Акультура-спорттә фестиваль «Абаза» – ажәытәи-аҿатәи еидызҳәало, аҧсуа-абаза жәлар ракзаара зныҧшуа ныҳәоуп. Есышықәса ишаҧу еиҧш, ари аныҳәа мҩаҧыргоит ҧхынгәымза 23 - Аҧсны аҳәынҭқарратә бираҟ Амш аҽны.
Шьазина Бганҧҳа
Абар уажәшьҭа жәашықәса ҵуеит ари аныҳәа иаҳа-иаҳа амҽхак арҭбаауеижьҭеи. Зегьы гьамала еиҿкаауп: акәашарақәа, ашәаҳәарақәа, ачеиџьыка, аҟазацәа рцәыргақәҵа, аҧсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа реиҧылара, гәадурала амилаҭтә маҭәа ныҟәызго ауаа абираҟқәа рхашәыршәыруа рымҩасра - абас ауп Черкесск ишымҩаҧысуа Абаза жәлар ркультура Амш.
Афестиваль хацыркын Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак Ахантәаҩы Мусса Егзакь иаҧшьгарала. Акзаара зныҧшуа ари аныҳәа жәашықәса ахыҵит. Аусмҩаҧгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿыркаауеит Абаза жәлар рыхәмаррақәагьы. Сынтәа уи мҩаҧысуеит ҧхынгәымза 26, Хәыжәду ақыҭан. Аспорттә ныҳәа еиҿыркааит Жәларбжьаратәи аидгылара «Алашареи» Абаза жәлар рыспорт Академиеи.
«Ари афестиваль – баша еицлабрак акәны иҧхьаӡатәым. Ари аныҳәа ҳаидгылара арҵабыргуеит, еизҳауа аҿар ирыманадоит абиҧарақәа рҟәышра. Ҳара еснагь иматериалтәым адоуҳатә культура аиқәырхара ҳашьҭоуп, агәрагьы ҳгоит амҩа иаша ҳшану», – ҳәа адныҳәаларатә ааҧхьара ҟаиҵеит АААК ИА Ахантәаҩы Мусса Егзакь.
Илахҿыхыз аныҳәатә мшы хацдыркит «Укәаша, Ӡыба иеиҧш» зыхьӡыз, еицырдыруа абалетмеистер, акәашаҩ Гьаргь Ӡыба изкны иҭыхыз афильм арбарала. Акиносахьа ӡырыргеит ҞЧА Аҳәынҭқарратә филармониаҿы. АААК ИА Ахантәаҩы Мусса Егзакь ихьӡала адныҳәаларатә ажәа иманы дықәгылеит афильм аҭыхра иазкыз апроект анапхгаҩы Наҭелла Џьамаҟәыл. Уи лажәақәа рыла афильм аҭыхра лҭахижьҭеи крааҵуеит, аха сынтәоуп ианлылша».
«Шықәсқәак раҧхьа АААК асаит аҿы исҧыхьашәеит Гьаргь Ӡыба иӡбахә зҳәоз статиак. Убри инаркны даара исҭахын уи ауаҩ ду изкны афильм аҭыхра. Аҭыхрақәа мҩаҧысуан Аҧсны, Даӷьсҭан, Махачкала. Зеиҧшла адокументалтә сахьа аҳәаақәа ирҭагӡаны иҭаҩын 22 интирвиу, ирыҿцәажәеит акәашаҩ хаҭала дыздыруаз аинтеллегенциа рхаҭарнакцәа. Афильм арбараан иқәгылеит Ӡыба иколлегацәа, иҩызцәа, иҭынхацәа. Афильм аҭыхра алыршахеит Егзакь ифонд иҟанаҵаз афинанстә цхыраара абзоурала. Ҳгәы иаахәоит Гьаргь Ӡыба иеиҧш иҟоу ауаҩы даҽазнык ҳахьеидикылаз», – лҳәеит Џьамаҟәыл.
Хара имгакәа афильм ддырбоит Аҧсны, изҭаху зегьы уи рбар рылшоит АААКи «Алашареи» рофициалтә саитқәа рҿы.
Афестиваль аҩбатәи ахәҭа иацырҵеит «Адгьылбжьаха иаҵәа» зыхьӡу апарк аҿы. Араҟа еиҿыркааит Абаза жәлар ркультуреи рдоуҳаи зныҧшуа атематикатә павилионқәа, арҧшӡаратә ҟазара ацәыргақәҵақәа, иара убасгьы ауаа ирыдыргалон амилаҭтә чыс. Аныҳәахь имҩахыҵит асасцәа рацәаны, егьырҭ ареспубликақәа рыҟнытә иаазгьы убрахь иналаҵаны.
Аконцерт аҿы иқәгылеит аҧсуа-абаза естрада артистцәа. Аныҳәа хдыркәшеит асалиут ала. Еизаз ауаа ргәалаҟазаара даара ибзиан, ажәа еимырдеит ҳаҧыхьа уажәааны ҿыц ишеибабо азы.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.