Аԥсны ақыҭақәа рҟынтә 300-ҩык инареиҳаны ашколхәыҷқәа рхы аладырхәит амилаҭ хәмаррақәа ирызкыз АААК амастер-классқәа

Амилаҭ спорт хәмаррақәа раларҵәара иазкыз АААК апроект хыркәшоуп. Уи иалахәын 300-ҩык инареиҳаны ашколхәыҷқәа Аԥсны ақыҭақәа ааба рҟынтә: Мгәыӡырхәа, Дәрыԥшь, Абгархықә, Ҷлоу, Араду, Мықә, Тамшь, Џьгьарда. Ари апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны Аконгресс аҟәатәи аофис аусзуҩцәеи АААК Аҭыԥантәи аҟәшақәа рхаҭарнакцәеи еилахәны ахәыҷқәа амилаҭ хәмаррақәа рҭоурых иазку алекциақәа ирыԥхьон иара убас аицлабрақәа рымҩаԥгашьа ддырҵон. Амастер-классқәа мҩаԥысит абарҭ амилаҭ хәмаррақәа рыла: «Аимҵакьача», «Ахылԥахас», «Акьыброу».

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь иазгәеиҭеит амилаҭ хәмаррақәа рзыхынҳәра иазку апроект аҵак ду шамоу ажәлар ркультура аиқәырхара аус аҿы.

«Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо Аконгресс аҭыԥантәи аҟәшақәа  рымчала инагӡахо апроектқәа Абаза жәлар рмилаҭтә культура аиқәырхареи арҿиареи хықәкыс ирымоуп. Урҭ ззынархоу, раԥхьаӡа иргыланы, аҿар роуп, изызҳауа абиԥара рмилаҭ спортхкқәеи ахәмаррақәеи бзиа ирбо рааӡара иазкуп», – иҳәеит Егзакь. 

Амилаҭ хәмаррақәа ирызкыз амастер-классқәа ԥшьымз раахыс имҩаԥысуан, рашәарамза инаркны цәыббрамза нҵәаанӡа. Ари аамҭа иалагӡаны апроект алахәцәа аԥсуа милаҭ спорт зеиԥшроу еилыркааит, бзиагьы ирбеит. Абри атәы еиҭеиҳәеит АААК Аҿар рыҿиареи абаҩрҵәыреи рыҟәша аиҳабы, амилаҭ хәмаррақәа реиҭеира иазкыз апроект анапхгаҩы Валери Берзениа.

«Ҳара иҳалшеит аҿар разхьарԥшра. «Амҵакьача» ахәмарра аӡбахә аиҭаҳәара адагьы, ҳхаҭақәагьы ахәмаршьа дҳарбон, даргьы иргәаԥханы иҳацлон. Знык ахәмарра ианалагалак, иузаанкылаӡомызт», – иҳәеит Валери Берзениа.

Амастер-классқәа рымҩаԥгара иаԥхьанеиуан ахәмаррақәа ирызкыз атеориатә материал аизагара, аҭҵаара. АААК акоманда иазнархиеит амилаҭ спорт хкқәа рыԥҟарақәа зну аизга, дара иразку ашәҟәы аматериалқәеи ақыҭауаа еиҭарҳәоз ражәабжьқәеи рыла.

 Амилаҭ спортхкқәа реиқәырхареи раларҵәареи аҵакы далацәажәо апроект анапхгаҩы Валери Берзениа иазгәеиҭеит дара аԥсуа милаҭтә культура артефактк аҳасабала хәы змам акакәны ишыҟоу.

«Ҳара хықәкы хадас иҳамоу аԥсуа культуреи, аҭоурыхи, абызшәеи реиқәырхароуп. Аԥсуа милаҭ хәмаррақәа рзыхынҳәра иазкыз апроект аҿар аспорт разхьарԥшра иазынархан, насгьы иааидкыланы аԥсуа культура еиҳагьы бла хала ҳахәаԥшуа, гәыкала иҳадаҳкыло аҟаҵара. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳара иаҳҭахуп ажәытәан ҳажәлар ирылаҵәаны иҟаз еиуеиԥшым аспортхкқәа аҿар ирдыруа иҟазарц: абарҭ ахәмаррақәа рыла заԥхьаҟа зыԥсадгьыл ахьчара иазыхианы игылаша аибашьцәа азыҟарҵон, аласреи, аилҟьареи, аиҿамсреи рыларааӡон», – ҳәа игәаанагара ҳацеиҩишеит Берзениа.

Амастер-классқәа рыцыԥхьаӡа 40-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа рылахәын. Ахәмаррақәа рынахысгьы Аконгресс аусзуҩцәа урҭ амультфильмқәеи афильмқәеи ддырбон: аиҳабыратә классқәа рҟны итәоу аԥсуа милаҭтә кульутра иазку апроект «Амазара» афильмқәа ирыхәаԥшит, аиҵбацәа – Асҭамыр Кәыҵниа имультфильм «Абраскьыл ифырхаҵара».

Аԥсышәала афильмқәа рыхәаԥшра ашколхәыҷқәа ишыргәаԥхаз атәы еиҭеиҳәеит Аҭыԥантәи ахаҭарнакрақәа аус рыцура аҟәша аиҳабы Дмитри Жьиба.

«Ақыҭақәа фба рҿы афильмқәа дҳарбон, ахәыҷқәа зехьынџьара гәахәарала ирыдыркылон, игәырӷьаҵәа иаҳԥылон. Иргәаԥханы акино иахәаԥшуан, анаҩс ирбаз иалацәажәон, «аԥхынтәи акинотеатрқәа» ҳаманы ҩаԥхьа ҳаиҭарызнеирц иҳаҳәон. Ақыҭауаа рхаҭақәагьы ас еиԥш ахәаԥшрақәа еиҿыркаарц иаҭаху еигьиу ҳәа иазхәыцуа иалагеит», – иҳәеит Дмитри Жьиба.

Амилаҭ спорт хәмаррақәа реиҭазыхынҳәра иазкыз апроект ахыркәшамҭаз имҩаԥган атурнир «Ахьышьҭра», уи рхы аладырхәит акомандақәа ԥшьба: Дәрыԥшьи, Џьгьардеи, Ҷлоуи ақыҭақәа рҟынтә ашколхәыҷқәа, иара убас Аҟәатәи 1-тәи абжьаратә школ аҵаҩцәеи. Аицлабра алахәцәа ирылаз аадырԥшит амастер-классқәа раан ироуз аԥышәа рхы иархәаны.

Апроект аихшьалақәа ҟаҵо АААК акоманда иазгәарҭеит иара қәҿиарала ишымҩаԥысыз, аҿар рыбжьара амилаҭ хәмаррақәа раларҵәара шалыршахаз, анаҩс ари ахырхарҭала иҟаҵатәу азгәарҭеит.