Ақыҭақәа аныжьны ақалақьахь нхара аиасра зехьынџьареиԥш Ҭырқәтәылагьы ишуԥылогьы, зегь акоуп аратәи аԥсуа қыҭақәа иахьанӡагьы атрадициатә ҟазшьа шрымоу еиқәырхоуп, амилаҭтә цәаҩагьы рхуп.

Асҭа Арӡынԥҳа

Ҭырқәтәыла шәыҟанаҵ, еицакра зқәым агәараҭа ҭбаа цырцыруа ижәбозар, агәра ганы шәыҟаз уа аԥсуа ма ашәуа ҭаацәа шынхо. Агәара ҭбаақәа араҟа измоу аԥсуааи ашәуааи роуп. Ари ажәытәӡа инаркны иаауа, аԥсуа исасдкылара иадҳәалоу, атәым жәҩан аҵаҟагьы еиқәдырхаз амилаҭтә ҷыдарақәа ируакуп.

Агәараҭа – асас изы: Ҭырқәтәылагьы Аԥснеиԥш

Иарбанзаалак аҭаацәаратә хҭыс ааны – чароума, ахәыҷы иироума, иубилеиума, мамзаргьы ацәгьеи абзиеи рышьхәа еивҵоуп шырҳәо еиԥш, ԥсразаргьы – шәҩыла ауаа агәараҭаҿы еизоит. Арҭ ауаа зегьы џьара иртәатәын. Агәараҿы ашьаԥа дыргылон, аишәақәа рхианы асасцәа дыртәон. Аказарма, ажәбоура, аца, акәтыҵра уҳәа анхамҩатә хыбрақәа аҩны инацәыхараны идыргылон, агәараҿы (ашҭаҿы) аҩны аҿаԥхьа акгьы дыргыломызт.

Ари атрадициа еиқәдырхеит Ҭырқәтәыла иҟоу ҳџьынџьуаагьы. Аԥснынтә ихҵәаны инеиз аԥсуаа еизааигәаны инхон, ҳабла-ҳаблала. Уигьы рыцхраауан рмилаҭтә хаҿреи рҵас-қьабзқәеи, рбызшәеи реиқәырхараҿы.

Ҩ-хьӡык змоу ақыҭақәа

Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭақәа иреиҳау акоуп Балбалы, аратәи аԥсуаа Калдахәара ҳәа изышьҭоу. Уи шьаҭазыркыз аԥсуаа XIX-тәи ашәышықәсазы Калдахәарантә иааз роуп. Рқыҭа гәакьа гәхьааганы Сакариа арегион аҿы нхарҭа ҿыцс иалырхыз ари аҭыԥгьы уи ахьӡ ахырҵеит.

Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора рыбжьара ари апрактика акыр ирылаҵәоуп. Убри аҟнытә иџьашьатәӡам ара иахьуԥыло Ҷлоу, Џьгьарда реиԥш ҳзышьцылахьоу аԥсуа қыҭа хьыӡқәа. Арҭ ақыҭақәа рофициалтә хьыӡқәа ҭырқәшәала ишыҟоугьы, аԥсуаа рыбжьара – аԥсышәалоуп ишрышьҭоу.

Угәы зырҿыхо, аԥсадгьыл угәалазыршәо аԥсабара

Лаҵарамза алагамҭазы амшын иаҿықәу ҭырқәтәылатәи апровинциақәа рҿы ишәҭуеит амакқәа. Балбалы ақыҭахь узго амҩагьы арҭ ашәҭ ҟаԥшь ԥшӡақәа рыла иҭалаҳауп. Аԥсны арҭ ашәҭқәа уԥылаӡом, аха егьырахь апеизажқәа акыр еиԥшуп. Аԥснеиԥш араҟагьы аџьықәреи ахьаадрыхуа амхәырсҭақәа улаԥш ахьынӡрыхьӡо ишьҭоуп.

Аԥсуа милаҭтә чыс хәыҷык иадымхаргьы аӡбахә заҳахьоу ирдыруеит аџьықәреи иалҵуа ашыла ишалҵуа ихадоу аԥсуа чыс – абысҭа. Иарада иарбанзаалак аишәачара ухаҿы иузаагом.

Ақыҭақәа шьахәла иныҟәыргоит, амҩадуқәа цқьоуп, агәамсам џьара улаԥш иҵашәом. Аԥснеиԥш араҟагьы аҩнқәа ҩбаны еихагылоуп, амардуанқәеи абарҵақәеи ҭбааҭыцәӡа иҟоуп.

Аԥсуаа Ҭырқәтәыла ианықәнагала рыԥсадгьыл еиԥшныршьалоз, уи ргәалазыршәалашаз анхарҭа ҭыԥқәа ирышьҭан. Кавказ аԥсабареи, аҳауеи иахьынӡауа ирзааигәаз ахьыҟаз аҭыԥқәа ирызцон. Убри азоуп аратәи аԥсуа қыҭақәа зегь рыла Аԥснытәиқәа изреиԥшу.

Атрадициатә бзазашьеи абызшәатә ассимилиациеи

Аҭҵааҩцәа разгәаҭарақәа рыла, Ҭырқәтәыла иахьа иҟоу аԥсуа-абаза қыҭақәа рхыԥхьаӡара 230 рҟынӡа инаӡоит.

Ақыҭа агәҭаны, ара ишаԥу еиԥш, игылоуп акультуратә центр – адернеқь. Рацәак идуум ари ахыбраҿы имҩаԥысуеит аԥсуа бызшәа аурокқәа, анапҟазара акружокқәа еиҿкаауп. Ахыбра уанааҩнашылалак зегь раԥхьа улаԥш зықәшәо аҭыӡқәа рҿы икыду Аԥсны асахьақәеи, адиаспораҿы зҽалызкааз ахаҭарақәа рпатреҭқәеи роуп. Акультуратә центрқәа рҿы имҩаԥысуеит ҳџьынџьуаа реиԥыларақәа, аныҳәақәа, араҟа ирыдыркылоит Аԥснынтә ирызнеиуа асасцәагьы.

Ааигәанӡа аԥсуа-абаза қыҭақәа рҿы еиҳарак аԥыжәара змаз ахатәы бызшәа акәын. Аха иахьатәи аамҭазы уи зҳәо рхыԥхьаӡара акыр имаҷхеит, еиҳаракгьы амилаҭеилаԥса ахьынхо ақыҭақәа рҿы. Дузџьа, Сакариа реиԥш иҟоу арегионқәа рҟны аиҳабыратә, абжьаратә абиԥарақәа рахь иаҵанакуа ҳџьынџьуаа рхатәы бызшәа рдыруеит, дара-дара реицәажәараан уи рхы иадырхәоит. Аха егьырҭ апровинциақәа рҿы, еиҳаракгьы аҩада-мрагыларахьтәи ахәҭаҿы абызшәатә ассимилиациа апроцесс еиҳа амҽхак дуны имҩаԥысуеит.

Аҵыхәтәантәи ҩынҩажәа шықәса раахыс аурбанизациа апроцес акыр иӷәӷәаны имҩаԥысуеит Ҭырқәтәыла. Аҿарацәа ақыҭа аныжьны, еиӷьу аԥсҭазаара иашьҭаланы ақалақьқәа рахь еихоит. Ари апроцесс изацәхьамҵит аԥсуа-абаза қыҭақәагьы, урҭ уааԥсырала акыр иӷархеит иахьазы. Аха зеиԥшла иуҳәозар, ҳџьынџьуаа зегь акоуп рқыҭақәа ирыдҳәалоуп, рыҩнаҭақәа шамахамзар зынӡаҵәҟьа иқьаԥҭажәрымтәит, рхәышҭаарамцақәа дмырцәеит.