩык хымԥада иазааихьеит иахьа иҳамоу аҵаратә система аиҭакра шаҭаху. Адунеи ҭыԥк аҿы игылам, аԥсҭазаара аҽаԥсахуеит, атәылақәа жәпакы аҵара рҽадцаланы иҟоуп, ахарџь рацәаӡаны иақәырҵоит, аҵак ду шамоу еилкааны. Ҳаргьы ҳхәыҷқәа рҵара ихадароу аҭыԥ азылаҳхроуп, зегь раԥхьаӡа иргылатәу усуп абри», – лҳәеит ажурналист.

Лара иазгәалҭеит убасгьы, аклуб аиԥылараҿы даара аинтерес зҵоу, уагьзырхәыцша ахшыҩҵакқәа ишрылацәажәаз, Аԥсуа ҵаратә система арҿыцрақәа ралагалара ацентр аусурагьы ахәарҭара ду шацу.

«Уажәнатә издыруеит анацәеи абацәеи рҟынтә аӡәырҩы абри Ацентр, ма аиԥш зеиԥшу аҵаратә система аиӷьтәра иазку даҽа хеидкылак зегь рыла ишавагыло», - ҳәа агәра лгоит Арда Џьапуа.

Оксана Ԥачлиаԥҳа Анацәеи абацәеи рыклуб аиԥыларақәа шамахамзар ибжьалыжьуам. Лхәыҷқәа макьана ашкол ахь иныҟәаӡом, аха лара уажәнатә урҭ рҵара дазхәыцуеит. Оксана лгәы ишаанаго ала, иахьа ишьақәгыланы иҟоу аҵаратә система аԥсахра ус унадыххыланы иузалыршо акакәым.

«Ҳашколқәа ус иааинырсланы абарҭ апрактика ҿыцқәа рыдкылара рҭаххоит ҳәа сыҟам, ирҭаххаргьы, иаразнакала ирызрыдымкылар ҟалап. Сгәанала, зназы курсқәак, мамзар лагерк еиҿкаазар ауеит, аамҭак алхны ахәыҷқәа ахьушьҭыша, иаҳҳәап иара убри сингапуртәи асистема аус шауа лабҿаба игәоуҭарц» , – лҳәеит Оксана Ԥачлиаԥҳа.

Аиԥылара аихшьалақәа ҟаҵо, Анацәеи абацәеи рыклуб анапхгаҩы Кама Кәыҵниаԥҳа илҳәеит аицәажәара бзиа шроуз.

«Еиуеиԥшым агәаанагарқәа ыҟан. Аҵараҿы итрадициатәу азнеишьақәа ирыдгылозгьы ыҟан, дара ргәаанагара рыхьчон, аха аиҳараҩык ирҳәоз уи акәын – иахьазы иҳамоу аҵаратә система ҿиаӡом, ишьақәханы иҟоуп, азнеишьа ҿыцқәеи аформа ҿыцқәеи алагалатәуп», – лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.

Аклуб анапхгаҩы лгәаанагара шыҟоу ала, аҵара аганахьала Аԥсны ишьақәгылаз акризис умбар залшом. Акарантин иахҟьаны шықәсынаҟьак еиԥҟьаны иҟаз аҵаратә процесс ицәырнагаз аграқәа рацәоуп, уаанӡагьы иҟаз, аха рацәак иубарҭамыз.

Анацәеи абацәеи рыклуб – Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Адискуссиатә клуб аҩнуҵҟа еиҿкааз проект ҷыдоуп, аусура иалагеит 2019 шықәса абҵарамзазы. Аклуб иалахәхар рылшоит ахәыҷқәа змоу зегьы. Аиҿкааҩцәа ражәақәа рыла, уи азы иаҭаху – азҿлымҳареи агәазыҳәареи мацара роуп. Аклуб аҟны еиуеиԥшым аспециалистцәа рԥыларақәа мҩаԥысуеит: апсихологцәа, ахәыҷҭәы ҳақьымцәа, ахәыҷааӡараҿы згәаанагара акырԥхылнадо егьырҭ аекспертцәа.