1989 шықәса, нанҳәамза 25-26 рзы Аҟәа имҩаԥысит Кавказ ашьхарыуа жәларқәа Рассамблеиа (Рконфедерациа) актәи аизара ду.

Асҭанда Арӡынԥҳа

Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых здыруа дарбанызаалак имаҳацкәа дыҟам Кавказ ашьхарыуа жәларқәа Рассамблеиа (ианаԥҵаз ашьҭахь иаарласны Аконфедерациа ҳәа ахьӡ ԥсахын) аӡбахә. Избан акәзар идгыла ацхыраара ӷәӷәа ҟанаҵеит аԥсуа ар ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа ириааиразы. Иара убасгьы, Аконфедерациа ахатәгәаԥхарауаа Аԥсныҟа раара ашьақәгылара иагәеисырҭаны иҟалеит. 

Ашьхарыуа Республика иаҿырԥшны

Кавказ ашьхаруа жәларқәа Рассамблеиа аԥҵан 1989 шықәса, нанҳәамза 25 рзы, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра алагара хышықәса шагыз. Уи аҽны Аҟәа, Аԥсны аминистрцәа реилазаара аконференц-зал аҟны имҩаԥысит Ассамблеиа актәи аизара ду. Аусмҩаԥгатә еизнагеит Аԥсныи Нхыҵ-Кавказ ареспубликақәеи рҟынтә 500-ҩык аделегатцәа. 

Кавказтәи ажәларқәа Рконфедерациа Актәи аизара ду, Аҟәа, 1989 шықәса

«Уи аҽны аҳҭнықалақь аҿы инхоз ақырҭқәа рыҩны инхарц еиӷьыршьеит, ақырҭуа милаҭ ахаҭарнакцәа рыла ишьақәгылаз Аԥсны аиҳабыра ракәзар, иаалырҟьаны Қарҭҟа «аконсультациақәа» рахь ицеит», – ҳәа урҭ ахҭысқәа дрылацәажәо иҩуеит агазеҭ «Республика Абхазиа» аредактор хада Иури Ҟәырасқәуа.

Иара игәаанагарала, Қырҭтәыла иадыз Аԥсны аиҳабыра еилыркааит, ари кавказтәи аидгыла иалоу амч, насгьы уи дара иақәкны ирымоу афашисттә планқәа рынагӡра иашаԥырхагахоз. Уи аамҭазы Қырҭтәыла Асовет Еидгыл иалҵырц аӡбахьан, Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи надкыланы, аԥсуа жәлари ауаԥс жәлари рпозициа зхьаԥшрак ҳәа амҭаӡакәа. 

Усҟан Қарҭи Аҟәеи реизыҟазаашьақәа еиҳа-еиҳа иуадаҩхон, аҵыхәтәан иаарту аиҿагылара змоу аформагьы шьҭнахит. Уи ҟалеит 1989 шықәса, ԥхынгәымзазы. Аҟәа иҟалаз аидысларақәа рышьҭахь, 30-нызқьҩык рыла ишьақәгылаз ақырҭуа колонна Аԥсны алалара рҽазыршәеит, аха урҭ Очамчыра иаанкылан, аӡиас Аалӡга ахықәан. 

Кавказ ашьхарыуа жәларқәа Рассамблеиа аԥҵрагьы зыбзоуроу зыӡбахә ҳамоу ахҭысқәа роуп. Аԥсуаа еилыркаауан, ирныруан арыцҳара шааигәахоз, Ассамблеиа аԥҵаралагьы ақырҭқәа иддырбар рҭахын, Кавказ жәларқәа рҟынтә аԥсуаа адгылара шроуа, иаҭаххаргьы - Қарҭтәи агрессиа иақәнагоу аҿагылара шарҭо. 

Аибашьра анцоз аамҭазы Муса Шанибов Аԥсуа телехәԥшра иаиҭаз аинтервиу, 1992-1993 шықәсқәа

Аидгыла напхгаҩыс дҟалеит аполитик, ауаажәларратә усзуҩы Муса Шанибов. Аамҭак ашьҭахь иара иазгәеиҭоит, Ассамблеиа аԥҵара ҵаҵӷәы хадас иамаз – Аԥсны аинтересқәа реилагара иазынарханы Қырҭтәыла имҩаԥнагоз аусқәа рҿагылара шакәыз.   

Кавказтәи аидгыла ахьӡи, аилазаашьеи, адоуҳаи ухьадырԥшуан 1918 шықәсазы ирылаҳәаз Ашьхарыуа Республикахь – усҟан уи иалалеит Аԥсныи Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәеи. 1990 шықәса, жьҭаарамзазы Ассамблеиа – Ашьхарыуа Республика азинмдаҩыс ишыҟоу азы алаҳәара ҟанаҵеит. 

1991 шықәса, абҵарамзазы Аҟәа имҩаԥысыз аидгыла III-тәи аизараҟны Ассамблеиа – Кавказтәи ашьхарыуа жәларқәа Рконфедерациа ҳәа ахьӡ еиҭакын. Жәаҩа милаҭ (аԥсуаа, абазақәа, аварцәа, адыгақәа (ачерқьесцәа), ачеченцәа, абалкарцәа, адаргинқәа, аҟарачқәа, акәумыкцәа, алезгинцәа, алакцәа, ауаԥсаа) Аиқәшаҳаҭра напы аҵарҩит, иагьрыдыркылеит Кавказ ашьхарыуа жәларқәа рконфедеративтә еидгылазы Адекларациа. 

Дара иаԥырҵарц рыӡбеит иара убас Кавказтәи апарламент, Абжьаҟазаратә ӡбарҭа, Ахьчаратә еилакы, Аконфедерациа аштаб-квартирас иалырхит Аԥсны аҳнықалақь Аҟәа. Кавказ ашьхарыуа жәларқәа Рконфедерациа ахы ҳәаақәнаҵеит "ихьыԥшым амилаҭтә-ҳәынҭқарратә еиҿкаара" аҳасабала. Аконфедерациа апарламент иаднакылоз аӡбамҭақәа абжьагаратә ҟазшьа рыман, Аконфедерациа иалаз аҳәынҭқаррақәа досу рофициалтә напхгарақәа рахь иаднаклаз аӡбамҭақәа нанашьҭуан.

1992 шықәса, жьҭаарамзазы Аԥсны аибашьра анцоз аамҭазы, аиҿкаара ахьӡ иамхын ажәа "ашьхарыуа". Аидгыла иахьыӡхеит Кавказ жәларқәа Рконфедерациа ҳәа, избан акәзар уи иалалеит аԥсуа жәлар рыхьчаразы игылаз Алада Урыстәылатәи аказақцәагьы. 

Ҳара – ҳконфедератцәоуп!

Қарҭ аԥхьа рацәак хырҩа арымҭеит Кавказ жәларқәа реидгыла, "ақьаад иалху абжьас" ҳәа иатәамбакәа иахҳәааны.

Аԥсны акәзар, ари аидгыла агәыӷра дуқәа адырҳәалон. Ажурналист Витали Шариа ишигәалаиршәо ала, аԥсуаа еилыркаауан аамҭа уадаҩ иҭагылараны ишыҟаз, убри аҟнытә Кавказтәи ареспубликақәа рҟынтә адгылара - хымԥада иаҭахны иҟаз ак акәын. 

Аԥсны адгылара аҭаразы Кавказ ашьхарыуа жәларқәа аконфедератцәа рахь иҟарҵаз ааԥхьара

Ассамблеиа, и анаԥҵаз раԥхьатәи амшқәа инадыркны еиуеиԥшым акультуратә усмҩаԥгатәқәа еиҿнакаауан, иаҳҳәап, Аҟәа иазгәаҭан Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш, уи иазкыз алахьеиқәратә усмҩаԥгатәқәа нагӡан, иара убас Аԥсуа-адыга культура амшқәа Аҟәа имҩаԥысит аибашьра алагара маҷӡак шагыз, ԥхынгәымзазы. Аха иара убри аамҭазы ари аидгыла "аԥҵахон ахҭысқәа шааҳәлакгьы, ацхыраара алшартә еиԥш" ҳәа еиҭеиҳәоит Шариа. 

Аладатәи Урыстәылантә ахатәгәаԥхарауаҩ Кавказтәи ажәларқәа Рконфедерациеи Аԥсныи иаиҭаз ацхыраара иазкны 

Ажурналист иазгәеиҭоит Ассамблеиа раԥхьатәи аизарақәа ҩба Аҟәа ишымҩаԥысыз ауаа рацәа адымгалакәа. Ахԥатәи аизара акәзар, иара мҩаԥысит 1991 шықәса, абҵарамза 1-2 рзы, убас ирацәаҩны ауаа аднагалеит, зегьы акырц азы Аԥсуа драматә театр ахыбраҿы имҩԥысуа аҟынӡа.

Уи ашьҭахь хара имгакәа иҟалаз ахҭысқәа иаадырԥшит Аконфедерациа иамаз амчи алшеи шырацәаз, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы аԥсуа ҳаиааиразы хәы змаӡам алагала ҟанаҵеит.

Кавказтәи ажәларқәа Рконфедерациа апарламент аилатәара, Пицунда

Аԥсны аибашьра аналага раԥхьаӡатәи амшқәа инадыркны Кавказ жәларқәа Рконфедерациоуп Нхыҵ-Кавказ ареспубликақәа рҟынтә ахатәгаԥхарауаа еидкыланы, ахақәиҭреи ахьыԥшымреи ирзықәԥоз Аԥсны жәлар ирывагыларц раашьҭра иалагаз. 

Аибашьра аҩбатәи амш, нанҳәамза 15 рзы аԥсуаа рнапаҵаҟа иҟаз Гәдоуҭа ақалақь ахь иааит раԥхьатәи ахатәгәаԥхарауаа-конфедератцәа ргәыԥ. Урҭ драԥхьагылан Султан Сосналиев - апрофессионалтә аруаҩы, Кавказ жәларқәа Рконфедерациа Ахыхьчаратә еилакы ахадас иҟалаз.

Нанҳәамза 18 рзы Чечентәыла аҳҭнықалақь Грозныи имҩаԥысыз Аконфедерациа апарламент иҷыдоу аилатәараҿы иазыӡбан Аԥсны ацхыраара аҭатәуп ҳәа. Ахатәгәаԥхарауаа ргәыԥ ҿыцқәа реидкылара нап аркын. Абри аусура иалҵшәаны аԥсуа жәлар ирывагыларц иаауа иалагеит ахатәгәаԥхарауаа Нхыҵ-Кавказынтә, Алада Урыстәылантә, аҳәаанырцә иҟоу ҳдиаспорақәа рхаҭарнакцәагьы Ҭырқәтәылантә, Иорданиантә, Шьамтәылантә, Канадантә уҳәа убас егьырҭ атәылақәа рҿынтә. 

Аконфедерациа ирыланаҳәеит Қырҭтәылеи иареи аибашьратә ҭагылазаашьа шрыбжьоу. Аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩцәа абри афакт ҷыдала иалыркаауеит, аԥсуа жәлар рҿагылараҿы анырра ӷәӷәа ҟазҵаз акәны. Ас еиԥш зынӡа иазыԥшымыз Қырҭтәыла аиҳабырагьы ари аҳәамҭа "ацәа алнахит", уи амшала Еидҵоу Амилаҭқәа Реилазаарахьгьы ашшыԥхьыӡ рышьҭит. 

1992 шықәса, жьҭаарамзазы Аԥсныҟа даауеит Аконфедерациа ахада Муса Шанибов ихаҭагьы. Иара Гәдоуҭа иаԥиҵеит Аконфедерациа аоперативтә штаб. Ари аштаб аконфедератцәа зегьы еиқәзыршәоз, еиҿызкаауаз мчны иҟалеит, абрантә акәын дара аидысларақәа ахьцоз аибашьра амцашыра ишалагылоз. 

Иааидкыланы Аԥсны ахақәиҭра иазықәԥон ҩ-нызқьҩык инареиҳаны ахатәгәаԥхарауаа. 51-ҩык ирыхҵоуп "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ ҳаракы, 247-ҩык Леон иорден ранашьоуп, 623-ҩык "Агәымшәаразы" амедал ранашьоуп. 260-ҩык инареиҳаны ахатәгәаԥхарауаа ҭахеит. 

"Кавказ жәларқәа Рконфедерациа ахымҩаԥгашьоуп аԥсуа жәлар рнырҵәара алзмыршаз ҳәа сгәы иаанагоит!" - иҳәоит нас Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба Аконфедерациа иазкны.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анеилга аамышьҭахь Кавказ жәларқәа Рконфедерациа ишиашоу иара ахьӡала анаҩстәи аибашьратә конфликтқәа рҿы иқәымгылеит. Аконфедерациа апарламент 1998 шықәсазы имҩаԥысыз асессиаҟны иӡбан Аконфедерациа аусура аамҭала иаанкылазарц, уи иалоу ажәларқәа руак аҟынтә иара аусура аиҭахацыркразы аҳәара ҟалаанӡа. Абри ала Аконфедерациа аусура хыркәшахеит уҳәар ауеит.