Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс хышәҩык инареиҳаны ахәыҷқәа ааԥхьара рынаҭеит Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш азы Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны имҩаԥысуаз ахәыҷтәы ныҳәа ду ахь.

Саид Барганџьиа

Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш, рашәарамза 1 азы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс еиҿнакааит ахәыҷтәы ныҳәа. Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аԥсны араионқәа реиҳарак рҟынтә хышәҩык инареиҳаны ахәыҷқәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан Ареспубликатә Ахәыҷтәы реабилитациатә центри, агәыҳалалратә еиҿкаара «Кьарази», Акультуратә-гәыҳалалратә Фонд «Ашанеи» хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәагьы.

Ахәылԥаз мҩаԥигон Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Џьамбул Жорданиа. Аныҳәа аартуп ҳәа алаҳәара аныҟаиҵа ашьҭахь, асценаҿы ицәырҵит Очамчыратәи ашкол-интернат иатәу жәлар рыкәашаратә ансамбль. Урҭ инарыгӡеит акәашаратә номер «Абазинка».

АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь ихьӡала еизаз зегьы дрыдныҳәалеит Аконгресс ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба, уи ахәыҷқәа ирзеиӷьишьеит анасыԥ, аманшәалара, аҭынчра.

АБРИ АХҬЫС ИАЗКУ АФОТОЛЕНТА АХӘАԤШРА>>

Аныҳәатә хәылԥазы иаҭааз зегьы ирзыԥшын амузыкатә сиурприз – Очамчыратәи ашәаҳәаҩ қәыԥш Саида Азизова лашәа ҿыц «Имариам амҩа» (акомпозитор Анри Гәымба) апремиера. Ари ашәа аԥҵан Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аԥшьгарала. Ишәгәалаҳаршәоит, авокалтә конкурс «Орфеи» аҟны зегьы иреиӷьны аԥсуа ашәа анагӡаразы Саида Азизова ишланашьаз АААК иҷыдоу аҳамҭа – хаҭала лара лзы иаԥҵаз акомпозициа.

Ашәа ҿыц налыгӡаанӡа, Саида иҭабуп ҳәа ралҳәеит лгәахәтәы анагӡара зыбзоуроу зегьы – ауаа рацәа рҿаԥхьа лхатә ашәа лыманы ақәгылара еснагь лгәы азыҳәон.

«Иҭабуп идуӡӡаны, зегьы ишәыдысныҳәалоит иахьатәи аныҳәамш! Абзиара шәымаз Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс, аныҳәа аиҿкааҩцәа зегьы. Лымкаала иҭабуп ҳәа иасҳәоит Анри Гәымба. Шәсырԥхашьом», – лҳәеит Саида.

Аныҳәа асасцәа убасгьы ирзыԥшын еиуеиԥшым апрограммақәа. Убас, аныҳәа аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥсабарахьчаразы аурок ахәыҷқәа ирзымҩаԥылгеит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә музеи аԥсабара аҟәша аиҳабы Таиа Аланиаԥҳа, амҩатә ԥҟарақәа ирызкны аурок еиҿнакааит Аҟәатәи ақәыԥшра аҩны.

Аԥсуареи ақьиареи ирызку аурокқәа рҟны рҵаҩцәас иқәгылеит ашкол «Алашара» адиректор Мариа Ԥлиаԥҳаи, аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Есма Матуаԥҳаи. Арт-студиа «Сальвадор» арҵаҩы Иана Пинчук ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәареи рзы имҩаԥылгеит аҿыханҵатә ҟазаразы амастер-класс. Асекциақәа зегьы иҷыдоу арбагақәа рыла иалкаан. Ахәыҷқәеи урҭ ранацәеи рабацәеи ацхыраара рырҭон Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аволонтиорцәа.

Еиҳарак ахәыҷқәа иргәаԥхаз иреиуан аквагрим астудиа: зегьы ргәы хыҭхыҭуа иазыԥшын доусы раамҭа анааиуа ҳәа, реиҳа бзиа ирбо амультфильмқәа рыҟнытә афырхацәа рхаҿсахьақәа рхы-рҿы аҟны иҭырхырц.

Ахәыҷқәа асфальт аҟны иҭыхуан, ихәмаруан дартс (адротикқәа рыршәра – аред.), ниорф (ахәыҷтәы бџьар ахархәарала адәаҟны ахәмарра – аред.), «классики» ихәмаруан (асфальт аҟны ижәытәу ахәмарра – аред.), хәыда-ԥсада ирфон аҵааршәи, ахаа-мыхаақәеи. Ахәыҷқәа зегьы ирыҭан иԥшшәылоу аԥышҭарчқәа. Уи аамҭазы асценаҿы имҩаԥысуан акәашаратә гәыԥқәа рықәгыларақәа: «Империа танцев», акәашаратә студиа «Путь танца», бреик-кәашаратә гәыԥ «Аԥсны».

Аныҳәатә хәылԥазы аиҿкаара активла рхы аладырхәит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс иатәу Аҿар рхеилаки Аҳәса рхеилаки.

«Ҳара ибзианы еилаҳкаауеит, ԥеиԥшс иҳамоу ахәыҷқәа шракәу, дара ирызку аусқәагьы ҭакԥхықәрала ҳрызнеиуеит. Ҳныҳәа амилаҭтә ҟазшьа аҵоуп, ицәыргоу апрограммаҿы иарбоуп амилаҭтә кәашаратә еицлабрақәеи, аԥсуа ашәақәа рконцерти», - иҳәеит АААК Аҿар рхеилак анапхгаҩы Леван Торчуа.

Торчуа иажәақәа рыла, ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәарақәеи рзы ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа иаҭахны иҟоу акоуп, избан акәзар ахәыҷқәа рзы аныҳәатә хәылԥазқәа Аԥсны лассы-лассы имҩаԥыргаӡом.

«Аныҳәа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгаз аконкурсқәеи, аҳәыҷқәа рзы амастер-классқәеи, арлахҿыхратә программақәеи ҳаарыхәаԥшны иаҳҳәар ҳалшоит, Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш аҭаацәара зегьы рзы аинтерес зҵоу ныҳәаны ишыҟоу», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Торчуа.

АААК ахьӡала Торчуа иҭабуп ҳәа реиҳәеит аныҳәа аиҿкаараҿы иҟарҵаз адгыларазы Аконгресс апартниорцәеи, аҩызцәеи – аҿартә политикеи аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилакы, ауаажәларратә хеилак «Иаарту анаргәыҵ», Резо Занҭариа, Денис Оҭырба, Саид Ҭаниа, Ручис Арӡынба.

АААК Аҳәса рхеилак иалахәу Аза Гәымԥҳа иазгәалҭеит, аусмҩаԥгатә аиҿкаараан Аконгресс активистцәа ахәыҷқәеи урҭ ранацәеи рабацәеи рҭахрақәа шазгәарҭаз.

«Ҳара зегь ҳанацәоуп, ибзиаӡангьы еилаҳкаауеит – ахәыҷқәа аҩны ираҳҭо аԥхарреи ахӡыӡаареи рынахысгьы, иахьынхо рықалақь гәакьа шрыхӡыӡаауагьы рнырлароуп. Ахәыҷқәа аҭынч ԥсҭазаара рымазароуп, игәырӷьаҵәа ирызҳалароуп. Анцәа иџьшьаны, иахьа ҳаԥсадгьыл аҿы абри аҩыза аныҳәа азгәаҳҭартә ҳаҟоуп. АААК Аҳәса рхеилак рҽазыршәеит хкырацәала еиҿартәоу апограмма ҭбаа аиқәыршәара. Абри аныҳәа аиҿкаара ҳахьалахәу даара ҳгәы иахәоит», – лҳәеит Гәымԥҳа.

Зегь реиҳа аныҳәа иаргәырӷьаз, ҳәарада, ахәыҷқәа роуп.

«Аныҳәахь сани саби срыцны сааит. Араҟа даара илахҿыхроуп. Зегь сгәаԥхеит», – лҳәеит ԥшьышықәса зхыҵуа Миа Сангәлиаԥҳа.

Аҩреи ахәмарреи ирхамшәалоз ахәыҷқәа иахьцалак зылаԥш рхыз анацәеи абацәеи акыр ишааԥсазгьы, урҭгьы аныҳәа ргәы алаҟан.

«Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс иҭабуп ҳәа раҳҳәоит ҳхәыҷқәа абас иахьдыргәырӷьаз азы. Насыԥ рыманы иҟаҵәҟьоуп. Аныҳәа хазына ҳзеиҿышәкааит, ус иҟоу аныҳәақәа иҵегь ирацәахар ҳҭахуп», – лҳәеит Ҳамида Осиа, аныҳәахь зԥа Кирилл длыманы иааиз.

Аныҳәа аҭааҩцәа хәыҷқәа дырлахҿыхуан еицырдыруа амультфильмқәа рперсонажцәа реиԥш еилаҳәаз акьанџьа дуқәа – Микки Маус, алым Алекс, Кунг-фу Панда, атрансформер Бамблби, иара убас алабахәуаныҟәаҩцәеи, афокусҟаҵаҩцәеи.

Аныҳәа иалахәыз зегьы даҽа ҳамҭа џьашьахәыкгьы рзыԥшын – ақьаадтә шоу. Ахәыҷқәа уи лымкаала иргәаԥхеит.

Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш – реиҳа ижәытәӡатәиу жәларбжьаратәи аныҳәақәа ируакуп. Уи амҩаԥгара иаԥшьган 1925 шықәсазы, Женева имҩаԥысуаз ахәыҷқәа рманшәалахара азҵаарақәа ирызкыз Адунеизегьтәи аконференциаҿы. Аха раԥхьаӡа акәны ари аныҳәа азгәаҭара аналыршаха даҽа 25 шықәса рышьҭахь ауп – 1950 шықәсазы, уи нахыс есышықәса иазгәарҭогьы иалагеит. Ахәыҷқәа рыхьчара амш – ахәыҷқәа ирныҳәа мацарам, ари амш даҽазныкгьы ауаа иргәаланаршәоит ахәыҷқәа рзинқәа шыхьчатәу, ахәыҷыжәлар насыԥ рыманы ирызҳаларц, аҵара рҵаларц, бзиа ирбо аус рнапы алакызарц, раԥхьаҟа даргьы аҭаацәа бзиақәа аԥҵаны ртәыла иаҵеицәа иашаны игыларц азы.