Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси гәыԥҩык агәыҳалалцәеи ацхыраара ҟарҵоит Баслахә инхо аҭаацәара рзы аҩны аргылараҿы.

Саид Барганџьиа

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс акомандеи агәыҳалалцәа гәыԥҩыки Очамчыра араион Баслахә ақыҭан инхо Баҭал Чрыгба иҭаацәа рзы аҩны аргылараҿы ицхраауеит. Аргылара рхы аладырхәуеит убас а-Чрыгба ҷкәын иқыҭауаагьы.

Баҭал Чрыгба – асахьаҭыхра арҵаҩы – Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа даналга, иқыҭа гәакьахь дхынҳәит, убраҟа Баслахәтәи ашкол аҿы ахәыҷқәа асахьаҭыхшьа дирҵоит. Иара ихаҭа ҩыџьа ахшара драбуп, аиҵбы дыӡҟуп. Аҭаацәара рацәак идуум рынхамҩа ныҟәыргоит, арахә рымоуп. Дара рахь имҩахыҵуа игәеимҭарц залшом даара напы зыдкылоу агәара ԥшӡаӡа, иҭбааӡа ишрымоу. Аха ирызгылоу ажәытә ҩны зынӡа ихәыҷуп, ҩ-уадак роуп иамоу, аҭаацәара убра рхы ҩнаркуеит. Дара Очамчыраҟа нхара ииасыртә алшара рымоуп, аха Баҭал изы акраҵанакуеит Баслахә аанхара, иара иҭахуп ашкол аҿы иусура иациҵарц, иқыҭа аҿиара дацхраарц.

АААК Аҳәса рхеилакқәа рнапхгаҩы Гета Арӡынԥҳа адырра ҳалҭеит, Чрыгба Баҭал иҭаацәара адгылара рырҭарц Аконгресс ишадҵаалаз Баслахә ақыҭа ауааԥсыра, жәабран 15 рзы АААК уаҟа имҩаԥнагаз аиԥылараҿы (Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аԥсны ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҿы аиԥыларақәа мҩаԥнагоит, иагьеиҿнакаауеит АААК аҭыԥантәи аҟәшақәа. Иахьазы иаартуп 30 инареиҳаны АААК аҭыԥантәи аҟәшақәа, Баслахә ақыҭантәигьы уахь иналаҵаны – аред.).

«Убри аиԥыларахь иааиз зегьы ирҳәон рқыҭан ишынхо ацхыраара зҭаху ҿыц еибагаз рҭаацәара, урҭ ҩыџьа ахшара шрымоу, аиҵбы диижьҭеи мчыбжьқәак роуп иҵуа ҳәа. Аҭаацәара раб Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа далгеит, даара абаҩхатәра илоуп, аха ақалақь аҿы даанымгылеит, иқыҭа гәакьахь дхынҳәын, ашкол аҿы асахьаҭыхра арҵаҩыс аусура далагеит. Уи адагьы ақыҭауаа зегьы даара дрыцхраауеит, инапы хьуп. Гәараҭацыԥхьаӡа уҿынаухар, Баҭал инапы иакхьоу маҭәарк иадымхаргьы ирымоуп, избанзар иара атехника атәгьы бзианы идыруеит. Ақыҭа анхацәа ишырҳәо ала, «имышьхәылҵ ашәара амзут даганы дыҟоуп дааубацыԥхьаӡа», ацхыраараҿы аӡәы мап ицәиимкыцт, иҟаиҵо зегь хәыда-ԥсада иҟаиҵоит», – ҳәа еиҭалҳәеит Гета Арӡынԥҳа.

Лара иазгәалҭеит, АААК абжьааԥны хықәкылатәи ацхыраара шыҟанамҵо, аха абри аҭагылазаашьаҿы Аконгресс акоманда агәра ргеит, ҭаацәарак рыцхыраарала ақыҭа зегьы ишацхраауа.

«Ҳара ҳаахәыцын убас ҳаӡбеит, абри ауаҩ акала ҳазицхраар, ақыҭа зегьы иахәара ҟаҳҵоит ҳәа, избан акәзар ақыҭа школ аҿы арҵаҩы дыҟазаауеит, ақыҭауаагьы – знапы зегь адыруа рхатәы напҟаза дрымазаауеит. Абри ауп қыҭацыԥхьаӡа ҳахьнеиуа зегьы ираҳҳәогьы: аицхыраара, аивагылара, амч аилаԥсара, уахьынхо ақыҭа иазеиӷьу ак аҟаҵара шаҭаху», – лҳәеит Арӡынԥҳа.

АААК Аҿар рхеилакқәа рнапхгаҩы ари аус далацәажәо иазгәеиҭеит, иааиуа амшқәа рзы аҩны ауасхыр ашьҭаҵара ишалаго, анаҩс аблокқәагьы шықәдыргыло.

«Хымз рыла ахаҳәтә усурақәа хыркәшахоит. Аргылара рхы аладырхәуеит аҭыԥантәи ауааԥсырагьы. Ҳаргьы (Аконгресс – аред.) уа ҳаҟазаауеит», – иҳәеит Торчуа.

Аҩны аргылараҿы аҭаацәара ацхыраара рырҭеит агәыҳалалцәагьы – афирма «Каскад», хаҭалагьы уи адиректор Аслан Аӡынба, Аԥснытәи амшынӷбаныҟәара, уи ахада Даур Арӡынба, иара убас хаҭалатәи анаплакҩы Артур Ашәба. Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс иҭабуп ҳәа рарҳәоит егьырҭ агәыҳалалцәагьы: Есма Осиаԥҳаи Ирина Уазԥҳаи – ахәыҷтәы каруаҭқәеи аколиаскақәеи назышьҭыз.

АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба еиҭеиҳәеит Аконгресс аусуреи уи имҩаԥнаго апроектқәеи активла рхы рыладырхәуа ишалагаз зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз арепатриантцәа.

«Руаӡәы аҭаацәара ириҭеит ахәыҷқәа рааӡараҿы ихәарҭоу амаҭәашьарқәа, апамперсқәагьы уахь иналаҵаны, иагьиҳәеит уи ақәра иҭысаанӡа ирызхаша апамперсқәа рыла ишеиқәиршәало. Даҽаӡәы афатә-ажәтә рзынаишьҭит. Арҭ аҩыџьа рыхьӡқәа ӡырыргарц рҭахымхеит», – иҳәеит Гыцба.

Баҭал Чрыгба иҭабуп ҳәа реиҳәеит иҭаацәара ацхыраара рызҭаз зегьы. Ақыҭаҿы уаанхарц зыуӡбеи, уусуразы аԥара зыумгои ҳәа ҳаниазҵаа, иаармарианы аҭак ҟаиҵеит: «Аброуми иахьсызҳаз!» – ҳәа.

Иԥшәмаԥҳәыс Елена Ҭаниаԥҳагьы иҭабуп ҳәа ралҳәоит рыуадаҩра иақәҿызҭыз, аҩны аргылараҿгьы ацхыраара ҟазҵо зегьы.

«Иҭабуп шәахьҳадгылаз! Аброуп ҳаҩны ахьыҟоу, абра ҳанхалар ҳҭахуп. Иаргьы ашкол аҿы иусура ааныжьра игәы иҭам, ахәыҷқәа аҵара дирҵаларц иҭахуп», – лҳәеит лара.

Баслахә ақыҭан инхо Коба Ҷыҭанаа ҩаԥхьа иазгәеиҭеит, Баҭал ацхырааразы инаидгыло аӡәгьы мап шицәиимкыц, аџьабаа дшацәымшәо, иарбан усзаалакгьы аҟаҵара дшазыхиоу.

«Уажә ааигәа сашьа дсыԥхеит. Иқьашана сыргылон. Баҭал даара дсыцхрааит. Амалаҳәоуп дышуцхраауа усгьы», – иҳәеит ахаҵа.

Баслахә иҟоу АААК аҭыԥантәи аҟәша анапхгаҩы Роберт Адлеиба агәра ганы дыҟоуп, ақыҭазы даара акыр шаҵанакуа Баҭал ацхыраара иҭара, уи иҭаацәа абра иаанхартә аҭагылазаашьа рзаԥҵара.

«Ахәыҷқәа асахьаҭыхшьа дирҵоит, даара дыҷкәына бзиоуп, аусура дацәаашьом. Еснагь дҳацхраауеит. Ақыҭаҿы абри иҩызцәа ауаа ҳамазароуп. Аиаша уҳәозар, абас ирласны ҳаҳәара шәахаҵгылоит ҳәа ҳаҟамызт. Ҳара даара пату ақәаҳҵоит иҟашәҵо адгылара, ҳнапалагьы аҩны аргылараҿы ҳшәыцхраауеит», – иҳәеит иара.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аусура акрызҵазкуа ахырхарҭа хадақәа ируакуп – Аԥсны аҩнуҵҟеи ҳдиаспора жәпаҩны иахьынхо егьырҭ атәылақәеи рҟны ауаа реиланхарҭақәа аԥсҭазааразы иманшәаланы реиқәыршәара. АААК аҽазнашәоит убас еиԥш аҭагылазаашьа аԥҵара – аҭыԥантәи анхацәа рхаҭақәа ахаԥшьгара аарԥшны рыбзазара аиӷьтәра рҽазыркыртә, иара убри алагьы рыԥсадгьыл ашәҭыкакаҷра иацхраартә еиԥш. Убри азын иаԥҵахоит абас еиԥш аусура зырцыхцыхуа АААК аҭыԥантәи аҟәшақәа. 2020 шықәса жәабранмзазы Аԥсныи Ҭырқәтәылеи иҟоу аҭыԥантәи аҟәшақәа рхыԥҳьаӡара 30 рҟынӡа инаӡеит.