АААК иаԥнаҵаз Аҳәса ркоординациатә хеилак ахантәаҩы Екатерина Бебиа Аԥсуара иазку апроектқәа рзы аусуратә еиԥылара мҩаԥылгеит.

Аԥсуара ахьчареи аларҵәареи ирзынархоу апроектқәа ирылацәажәеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс иаԥнаҵаз Аҳәса ркоординациатә хеилак аҟны хәажәкыра 15 рзы. Аизара мҩаԥысит АААК апресс-центр аҟны, имҩаԥылгеит Аҳәса рхеилак ахантәаҩы Екатерина Бебиа.

Аиԥылара еиҿкаанАконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь адунеи иаланхо аԥсуа-абаза жәлар ахаҭарнакцәа зегь рахь иааԥхьара аамышьҭахь – иааиуа ахәышықәса ҳусура Аԥсуара/Абазара иазаҳкуеит ҳәа ахьиҳәаз.

Уи ааԥхьараҿы иҳәоит абас: «Агәра ганы сыҟоуп Аԥсуара, Абазара шакәу ҳажәлар рыӷьацара, реизҳара шьаҭас иамоу, ихадароу идеиологиасгьы ишьҭыхтәу. Убри ҳасаб азуны алаҳәара ҟасҵоит иааиуа ахәышықәса ҳусураҿы Аԥсуара/Абазара иатәхоит ҳәа. Ари иаанаго, ҳамч-ҳалша зегь ҳхьышьҭра амырӡра иазаҳкуеит ҳәа ауп».

Аиԥылара рхы аладырхәит Аԥсны аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиаԥҳа, Апедагогикатә институт адиректор Ирина Кәакәасқьыр, ААУ Аполитологиеи асоциологиеи ркафедра аиҳабы Емма Гамсаниаԥҳа, аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Нонна Аламиа, Аԥсуа университет ажурналистика афакультет астудентцәа.

АААК Аҳәса рхеилак ахантәаҩы Екатерина Бебиа еизаз иралҳәеит Аконгресс аусура шцо, иазгәалҭеит изҿу зегь ааидкыланы аԥсуа-абаза жәлар реидкылара адагьы Аԥсуара – ус анакәха аԥсуаа рмилаҭтә хаҿра – аиқәырхарагьы ишазынархоу.

«Аҳәса ркоординациатә хеилак аусура апроектқәа рыла еихшаны иҟаҵан, дара зегьы иахьурхалак ҳидеологиа иадҳәалоуп, аҭаацәара, ахәыҷқәа рааӡара, аҵасқәеи-ақьабзқәеи уҳәа реиԥш иҟоу азҵаарақәа ирызкуп. Мусса Егзакь иажәалагала инақәыршәаны, Акоординациатә хеилак аусураҿы ихадароу хырхарҭас иалкаан Аԥсуара. Аха шәареи ҳареи абри аус ҳазхәыцны, ииашаны ҳазымнеир алҵшәа бзиа ҳауртә изыҟалом», – лҳәеит лара.

Аилатәара алахәцәа алацәажәеит Аԥсуара аиқәырхареи арҿиареи азҵаара систематә ҟазшьала, шьаҿа-шьаҿала ишазнеитәу. Апедагогикатә институт адиректор Ирина Кәакәасқьыр иазгәалҭеит ашкол аҿы Аԥсуара ахысра азҵаара иахьа уажәраанӡа иӡбамкәаны ишаанхо.

«Аԥсуара аиқәырхараҿы аԥсуа бызшәеи алитературеи аурокқәа азхоит ҳәа ахжьара абзиарахь ҳкылнагом. Ҳмилаҭтә хаҿра аглобализациа аамҭа иаламӡырц азы ашколқәа рҿы Аԥсуара арҵара алагалахарц ҩ-напыкала иахьа аус аауроуп», – лҳәеит Кәакәасқьырԥҳа.

ААУ Аполитологиеи асоциологиеи ркафедра аиҳабы Емма Гамсаниаԥҳа излалԥхьаӡо ала, Аԥсуара ашколтә программа алаҵара анахыс, иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рҿгьы факультативтә маҭәарк аҳасабала иалагалатәуп.

«Сара издыруеит Аԥсны ақыҭа школқәа шьоукы-шьоукы рҟны Аԥсуара маҭәарк еиԥш ишахысуа, ақыҭақәа рҿы иара аныҟәгара еиҳа ишеиқәхазгьы. Ҳара зегьы еилаҳкаауеит Аԥсуара аԥсы ҭакны изку ақыҭа шакәу. Ақыҭа школқәа рҿы Аԥсуара аҵара аҭахуп ҳәа ԥхьаӡаны иаларгалазар, ақалақьқәа рҿы ҩынтәгьы иаҭахны иҟоуп», – лҳәеит Гамсаниаԥҳа.

Аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиаԥҳа еиҭалҳәеит Аԥсуара маҭәарк аҳасабала ашколтә программа алагаларазы аҵаҩцәа қәрацыԥхьаӡа ирнаалаша арҵагашәҟәқәа шеиқәыршәатәу, убас арҵаҩцәагьы шазыҟаҵатәу.

 Аҟәатәи 4-тәи абжьаратә школ арҵаҩы Нонна Аламиагьы ари агәаанагара дақәшаҳаҭхеит.

«Сара аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩык лаҳасабала избарҭоуп иахьатәи ҳапрограмма зеиԥшроу ала, инарҵауланы ҳажәлар рҵасқәеи рқьабзқәеи рзааҭгылара, рҵакы алацәажәара шалымшо. Аԥсуара хазы маҭәаркны иалкаазар, нас асахьаркыратә литература аҟынтә аҿырԥштәқәа ааго, ҳабзазара иадкыло, ус-ус амаҭәар ахәыҷқәа ирызнаҳгаларын, даргьы рхаҿы иаанхон»,  – лҳәеит арҵаҩы.  

Аиԥылара ахыркәшамҭаз уи алахәцәа иаларҵаз ажәалагалақәеи аидеиақәеи ирылацәажәеит, ирыдыркылеит, хара имгакәа иахәҭоу аԥшра рыҭаны АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь изанышьҭхоит.