Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак алахәцәа апандемиа аамҭазы АААК аусура иалацәажәеит.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь имҩаԥигеит Иреиҳаӡоу ахеилак алахәцәа афбатәи реилатәара ахәаша, ԥхынгәы 4 рзы. Аилатәара мҩаԥысит онлаин-видеоконференциа аформат ала: Ахеилак алахәцәа аҟәатәи аофис рҽамардеит Москвеи, Санкт-Петербурги, Черқьесски ақалақьқәа рҟынтә, иара убас Ставрополь, Аҷариа, Иорданиа, Сҭамԥыл, Сақариа уҳәа рҟынтә. Амшхәаԥштә азҵаарас иқәгылан Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс COVID-19 апандемиа аамҭазтәи аусура.

Аилатәара алагаанӡа уи зхы алазырхәыз зегьы аԥсшәақәа реиҳәеит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь.

Анаҩс АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба еиҭеиҳәеит апандемиа аамҭазы Аконгресс усқәас изҿыз . Иара иазгәеиҭеит, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь инапынҵала, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчара аус активла ахы аланархәит ҳәа.

«Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыда аналаргала аахыс АААК аусура шьаҭанкыла ахы археит ҳтәыла ауааԥсыра аҿкы рацәыхьчара аганахь. Убас, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь иааихәан Аԥсныҟа иааишьҭит акоронавирус аҿагыларазы ихәарҭоу амедицинатә маҭәахәқәеи ахыхьчагатә маҭәашьарқәеи. Амедицинатә маҭәахәқәа аахәан Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрраҟны иаԥҵоу ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб еиқәнаршәаз асиа шшьаҭас иҟаҵаны», – иҳәеит Гыцба.

Иара еиҭеиҳәеит убасгьы Аконгресс акоманда активла аус шрыцнауа аусбарҭабжьаратә оперативтә штаб, агәыҳалалратә еиҿкаара «Кьараз», ауаажәларратә информациатә центр «Адгылара».

«Кьараз» аусзуҩцәеи АААК акомандеи еицхырааны акарантин аамҭазы зсоциалтә ҭагылазаашьа уашәшәырахаз аҭаацәарақәа фатәы-жәтәыла еиқәдыршәеит. АААК Аҿар рхеилак алахәцәа аволонтиорцәа раҳасабала аҭыԥантәи аусбарҭақәа ирыцхраауан, ауааԥсыра авирус аҽацәыхьчаразы иҟаҵатәу азы аинформациа рырҭон, абыргцәа ирыцхраауан.

АААК аинфопортал апресс-маӡаныҟәгаҩ Саид Барганџьиа Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрраҟны иаԥҵаз ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аусбарҭабжьаратә оперативтә штаб далалеит, аштаб аусура аганахьала адырра аларҵәараҿы ацхыраара ҟаиҵон.

Апортал иҭзыжьуа аредактор Изольда Ҳагԥҳа ахыхьчагатә сабрадақәа ӡахны изҭаху зегьы ирзылшон.

Абри аамҭазы АААК иааиԥмырҟьаӡакәа Москватәи аԥсуа диаспорагьы иамадан.

АБРИ АХҬЫС ИАЗКУ АВИДЕО АХӘАԤШРА >>

«[Аԥсны ацхыраара аҭаразы] аԥара аидкылара иалахәын ауааԥсыра зегьы, убри аҟнытә МАД аштаб аусура иахьынӡауа иаартызар акәын, зҵаара цәырнамгартә еиԥш информациала еиқәыршәатәын. Абри аус аҟны хатәгәаԥхарала аҭакԥхықәра лхахьы илгеит АААК Аҳәса рхеилакқәа рнапхгаҩы Гета Арӡынԥҳа. Есыҽны абри иазку анҵамҭақәа еиқәыршәаны иркьыԥхьуан (аинфографикеи атексти)», - ҳәа иажәахә иацҵаны иҳәеит Гыцба.

Иара иациҵеит убасгьы АААК ахыԥхьакра аамҭазы афатә аахәараҿы ауадаҩрақәа зауз арепатриантцәа рҭаацәарақәагьы ишрыцхрааз. Иааидкыланы 126-ҩык ауааԥсыра ацхыраара рыҭан.

Абарҭқәа зегьы инарываргыланы Аконгресс иацнаҵон Аԥсны иаԥҵаз аҭыԥантәи аҟәшақәеи иареи еицазгәарҭахьаз аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара.

«Абас иҟоу апроектқәа ируакуп Аӡҩыбжьатәи апарк арԥшӡара аконцепциа архиарагьы. Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс акомандеи агәыҳалалцәа гәыԥҩыки ацхыраара ҟарҵоит [убасгьы] Очамчыра араион, Баслахә ақыҭан инхо ашкол арҵаҩы иҭаацәара рзы аҩны аргылараҿы. Лаҵарамза 21 рзы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит, амшын аԥшаҳәаҿы иадыркит агәалашәаратә цәашьы Ашьамаҟа, еиқәырҵеит Нарҭаа рымца. Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс еиҿнакааит иагьымҩаԥнагеит ақыҭақәа Аҭара, Пақәашь, Река, Баслахә, Акәасқьа, Гәыԥ инхо ахәыҷқәа рзы аныҳәа гәырӷьахәқәа», – ҳәа еиқәиԥхьаӡеит Инар Гыцба.

АААК аинфопортал анапхгаҩы Амина Лазԥҳа еиҭалҳәеит апандемиа аамҭазы апортал аусура ажәабжьқәа реиҭаҳәарахь мацара ишиагаз. Абри аамҭа зегьы иалагӡаны АААК аинфопортал асоциалтә ҳақәа рҟны иамоу адаҟьақәа рҿы иакьыԥхьуеит Аԥсны акоронавирустә ҿкы алаҵәареи ауааԥсыра рыхьчареи аганахьала иҟоу аҭагылазаашьа атәы зҳәо анҵамҭақәа.

«Абасала адунеи иқәынхо ҳџьынџьуаа зегьы алшара рымоуп рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҟны СOVID-19 аҿагылара аганахьала имҩаԥысуа азы аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа реилкаара, рыԥхьара, доусы ирдыруа абызшәала. Убасгьы АААК аинфопортал асаит аҟны есыҽны иаҳкьыԥхьуеит авирус Кавказ иахьаҵанкуа алаҵәашьа зеиԥшроу азы астатистикатә информациа, Аԥсны иҟоугьы уахь иналаҵаны», – лҳәеит Лазԥҳа.

Апандемиа шыҟазгьы, Аконгресс апортал аҟны ихацыркын абызшәатә проект ҿыц «Аԥсышәала ҳцәажәоит/Абазала ҳцәажәоит». Амина Лазԥҳа еиҭалҳәеит, ари онлаин-проект аҳәаақәа ирҭагӡаны абаза жәлар ахаҭарнакцәа адунеи ҭыԥс иахьынхозаалакгьы, бызшәас излацәажәозаалакгьы, рхатәы бызшәа аҵара рылшоит ҳәа.

Аилатәараҿы ицәырган Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Ацентртә ревизиатә комиссиа ииасыз ашықәса азтәи аҳасабырба. Уи даԥхьеит ИАЕ «Алашара» Черқьесск иҟоу аҟәша анапхгаҩы, Аконгресс Ацентртә ревизиатә комиссиа ахантәаҩы Мураҭ Мыкәа. Иара инарҭбааны дазааҭгылеит 2018 шықәса лаҵарамза инаркны 2020 шықәса лаҵарамзанӡатәи апериод.

Мыкәа иазгәеиҭеит Аконгресс афинанстә-нхамҩатә усура шымҩаԥысуаз хатәгәаԥхаралатәи аԥаралагалеи Аконгресс алахәцәа есышықәсатәи рыхәҭалагалақәеи рыла. Хатәгәаԥхаралатәи аԥаралагалақәа идыртәеит 47 миллиони 220 нызқьи мааҭ, алахәцәа рыхәҭалагалақәа – 33 нызқь мааҭ.

«Аҵыхәтәан аревизиатә комиссиа азааит Аконгресс афинанстә-нхамҩатә усура алҵшәақәа хар рымам ҳәа иуԥхьаӡартә иҟоуп ҳәа. Аиҿкаара аусура анырра аҭара зылшоз аилагарақәа ҳәа акгьы шьақәыргыламызт. Аконгресс аҳасабеилыргаҩцәа ирабжьагоуп ирыҭаз азгәаҭарақәа аус рыдуланы аревизиатә комиссиа ирыдыргаларц афинанстә дисциплина аиӷьтәра иазку аусмҩаԥгатәқәа рыплан», – ҳәа иажәа хиркәшеит Мураҭ Мыкәа.

«Алашара» аусзуҩцәа активла аус рыцура ишалагаз ареспублика аиҳабыреи, Апарламенти, Агәабзиарахьчара аминистрреи, абаза қыҭақәа рхадацәеи, уа иҟоу аполиклиникақәеи ахәышәтәырҭақәеи рҳақьым хадацәеи.

«Алашара» акомандеи, абаза қыҭақәа рҿы инхо аҳәса ркоординациатә хеилаки, абаза қыҭақәа рҿы еиҿкаау афельдшертә-акушертә пунктқәа рактивистцәеи рымчала еидкылан – абаза қыҭақәа рҟны ачымазара захьыз рхыԥхьаӡареи иаҭахны иҟаз ахәшәқәеи амедицинатә маҭәахәқәеи рганахьала ҳазҭоу ашықәс рашәара 3 рзы актуалра зҵаз аинформациа.

Акоронавирустә чымазара захьыз рҟынтә зсоциалтә ҭагылазаашьа уашәшәыраз аҭаацәарақәа 100 Мусса Егзакь хаҭала ахылаԥшра риҭоит. АААК ИА ахантәаҩы ацхыраара ҟаиҵеит убасгьы ҞЧА ахәышәтәырҭақәа ирҭахны иҟаз хәшәылеи маҭәахәылеи реиқәыршәараҿы.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгрессИреиҳаӡоу ахеилак Аҷариантә иалахәу Натали Лазԥҳа иааркьаҿны еиҭалҳәеит иахьазы Аҷариа ишықәынхо 55 жәла ирхаҭарнакцәоу ҩ-нызқьҩык инареиҳаны аԥсуаа. Лара лажәақәа рыла, Аҷариа иахьаҵанакуа акоронавирустә ҿкы змоу ҳәа уаҩы дшьақәыргылам. Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла иазгәалҭеит уаҟа ачымазара зыдбалаз зегьы ирымҩатәны Аҷариа иалсны ицоз ауаа шракәыз, дара иаразнак ала ишыԥхьаркуаз, убри аҟнытә ачымазара алаҵәара шалмыршаз атәы.

АААК ИА алахәыла, Ҟабарда-Балкариа иҟоу АААК аҟәша аиҳабы Владимир Ԥшьеноҟәа аилатәара алахәцәа ирзеиҭеиҳәеит ҞБА ишьақәгыланы иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа атәы. Иара иҳәеит, «аҭагылазаашьа макьана ишыуадаҩу, аха аԥхын ахыркәшамҭаз иҭышәынтәалахап ҳәа агәыӷра шыҟоу».

Ԥшьеноҟәа иҳәеит Ҟабарда-Балкариа иҟоу АААК аҟәша апандемиа аамҭазы заагарҭа маҷу аҭаацәарақәа ирыцхрааит ҳәа. Иара убасгьы аҟәша алахәцәа ачымазара зцәа иалалаз рсиақәа шьақәыргыланы ҞБА Агәабзиарахьчара аминистрра ирынаҭон.

Аилатәараҿы абрҭқәа зегь анырҳәа ашьҭахь АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь иазгәеиҭеит, ашәарҭа ҿыцқәа ҟалозар ауааԥсыра ианаамҭоу, иахәҭоу адырра рыҭара аганахьала иҟаҵатәу ашьаҿақәа ирызхәыцтәуп ҳәа. Игәаанагара злашьақәирӷәӷәазгьы уи ауп, уажәтәи ачымазара ацәырҵраан ауаа ирыҭаз аинформациа иаша маҷын, ихьшәангьы ироуит, ус акәымызҭгьы Черқьесск ачымазара ҿкы алаҵәара аԥырҟәҟәаазар аун. Егзакь агәыӷра ааирԥшит анаҩстәи аилатәара лабҿаба имҩаԥысып ҳәа, избан акәзар «зегьы гәхьааибагеит, хаҭалатәи аибабара акгьы иазыԥсахуам».

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак аилатәарақәа ирзарбоу аамҭазы еиԥҟьарада имҩаԥысуеит. Аҵыхәтәантәи аилатәара мҩаԥысит 2019 шықәса, жьҭаара 16 рзы Аҟәа, хықәкысгьы иаман Аконгресс аусура бжьаратәла аихшьалақәа рыҟаҵареи ԥхьаҟатәи агәҭакқәа рылацәажәареи, жәларбжьаратәи ахырхарҭала аусура аплангьы уахь иналаҵаны.