Аԥсны уаанӡа Адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟаз, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Виачеслав Чрыгба 60-шықәса ихыҵра аламҭалазы Аконгресс аинфопортал иазеиҭеиҳәеит изанааҭ алхра шыҟалаз, иҭҵаарадырратә усуреи, Европа алекциақәа дышрыԥхьои, иԥсҭазааратә мҩеи ртәы.

— 60 шықәса — ауаҩы иԥсҭазаараҿы ҳәаак иаҩызоуп, дзыхьӡахьоу ааидкыланы зеиԥшла лкаақәак аныҟаиҵаша. Иахьазыҳәан шәара иреиҳау шәеихьӡарас зыӡбахә шәҳәарц ишәылшои?

— Сықәреи сыҩнуҵҟатәи сгәалаҟареи зынӡа еиқәшәом, аха зегь акоуп, 60 схыҵит – ари сбиографиа иузаҟәымҭхуа фактуп, убри аҟнытә исгәаԥха-исгәамԥха – исыдыскылароуп.

Сара сзы еснагь ихадаран занааҭс иалысхыс ахырхарҭа – алингвистика аҿы специалист бзиас аҟалара, профессоналк иаҳасабала ашьақәгылара. Иахьсзаанаҭу анахысгьы, аҭҵааратә ус зегь реиҳа бзиа избо акоуп. Сгәыӷуеит, убри ахықәкы сзынагӡеит ҳәа, убри аҟнытә аԥсҭазаара згәы азҭоу ицәанырра сымоуп. Искьыԥхьхьоу аусумҭақәа рҟынтә иҟоуп сызлаҽхәо, ҳәарада ус иҟоу рхыԥхьаӡара иҵегь еиҳазаргьы сҭахын, аха уигьы ҟәнысшьом. Адоктортә диссертациа сыхьчеит Леидентәи ауниверситет аҟны, Европа реиҳа еицырдыруа ауниверситетқәа ирхыԥхьаӡалоу. Уи аԥхьа акандидаттә диссертациа сыхьчахьан Москва Абызшәадырратә институт аҟны, уаҟа сара иреиӷьӡоу кавказҭҵааҩцәа рдыррақәа рҿысҵааит.

Стәыла аполитикатә ԥсҭазаарагьы салахәын: Москва саныҟаз аамҭақәа рзгьы 1980-тәи ашықәсқәа раан, аԥсуа диаспора срыхәҭакны, 1997-2007 шықәсқәа раангьы – Европатәи атәылақәа рҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра адипломатиатә хаҭарнакс саныҟаз, анаҩс Аԥсны ахада Сергеи Багаԥшь иабжьагаҩс сыҟан адәныҟатәи аполитика аганахьала, иара убас хәышықәса инеиԥынкыланы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрс аус зуан. Сгәы иаанагоит абарҭ амаҵурақәа зегь рҿы ламысла сыжәлари сыԥсадгьыли рымаҵ зуан ҳәа.

— Акыраамҭа адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟаз иаҳасабала иахышәҳәаауазеи иахьатәи Аԥсны адәныҟаполитикатә ҭагылазаашьа, уи жәларбжьаратәи азхаҵаразы иамоу акурс?

— Жәларбжьаратәи азхаҵара ахала иҟалаӡом, уи акыраамҭа азааԥсара аҭахуп. Раԥхьаӡа иргыланы, активла аинформациатә политика мҩаԥгалатәуп, избан акәзар адунеиаҿ ҽеила ҳрыздырӡом иахьа уажәраанӡагьы. Жәларбжьаратәи аилазаара иазнаҳгароуп ҳтәыла иазку иҵабыргу аинформациа, анҵамҭа бзиақәа ҟаҵалатәуп, Аинтернет ииашаны ахархәара аҭалатәуп, ааԥсарада аус улатәуп уи аганахьала, иара убас еиҿкаалатәуп жәларбжьаратәи акультуратә, аспорттә усмҩаԥгатәқәа, ConIFA (Ихьыԥшым ашьапылампылтә ассоциациақәа рконфедерациа имҩаԥнаго жәларбжьаратәи атурнир – аред.) ачемпионат иаҩызоу, жәларбжьаратәи акинофестивальқәеи, ацәыргақәҵақәеи. Аҿарацәа, астудентцәа реимдарақәа мҩаԥгалатәуп. Ҳара анҭыҵ ирацәаны ҳныҟәалароуп, ҳтәылахьгьы ирацәаны ааԥхьарақәа раҳҭалароуп. Убас иҵегь иҟауҵаша рацәоуп.

Абри зегь анагӡаразы афинансқәа аҭахуп, аха ҳтәыла ус еиԥш еиқәшәам, уи ада егьа ҳааԥсаргьы, иҳауша алҵшәақәа духаӡом. Аха зегь акоуп, хыхь еиқәысыԥхьаӡаз зегь ҟаҵалатәуп, ҳтәыла инарҭбааны адипломатиатә азхаҵара аиур ҳҭахызар.

— Абар уажәшьҭа 35 шықәса инареиҳауп аҭҵаарадыраа шәнапы алакуижьҭеи, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла: абызшәадырра, аҭоурых, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа. Ишԥамҩаԥысуаз шәыԥсҭазаараҿы абарҭ аинтересқәа рышьақәгылара, доусы хыҵхырҭақәас ирымази?

— Саныхәыҷыз азоологиа даара исгәаԥхон, сзоолагхарц сҭахын. Аҩны азоопарк еиҿыскааит. Уи адагьы, аҟазара аинтерес сыман, сҟазараҭҵааҩхаргьы ҟалап ҳәа сазхәыцуан. Аха жәохәҟа шықәса анысхыҵуаз Шьалуа Инал-иԥа ишәҟәы «Абхазы» санаԥхьа – аусумҭа хазына ду – еилыскааит аԥсуаҭҵаара сҽазыскыр шысҭаху. Ус иагьыҟалеит. Иҭоурыхума, ибызшәадырроума, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа роума – урҭ зегьы Аԥсны иадҳәалоуп.

— Уажәы шәнапы злакузеи, иааиуа хәышықәса рзы аҭҵаарадырратә гәҭакқәас ишәымоузеи?

— Хара имгакәа иҭыҵраны иҟоуп сышәҟәқәак, алингвистикеи аҭоурыхи ирызку, урҭ рҭыжьра уалԥшьас исыԥхьаӡоит. Дара уажәшьҭа аҭыжьра иазыхиоуп, маҷқәак сеиҭанарыхәаԥшуеит ауп. Уи ашьҭахьгьы исымоуп аҭҵаарадырра аганахьала агәҭакқәа. Сгәы ҿыӷьны ҳәа иҟамлаӡацт, ҟалашьагьы амаӡам, акызаҵәык проблемас иҟоу – сгәы иҭоу зегь рыхьӡароуп.

— Акыршықәса Европа аус жәуан, кавказтәи абызшәақәа ркурс мҩаԥыжәгон. Европатәи астудентцәа ари акурс иабанӡазҿлымҳаз? Шәгәанала кавказтәи абызшәадырра цхыраагӡоума Кавказ акультура Европа аӡыргаразы? Ааи акәзар, ишԥа?

— Сыстудентцәа сгәы рыладууп, гәыбылрала исгәалашәоит, урҭ даара иазҿлымҳан кавказтәи абызшәақәа рҵара, аӡәырҩы алингвистцәа бзиақәа рылҵит. Адунеиаҿы Кавказ азҿлымҳара ду амоуп уҳәар ҟалоит, кавказҭҵааратә конференциақәа ирҭаауа аҵарауаа рхыԥхьаӡара еснагь ирацәоуп. Адунеиаҿ иҟоу кавказҭҵааҩцәа рыпрофессионалтә еилазаара акыр иҭбаауп, уи алахәцәа иҭрыжьуа ашәҟәқәеи, егьырҭ аусумҭақәеи рыбзоурала жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә еилазаареи иара ус ауаажәларреи Кавказ, уи иқәынхо ажәларқәеи, урҭ злацәажәо абызшәақәеи, ркультуреи ирызкны иаҳа ихарҭәаау адыррақәа роуеит.

Сара еиҳарак сзыԥхьоз кавказтәи абызшәадырра алагалеи аԥсуа бызшәа аграмматикеи ракәын. Зны експериментк аҳасабала семестрк саԥхьон ақырҭуа бызшәа аграмматика, апррфессор Џьорџь Хьиуитт (Еицырдыруа британиатәи абызшәадырҩы, Лондонтәи ауниверситет мрагыларатәи, африкатәи аҭҵаарақәа рышкол апрофессор – аред.) еиқәиршәаз арҵага шәҟәала. Астудентцәа иасырԥхьоз рацәаҩын, руаӡәы Џьамтәылантәын, шьҭрала дақырҭуан, аха ихатәы бызшәа издыруамызт, иҵар иҭахын. Џьорџьи сареи ҳҩыза – голландиатәи апрофессор-кавказҭҵааҩы Рикс Смеетс слекциаҿы абри ақырҭуа студент даниба цәгьа дарлахҿыхит, алафгьы иҳәеит: «Иџьоушьап – аԥсуа рҵаҩы Аԥснынтә Голландиа дааны, голланд бызшәала ақырҭуа грамматика иирҵоит Џьамтәылантә иааз ақырҭуа!» ҳәа. Ииашаҵәҟьаны, уи уамашәа иубартә иҟан!

— Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы еиуеиԥшым акурсқәа мҩаԥыжәгоит: кавказтәи абызшәақәа – урҭ рахьтә аԥсшәа, аубых бызшәа, адыга бызшәақәа, иара убас жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа ирыдҳәалоу акурсқәа шәымоуп. Ус анакәха, шәыстудентцәагьы еиуеиԥшӡам. Афилологцәеи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рхырхарҭала аҵара зҵо астудентцәеи аус рыдулара абанӡеивгоу? Насгьы иабанӡеиԥшым Аԥсны Европеи алекциақәа раԥхьара?

— Ииашоуп, акурсқәа имҩаԥызго еиԥшӡам, дара астудентцәагьы разыҟаҵашьа еиԥшӡам: зеиԥшла иуҳәозар, аԥсуа филологцәа рдыррақәа акыр ихьысҳауп. Зны-зынла иара усгьы ахԥатәи акурс аҿы итәоу афилолог идыруазарц зыхәҭоу аматериалгьы аиҭаҳәара ансықәшәало ыҟоуп. Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рхырхарҭала аҵара зҵо астудентцәа рылаԥшҳәаа иаҳа иҭбаауп, атәым бызшәақәа рдыруеит, аԥсуа филологцәа рҟны уи ахьуԥыло маҷуп, арахь уазхәыцыр, афилологцәа роуп абжьааԥны абызшәа рацәа рдырра иазҟазоу. Ус сҳәаргьы, зегь акоуп афилологцәа рыбжьарагьы курсцыԥхьаӡа иҟоуп аӡәы-ҩыџьа аҵара бзиаӡаны изҵо ахшыҩ еилгақәа, убарҭ роуп «саамҭа баша исмырӡит» ҳәа сзырҳәогьы. Аԥсуа университет аҟны алекциақәа срыԥхьоит 2007 шықәса раахыс, усҟани уажәи еиҿурԥшуазар, ҳәарада иахьатәи афилологцәа разыҟаҵашьа акыр еиӷьхеит. Зеиԥшла ирдыруа иаҳа ирацәахеит, иҟалап, аинтернет абзоуралагьы акәзар, жәашықәса раԥхьа иҭалоз раасҭа.

Сгәанала, аԥсуа филфак аҟны арҵаратә система аԥсахра ахәҭоуп. Уажәы иаԥу асистема афилологцәа разыҟаҵара иазынархоуп, аха ҳтәыла арысҟаҩык афилологцәа аҭахӡам, аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа бзиақәа роуп иаҭаху, урҭ азхаӡом. Убри азы ԥшьышықәсагьы азхоит, хәба рцымхәарас. Иара афакультетқәа шьоукы ааидкыланы хазы арҵаҩратә институт аԥҵазар ауеит, ауниверситет ахаҭа аҩаӡарагьы еиҳахон усҟан.

Иахьа зехьынџьареиԥш ҳауниверситет аҿгьы ареформақәа ҳҭахуп, ҳаамҭазтәи аҵара аҭахрақәа ирықәшәо иҟаларц азы. Адунеи зегь аҟны ишыҟоу еиԥш, аҵареи аҭҵаарадырреи еидҳәалатәуп, уи макьана имаҷӡаны иаҳԥылоит.

— Шәара шәхәыҷқәа рхатәы бызшәала ибзианы ицәажәоит. Шәгәанала иахьа аԥсуа ҭаацәарақәа рзы уи иџьашьатәу ак акәны изыҟалазеи, иумадырҽхәо аҟынӡа?

— Схәыҷқәа аԥсышәала ибзианы ицәажәон ахәыҷбаҳчахь инеиаанӡа. Адәахьы ҳаныҟаз аԥсышәала ишеицәажәоз збоз зегьы уамашәа ирбон, ирымадырҽхәон, аха џьашьатәыс иҟоузеи – Аԥсны ииз, изызҳауа аԥсуа хәыҷы ихатәы бызшәала дцәажәозар?! Аха убри аан ахәыҷқәа акы иразҵаауаз урысшәала акәын ишрацәажәоз. Нас убарҭ ауаа зегьы ираҳҳәалар акәхон, ахәыҷы макьана аурысшәа издырӡом, аԥсышәала ишәҳәа ҳәа, ус анаҳҳәалак иаҳагьы иџьаршьон. Апоет иҳәан еиԥш, уччар ҟалон, уҵәыуартә иҟамызҭгьы…

Изхысҳәаауа, аԥсуа хәыҷбаҳчахь иныҟәо ианалагоуп схәыҷқәа аурыс бызшәа анырҵаз, ашкол ианҭала зынӡагьы аурысшәахь ииасит. Аԥсны аԥсуа бызшәа арҵара аспецифика ус иҟоуп – ахәыҷбаҳчеи ашколи рҟны заамҭа цахьоу арҵага шәҟәқәеи, аметодикақәеи, апрограммақәеи рыла иузыҵаӡом, уимоу лассы-лассы ахәыҷы иидыруагьы ихашҭуеит. Абри зегьы шьаҭанкыла иԥсахтәуп, ҳбызшәа ԥшӡа, ҳбызшәа ҵаула еиқәҳархарц ҳҭахызар, аҳәынҭқарратә статус змоу ҳбызшәа. Аха иахьа аиҳабыра ари азҵаара ишазыҟоу ала ԥхьаҟагьы ицалар, абызшәа апроблема аӡбарахь иахәҭоу афинанс шьҭымкәа, еффективра злам арҵаратә системагьы ԥсахымкәа, алҵшәа бзиақәак раагара даара иуадаҩхоит.

— Шәыҷкәынцәа шәышьҭа ихыланы аҭҵаарадырра напы аларкыр шәҭахума? Рзанааҭ алхрақәа рҿы анырра ҟашәҵома, мамзаргьы доусы ирҭаху амҩа ылырхырц алшара рышәҭо?

— Дара иргәаԥхо азанааҭқәа алырхырц сҭахуп, ргәы иақәшәо аус рзанааҭны иҟаларц сгәы азыҳәоит, сара сҿы ишыҟалаз еиԥш. Убас еиқәшәозар зегьы иреиӷьуп. Иаҳҳәап, сԥа еиҳабы Андреи данқәыԥшызнатә акомпиутерқәа даара дырчычан, уажәы дыпрограммист бзиоуп, уи аус ауп иахьа дыцәгьамкәа дныҟәызгогьы. Убри аҟнытә аиҵбацәагьы, аамҭа анааилак дара ирҭаху амҩа ылырхааит, сара изласылшо ала срыцхраауеит. Уи аҭҵаарадыраа акәхо, амедицина акәхо, ма даҽакхо. Дара рхаҭақәа иалырхроуп ргәы ззыҳәо.

— Иахьа Виачеслав Андреи-иԥа иазҵаазҭгьы дзакәхарц ииҭахызи ҳәа, аҭакс иҟашәҵарыз? Шәыпрофессионалтәи шәыԥсҭазааратәи амҩа ҽазнык шәеиҭанысрызма?

— Азанааҭ алхра аганахьала акгьы сыԥсахуамызт. Аԥсҭазаараҿы акәзар, иҟан гхақәак, урҭ реиҭаҟаҵара сҭаххомызт, ҳәарада. Аха иааидкыланы иуҳәозар, исԥсахуаз маҷхон. Сара даара исықәҿиеит аҩызцәа бзиақәа рыла, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан ауаа дуқәагьы – Владислав Арӡынба, Мураҭ Иаган (шьҭрала иаԥсыуоу аҩада-америкатәи афилософ, апублицист – аред.) реиԥш иҟаз, аӡәыцыԥхьаӡа – дунеи дук ныҟәыргон.

Уаанӡеиԥш уажәгьы ауаа бзиақәеи сареи ҳаиԥылоит. Абри зегьы доуҳала даара сарбеиоит. Иаҳҳәап, аҵыхәтәантәи аамҭазы Мусса Егзакьи сареи ирацәаны ҳаицәажәон, иара Аԥсназы иҟаиҵахьоу рацәоуп. Иахьа уажәраанӡагьы сара иҿыцу ак сҵоит аинтерес ахьсымоу еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла. Уаанӡа даара ирацәаны ашәҟәқәа срыԥхьон, ауаагьы ашәҟәқәа ирҩызоуп, исҩызцәоуп. Уажәы – иаҳа сыҩуеит. Схәыҷқәеи сареи аамҭа еицаҳхаҳгоит. Агәҭак ҿыцқәа срызхәыцуеит. Сышьҭахьҟа схьаԥшуазар, исҳәар сылшоит – сыԥсҭазаара зегь рыла сгәы азҭоуп ҳәа.