Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси аилазаара «Алашареи» аԥсуа-абаза жәлар рдоуҳатә мазара иазку апроект ҿыц хацдыркит.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси жәларбжьаратәи аилазаара «Алашареи» ихацдыркит аԥсуа-абаза жәлар рдоуҳатә мал аӡыргара иазку апроект «Амазара». Аидеиа авторс дамоуп АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь.

Иара еиҭеиҳәеит апроект ҿыц хықәкыс ишамоу абаза жәлар ахаҭарнакцәа реиԥш иарбан милаҭзаалак ахаҭарнакцәагьы ҳатрадициатә культура аԥшӡареи аҵаулареи дырбара. Мусса Егзакь игәы ишаанаго ала, ари апроект аԥсуа-абаза жәлар ахаҭарнакцәа зегьы аӡәыкны реидкылара иацхраауеит адунеи ҭыԥс иахьынхозаалакгьы.

«Апроект хықәкыс иамоуп аԥсуа-абаза жәлар рдоуҳатә культура аларҵәара ҳаамҭазтәи аинтернет-технологиақәа рхархәарала. Ҳажәлар рмилаҭтә хаҿра ухаҿы иузаагом ибеиоу, иссиру ҳхатәы бызшәеи, ҳҵас-қьабзқәеи, амилаҭтә кәашарақәеи, ашәақәеи, анапҟазарахкқәеи рыда. Ҳара ҳҿаԥхьа хыдҵас иқәҳаргылоит абарҭқәа зегьы еиқәырханы ԥхьаҟа игыло абиԥарақәа рызнагара», – иҳәеит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы.

Апроект ахьӡ аҭара шыҟалаз атәы еиҭалҳәеит АААК Аинформациатә портал анапхгаҩы Амина Лазԥҳа.

«Абри апроект анагӡара аидеиа шҳазцәырҵыз еиԥшҵәҟьа, уи ианаалаша, аҵакы ҵаула змоу, аха убри аан егьырҭ абызшәақәа рылагьы зҳәара уадаҩым ахьӡ азхәыцра ҳалагеит. Ҳкоманда зегьы рыхшыҩ азыршьҭит абри аус, ҳагьазааит ажәа бзиа, ажәа ԥшӡа – «амазара». Ҳапроект ахықәкы злаҟоу ала, ҳажәлар рдоуҳатә культуратә ҭынха зегьы – иматериалтәым амал, хәы змаӡам мазарак еиԥш ҳахәаԥшуеит, ус иагьыҟоуп иара», – лҳәеит Лазԥҳа.

Апроект «Амазара» аҳәаақәа ирҭагӡаны раԥхьа изызхьаԥшыз акакәхеит амилаҭтә кәашара. АААК акомандеи апрофессионалцәа гәыԥҩыки авидео ианҵаны иҭырхит аԥсуа милаҭтә кәашара, ҳаамҭазтәи ацәаҩа ахаҵаны. Ари аролик ӡыргахоит АААК Аинформациатә портал адаҟьаҟны, иара убас еицырдыруа адунеитә интернет-еиужьрақәа рҟны аларҵәара аиуеит. Абасала, аԥсуа милаҭтә кәашара ибар илшоит уи иазҿлымҳау, изҭаху дарбанзаалак, адунеи ахьынӡанаӡааӡо.

Камера, мотор, ҳалагеит: АААК-и Алашареи ихацдыркуа апроект ҿыц "Амазара" раҧхьатәи аҭыхрақәа шымҩаҧысуаз
© АААК

АВИДЕО АԤХЬАРБАРА МҨАԤЫСУЕИТ ЖЬҬААРА 19 РЗЫ. ҲСАИТ ШӘАШЬКЛАԤШЛА.

Ари аидеиа анагӡаразы рҽеидыркылеит Аԥсны зыхьӡ рдыруа гәыԥҩык арежиссиорцәа, авидеографцәа, акәашацәа, амузыкантцәа.

Раԥхьатәи авидео реижиссиорс дамоуп еицырдыруа аԥсуа кинематографист Ҭемыр Кәакәасқьыр. Уи ишиҳәаз ала, иара ихаҭагьы абри иаҩызоу авидео аҭыхра игәы иҭан, аха уажәраанӡа «аха иоуамызт». Арежиссиор изы акраҵанакуаны иҟалеит амилаҭтә кәашара ҳаамҭазтәи ацәаҩа ахаҵаны аарԥшра.

«Аролик аинтернет-ресурсқәеи асоциалтә ҳақәеи ирзынархоуп. Аинтернет-аудиториа – ари, раԥхьаӡа иргыланы, аҿар роуп. Убри аҟнытә аҿар «рбызшәала» исырцәажәар сҭахын ҳмилаҭтә естетика, ҳфольклор – азқьышықәсақәа иргәылсны иахьанӡа иааз. Ихиоу аролик уанахәаԥшуа иубоит абри аиасышьа – афольклортә аԥсуа шьаҭа аҟынтә иахьатәи ҳаамҭахь», – ҳәа азгәеиҭеит Кәакәасқьыр.

Авидеоролик аҭыхреи анаҩстәи амонтажи рнапы иҵыргоит апродакшн-еилахәыра «Media 3», уи анапхгаҩы Џьанико Ҵурҵумиеи икомандеи.

«Ҳара ҳкультуратә ҭынха аиқәырхареи абиԥара ҿыцқәа рымадареи адагьы иаҳуалуп уи адунеи аларҵәарагьы. Абри апроцесс ацхраара ҳабӷа иқәуп ҳәа исыԥхьаӡоит, убри аҟнытә схы аласырхәит ҳажәлар зегьы рзы акрызҵазкуа ари апроект», – иҳәеит Ҵурҵумиа, иара ари апроект аҟны оператор-ақәыргылаҩс дыҟоуп.

Апроект азы икәашеит Аԥсны иҳамоу жәлар рыкәашаратә ансамбльқәа: Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи аҳәынҭқарратә ансамбль, Кандид Ҭарба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашаратә ансамбль «Кавказ», иара убас Едуард Бебиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашаратә ансамбль «Шьараҭын».

Аҭыхрақәа ахьынӡамҩаԥысуаз урҭ рцашьа дахылаԥшуан ансамбль «Кавказ» асахьаркыратә нахгаҩы Арвелод Ҭарба. Иара Аконгрессаа иҭабуп ҳәа реиҳәеит «Аԥсназы абас акрызҵазкуа аус ахьымҩаԥырго».

«Ҳара дук ҳамхәыцкәа ҳусқәа зегьы нышьҭаҳҵеит. Ари апроект ҳтәыла ахьӡ адунеи зегьы иахыҵәо иҟанаҵоит. Абас еиԥш иҟоу аус ҳадымгылар залшомызт», – иҳәеит «Кавказ» асахьаркыратә напхгаҩы, ансамбль апроект иахьалахәхаз ахҳәаа азуа.

Ансамбльқәа зыцкәашоз амузыка аус адырулеит Аԥсны аҩнуҵҟеи уи анҭыҵи ирдыруа амузыкантцәа-акомпозиторцәа Анри Гәымбеи Ҭемыр Агрбеи.

«Ҳара ҳҿаԥхьа дҵас иқәгылан аԥсуа, адыга мотивқәа, иара убас аҭырқәа мотивқәагьы маҷк назлоу амузыка аԥҵара. Абарҭ зегьы акны еидкыланы ҳаамҭазтәи абжьы ахаҵара ҳҽазаҳшәеит. Ҳара иаҳҭахын абри иаԥаҳҵо амузыка иахьатәи аамҭа иакәҿызҭуа абжьы ахазарц, аха убри аан ҳфольклортә цәаҩа шахугьы аҵубаартә еиԥш», – иҳәеит Анри Гәымба.

Егьи амузыкант Ҭемыр Агрба акыраамҭа дазхәыцит абри апроект ахалархәра дақәшаҳаҭхаанӡа: итрадициатәу амилаҭтә ашәақәа «ҳаамҭа иақәшәо рырцәажәара» гәҽанызаарала дазнеиуеит аҟнытә. Аха апроект иалахәқәоу зусҭцәоу анидыр, рсахьаркыратә гьама агәра ганы, дазыразхеит аус рыцура.

«Имӡакәа ишәасҳәоит, абас еиԥш иҟоу аматериал аексперимент азура садгылаҩым сара ианакәызаалак, аха абри аҩыза арҿиарагьы зны-зынла аҭыԥ амзар ауеит ҳәа сгәы иаанаганы сақәшаҳаҭхеит», – иҳәеит Агрба.

Аҭыхрақәа мҩаԥысуан Аԥсуа драматә театр аҟны. Ауаажәлар рымадаразы атеатр адиректор ихаҭыԥуаҩ Шьарида Ҭыжәԥҳа иазгәалҭеит, апроект алахәхаразы Аконгресс иҟанаҵаз ажәалагала гәыҩбарада ишрыдыркылаз.

«Ҳара ҳзы акраанагоит ҳкультура зехьынџьара иаарԥшызарц, Аинтернетгьы уахь иналаҵаны. Агәыӷра сымоуп АААК апроект аӡбахә раҳап ҳәа адунеи зегь аҟны: ҳажәлар рыкәашарақәагьы рбап ҳәа, атеатр хазына шҳамоугьы рбап ҳәа. Апроект иалахәын ҳтехникатә усзуҩцәа. Дара зегьы аԥсшьара рыман, аха мап ҳцәырымкит, иаразнак иааины иҳадгылеит, иҭабуп ҳәа раҳҳәоит уи азы. Иҭабуп Аконгресс, иара убас абри апроект иалахәу зегьы!» – лҳәеит Ҭыжәԥҳа.

Апроект далахәуп убасгьы амилаҭтә маҭәа аӡахҩы, асахьаҭыхҩы Мадина Ҷанԥҳа.

«Ҳтәылазы абас еиԥш аҵакы змоу, зымҽхак ҭбаау апроект ахь ааԥхьара ансырҭа, исылшо ала срыцхраарц сҭаххеит саргьы, сыхәҭаа ҟасҵарц ҳаӡбахә адунеи арҳара аус аҿы, ҳкультура егьырҭ атәылақәа рҿгьы ирбарц, ираҳарц азы», – лҳәеит Ҷанԥҳа.

Аконгресс акоманда иҭабуп ҳәа рарҳәоит апроект адгылара азҭаз зегьы, анаҩсгьы аҭыхрақәа рахь ааԥхьара рырҭалоит еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны испециалистцәоу ауаа. Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси жәларбжьаратәи аилазаара «Алашареи» ихацдыркыз аԥсуа-абаза жәлар рдоуҳатә мал аӡыргара иазку апроект «Амазара» иацҵахоит жәлар рашәақәеи, амилаҭтә литературеи, ахатәы бызшәеи, ажәлар рнапҟазареи, ажәытә қьабзқәеи ирызку авидеороликқәа рыла. Аҭыхрақәа мҩаԥыслоит Аԥсныи Ҟарачы-Черқьестәылеи.