Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб абрифинг мҩаԥнагеит, ачымазара зыдбалоу рҭагылазаашьеи аштаб анаҩстәи ашьаҿақәеи ртәы аиҭаҳәаразы.

Ачымазара COVID-19 ҿыц изыдбалоу Аԥсны атәылауаа рыԥшьҩык – иҳаҩсыз амчыбжь азы Москвантә иааз, Урыстәыла арратә ҵараиурҭақәа рҟны аҵара зҵо аԥсуа студентцәа роуп. Дара атәыла ианалала инаркны рхы ԥхьаркуан ҷыдала уи иазыркыз асасааирҭаҿы. Абри азы адырра ҟаиҵеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа, асабша лаҵара 9 рзы имҩаԥысыз Аоперативтә штаб абрифинг аҟны.

Иара иазгәеиҭеит, апациентцәа зегьы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишнаргаз, уаҟа иахәҭоу ала рыхәышәтәрагьы ишаҿу. Рҭагылазаашьа хар амам ҳәа ишьоуп.

«Уаанӡеиԥш уажәгьы ҷыдала иалаҳкаар ҳҭахуп, атәыла аиҳабыра иаларгалаз аԥкрақәа, аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра аԥҟарақәагьы уахь иналаҵаны, даара актуалра шрыҵоу. Ҳара еснагьгьы иаҳҳәон, акоронавирустә чымазара ахҭысқәа аҳәаанырцәынтә «иаҳзаауа» ракәзаауеит ҳәа, агәыларатә тәылақәа рҟынтә. Уажәаԥхьа астационар аҟны иаҳхәышәтәуаз ачымазцәагьы џьарантә «иааргаз» аҿкы рыман, ара ирымкӡеит, убри аҟнытә даараӡа акраҵанакуеит аҳәынҭқарратә ҳәааҿы аушьҭратә режим џьбара аиқәырхара, уи еиҳа ирӷәӷәазаргьы ҟалоит», – иҳәеит аминистр.

Иара игәаанагарала, ачымазара зцәа иалазар ауа ауааԥсыра иахьынӡауа атәыла ралалара ԥктәуп.

«Ҳтәылауаа рыԥсадгьыл ахь раамышьҭра азин ҳамам. Абраҟа аус злоу аӡәыцыԥхьаӡа ихы иадиҵо аҭакԥхықәроуп: аепидемиа ахьыҟоу аҵакыраҟынтә иаауа доусы ашәарҭара ицзар шауа еилкааны, хымԥада иаразнакала ихы ԥхьеикроуп, иуацәеи, иааигәа-сигәа иҟоу егьырҭ ауааи рзы ԥырхага ҟаимҵарц. Аҳәаа иахысуа зегьы асанитартә-епидемиологиатә маҵзура аҟынтә ахылаԥшра имазароуп. Ахылаԥшра есааира ирӷәӷәалахоит, арҭ аусмҩаԥгатәқәа даара аҵак ду рымоуп, урҭ еилшәарада инагӡалатәуп», – ҳәа агәра ганы дыҟоуп Ҵахнакьиа.

Иара иҳәеит убасгьы, иахьазы иалагалоу аԥкрақәа зегьы ҿҳәарас ишрымоу лаҵара 15. Уи анаҩс Акоординациатә штаб изаамҭанытәиу аилатәараҿы иӡбахоит арҭ аусмҩаԥгатәқәа иҵегь ирыцҵахо, мамзар ирԥсыҽхо.

«Еилкаау акоуп – аҳәаа шарку иаанхоит», – иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр.

Атәыла ауааԥсыра рахь ихы нарханы даҽазныкгьы ааԥхьара ҟаҵауа, аминистр аҳәара ҟаиҵеит ауаа рацәа ахьеизо имнеиларц, иахьынӡауа аҩны иҟазарц, џьара ианҭыҵуа асабрадақәа рхарҵаларц, арзҩыдатәгақәа рыла рнапы рыӡәӡәаларц.

«Урыстәылатәи Афедерациантә Аԥсныҟа иаауа зегьы хымԥада 14 мшы акарантин иахысроуп. Ачымазара уаҳа аӡәгьы икуам ҳәа ҳазҳәаӡом. Урҭ рхыԥхьаӡара иацлалоит. Ҭагалан, аӡын ахьшәашәарақәа аныҟалалак, ахьҭалаларақәа анырацәоу аамҭазы, иҟалап, аҩбатәи ма ахԥатәи акоронавирустә цәқәырԥа шьҭыҵыргьы. Ҳара уи ҳазыхиазароуп. Убри аҟнытә уажәаԥхьагьы иалагалаз аԥкрақәа зегьы уи аамҭазгьы актуалра рымазаауеит», – ҳәа иажәа хиркәшеит Ҭамаз Ҵахнакьиа.

Абрифинг аҟны дықәгылеит убасгьы Аҟәа асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева. Лара иазгәалҭеит ҿыц ачымазара зыдбалоу аԥшьҩык аҳәаа ианахыс инаркны уаҳа аӡәгьы иныруамызт ҳәа.

«Ичмазаҩхаз рыԥшьҩыкгьы – ҵараиурҭак иҭоу астудентцәа роуп. Аҳәаа ианахыс ашьҭахь уаҳа аӡәгьы иныруамызт, ишааиз еиԥшҵәҟьа ахыԥхьакырҭаҿы инаган. Аха дара-дара еиныруан аҵараҿы ианыҟазгьы, амҩахьгьы. Убри аҟнытә дара уажәы ахыԥхьакра акәым, акарантин иаҵаркуп. Егьырҭ астудентцәа ракәзар, арҭ аԥшьҩык ирҟәыганы хазы иртәоуп, рхы ԥхьаркуеит, иахьазы ргәы бзиоуп», – лҳәеит Белиаева.

Лаҵара 8 рзы Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб адырра ҟанаҵеит атәылаҿы ишаарԥшу ԥшьҩык COVID-19 зцәа иалоу ачымазцәа.

Хәажәкырамза анҵәамҭа инаркны мшаԥы 20 рҟынӡа Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыда алагалан. Атәыла аиҳабыра рыӡбарала уи аҿҳәара иацҵамызт. Убри аан аиҳабыра атәыла ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟарҵоит ачымазара ҿкы алаҵәара иаҿагылаша аԥкрақәа ирықәныҟәаларц.

Аԥсны ақалақьқәа зегьы рҿы иахьатәи аамҭазы аџьармыкьақәа аус руеит, дара аартуп мчыбжьык ахь хымш. Ашколқәеи, ахәыҷбаҳчақәеи, ауниверситети макьанагьы иаркуп.