Аҟәа, Ацәыргақәҵатә зал хадаҟны иаатит Заур Мықәба 75-шықәса ихыҵра иазку аекспозициа.

Саид Барганџьиа

Заур Мықәба иавтортә експозициа аатит Аҟәа, аԥшьаша, лаҵарамза 2 рзы. Ацәыргақәҵа асахьаҭыхҩы 75-шықәса ихыҵра иазкуп. Ихадоу ацәыргақәҵатә зал аҟны ицәыргоуп асахьаҭыхҩы еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы иҭихыз иусумҭақәа, урҭ, ҳәарада, аҭааҩцәа зегьы ирызцәырыргеит азҽлымҳара ду. ​

Асахьақәа баша рыхәаԥшра адагьы, иааухәар ҟалоит: аекспозициа аформат ала ацәыргақәҵа-аиармарка аҳасабала еиҿкаауп. Асахьаҭыхҩы иусумҭақәа жәпакы Европа ахатә галереиақәа рҟны иҵәахуп.

Автор гәаартыла иҳәоит – иҟазараҿы гәышьҭыхгас имоу Аԥсны шакәу, иара иԥсадгьыл ауп иусумҭақәа реиҳарак зызку.

«Араҟа ицәыргоу сусумҭақәа рыҟнытә қәрала зегьы иреиҳау ҭысхит 1978 шықәсазы. Графикала иҭыху апеизаж ауп. Бзиа избоит еиуеиԥшым атехникақәеи, ашәыгақәеи рыла аусура. Сара сзы гәахәара дупп сусумҭақәа ауаа азҿлымҳара ахьрызцәырнагаз. Араҟа сҩызцәагьы рацәоуп, адгылара сырҭарц имҩахыҵыз», - иҳәеит асахьаҭыхҩы.

Ацәыргақәҵа иаҭааз, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Витали Џьениа иажәаҿы, Зураб Мықәба «аҿыханҵа амаестро» ҳәа ихиҳәааит, иагьазгәеиҭеит, уи Аԥсны иреиӷьӡоу асахьаҭыхыҩцәа дшырхыԥхьаӡалоу.​

«Араҟа иаҳбо аусумҭақәа даараӡа иҵаулоуп. Иара ипеизажқәа, ианакәызаалак есымша улаԥш рыдхалоит, акы еиԥшымкәа иҟоуп», - иҳәеит Џьениа.

Ацәыргақәҵа аус аулоит лаҵарамза 15 рҟынӡа. Уи аҭаара хәыда-ԥсадоуп.​