Баграт Шьынқәба ихьӡ зху аԥсуа бызшәа афонд ахантәаҩы, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Виачеслав Чрыгба еиҭеиҳәеит аԥсуа бызшәа аиқәырхара аус аҿы Уельстәи (Британиа Ду) аԥышәа ҳаҿыԥшыр шыҟало.

Саид Барганџьиа

Аԥсуа бызшәа аиқәырхара аус аҿы жәларбжьаратәи аԥышәа ацхыраара ҳанаҭар алшоит ҳәа иԥхьаӡоит Баграт Шьынқәба ихьӡ зху аԥсуа бызшәа афонд ахантәаҩы, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Виачеслав Чрыгба. АААК аинфопортал иаиҭаз аинтервиу аҟны иара еиҭеиҳәеит напхгара ззиуа Афонд аҟны рхы ишадырхәо абызшәа аиқәырхараҿы алҵшәа бзиақәа аазырԥшыз Уельстәи аԥышәа.

Уельс – Британиа Ду иамоу административтә-политикатә хәҭақәа ԥшьба ируакуп. Аамҭак азы уаҟа иҵарны иқәгылан ахатәы бызшәа аиқәырхара азҵаара, иахьазы уи азҵаара ӡбоуп. Уи азы иҟаҵан акомплекстә шьаҿақәа, урҭ рыбзоурала ҳаамҭазы уельстәи абызшәа ахархәара ҭбаа амоуп.

«Адунеитә практика иаршаҳаҭуеит – абызшәа аӡра апроцесс аанкылара алшоит, иара убасгьы абызшәа апозициақәа рырӷәӷәареи, уимоу анаҩс иҿиаразы аҭагылазаашьақәа раԥҵареигьы алшоит.

Уельстәи ахәыҷбаҳчақәеи, ашколқәеи рҟны зхатәы бызшәа зҵо ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара есааира иацлоит, уи аамҭазы еиҳараҩык ахәыҷқәа рани раби рхатәы бызшәа рыздырӡом.

Абызшәа аԥсы ҭалеит – аҭыԥантәи аиҳабыреи, еиуеиԥшым аусбарҭақәеи рҟны рхы иадырхәо иалагеит, насгьы абызшәа узымдыркәа аулафахәы бзиа зцу аусура узыԥшаауам. Абас еиԥш иҟоу амодель ҳаргьы ҳазнеируп», – ҳәа иазгәеиҭеит Чрыгба.

Виачеслав Чрыгба иалкааны иҳәеит, уельстәи апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа – аҭыԥантәи ахеилакқәеи, Уельстәи Амилаҭтә ассамблеиеи официалтә бызшәас рхы иадырхәо рхатәы бызшәа шакәу, уи алоуп аофицалтә материалқәагьы зыркьыԥхьуа. 1982 шықәсазы иаԥҵан ателехәаԥшратә канал – «Уельс, 4-тәи аканал» ҳәа хьӡыс измоу, уи аефир зегьы уельстәи абызшәа мацаралоуп изышьақәгылоу.

«1981 шықәсазы Британиа Ду иаднакылаз атәылауаҩразы азакәан инақәыршәаны, англыз бызшәа аиԥш, уельстәи абызшәа адыррагьы ихадоу акы акәны иҟоуп атәымуаҩы атәылауаҩра иҭаразы», – иҳәеит Чрыгба, инацҵангьы иазгәеиҭеит, абызшәа арҿиаразы апрограмма инақәыршәаны, 2050 шықәсазы Уельс зхатәы бызшәа здыруа рхыԥхьаӡара миллионҩык рҟынӡа рнагара шарбоу.

Аԥсуа ҵарауаҩ иазгәеиҭеит иара убас, абызшәа арҿиаразы апрограмма Уельс аусура ианалага аамҭазы аиҳабыра абиԥара реиҳараҩык рхатәы бызшәа шырзымдыруаз атәы.

«Ҳара ҳҿы аҭагылазаашьа даҽакала иҟоуп: аиҳабыра абиԥара аԥсуа бызшәала ицәажәоит, аха абызшәа рхәыҷқәа иддырҵарц иашьҭаӡам. Ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи ирҭоу ахәыҷқәа, зхатәы бызшәа зҭаацәара ирҿызҵааз, рдыррақәа ҳарӷәӷәароуп, еизҳарҳароуп. Убри азы иаҳҭахуп иҷыдоу аметодикақәеи, арҵага шәҟәқәеи, агәыԥқәеи: зхатәы бызшәа здыруеи, зхатәы абызшәа ззымдыруеи рзы. Убри ауп иҿыцу, алҵшәа бзиа ҳазҭо азҵаара азнеишьа шьаҭас иамазар иахәҭоу», – инаҵшьны иазгәеиҭеит аԥсуа бызшәа Афонд аиҳабы.

Чрыгба еиҭеиҳәеит, ИАЕ «Алашара» апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь ифинанстә цхыраарала, ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи рахь иныҟәо ахәыҷқәа рхатәы бызшәа ахьынӡардыруа аилкааразы аҭҵаара шымҩаԥгаз.

«Ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи рҟны аҭҵаарақәа мҩаԥаҳгон, алагарҭатә классқәа рҟны. Имҩаԥгаз аус алҵшәақәа иаҳдырбеит, зхатәы бызшәа бзианы издыруа рхыԥхьаӡара 30% ишеиҳам. Ус анакәха, 20 шықәса рышьҭахь иҳауеит зхатәы бызшәа ззымдыруа абиԥара. Аԥсуа бызшәа уацәшәаратәы ирласӡаны апозициақәа ацәыӡра иаҿуп», – иҳәеит Виачеслав Чрыгба.

Уажәааигәа, зыӡбахә ҳамоу Афонди аиҿкаара «Алашареи» иҟарҵаз ааԥхьарала Аԥсны даҭааит апрофессор Хавел Лиуис – уельстәи бызшәеи, аминоритартә бызшәақәа реиқәырхареи рзы аспециалист.

«Ҳаспециалистцәа рзы иара имҩаԥигеит аинтерес дуи ахәарҭареи злаз асеминарқәа. Лиуиси ҳареи ҳаимдара ҳарӡӡом, уи иацаҳҵап ҳәа ҳгәы иҭоуп. Убасгьы иазгәаҭаны иаҳамоуп Мусса Егзакь адгылара зиҭо апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны Уельс аҭаара, урҭ рԥышәа лабҿаба абара, аҭҵаара, анаҩс, аԥсшәеи абаза бызшәеи рыҿиараҿы ахархәаразы», – иҳәеит Виачеслав Чрыгба.

Иара убасгьы инацҵаны иазгәеиҭеит, иахьазы аԥсуа бызшәа арҵаразы ахархәара змоу арҵаратә программа хада алҵшәа дук аашьҭра шалымшо атәы, «еиҳаракгьы уи зыдҳәалоу, ҳаамҭазтәи апрограмма ззырхоу – зхатәы бызшәа бзианы издыруа ахәыҷқәа ахьракәу ауп. Ус еиԥш иҟоу ахәыҷқәа ақалақьқәа рҿы имаҷуп».

Виачеслав Чрыгба излазгәеиҭаз ала, аԥсуаа рхатәы бызшәа аҵаразы агәазыҳәара рымоуп, аха уи рымч акәдырӡыр рҭахӡам. «Ииашоуп, ҳхатәы бызшәа ҳҵар ҳҭахуп, аха уи азы аџьабаа абара ҳазыхиам», – ҳәа ақалақь аҿы инхо аԥсуа ҿар рпозициа еилыркаагас иааигоит Чрыгба.

Иахьазы аԥсуа бызшәа Афонд аус аднаулоит ашколқәранӡатәи арҵагатә шәҟәқәа реиҭагара. Урҭ атәым милаҭ рхаҭарнакцәа англыз бызшәа дырҵаразы Оскфордтәи ауниверситет еиқәныршәаз арҵагатә цхыраагӡақәа роуп. Чрыгба иажәақәа рыла, уажәазы урҭ аԥсуа бызшәазы адаптациа рзура иаҿуп, насгьы, иааидкыланы иуҳәозар, ацхыраагӡақәа рҿы иаагоу аметодикақәа аԥышәара иахрыжьхьеит, ибзиоу алҵшәақәагьы аадырԥшит.

«Ҭагалан инаркны, ахәыҷбаҳчаҿы иаԥҵахоит аексперименталтә гәыԥ. Уи агәыԥ аҟны еизгахоит зхатәы бызшәа ззымдыруа ахәыҷқәа. Урҭ рбызшәа дҳарҵалоит иҿыцу аметодикала», – ҳәа Афонд ахықәкқәа дрылацәажәо еиҭеиҳәеит Виачеслав Чрыгба.

Баграт Шьынқәба ихьӡ зху аԥсуа бызшәа афонд, ахатәы бызшәа аиқәырхареи аҿиареи ирызку азҵаарақәа аус рыднаулоит. Афонд иаԥнаҵоит абызшәа аҵаразы иахьатәи аамҭақәа ирықәшәо аметодика ҿыцқәа.