Шәачатәи археологцәеи атәылаҿацәҭҵааҩцәеи Дагомыс иацәыхарамкәа ирыԥшааит абаза жәлар идыргылаз ижәытәӡоу ауахәама ахыжәжәарақәа.

Саид Барганџьиа

Шәача азааигәара, аԥсшьарҭатә микрораион Догамыс аҟны археологцәеи атәылаҿацәҭҵааҩцәеи Мадин Хәышьҭи, Михаил Кудини, Константин Глазови, Андреи Кизилови ирԥшааит ижәытәӡоу ақьырсиантә уахәама ахыжәжәарақәа, аспециалистцәа ргәаанагарала, ауахәама дыргылеит абаза жәлар рхаҭарнакцәа.

Ари ахҭыс АААК аинфопортал иазеиҭеиҳәеит ауахәама зыԥшааз аҵарауаа ргәыԥ иалаз Шәачатәи аҭҵаарадырратә центр ахь иаҵанакуа аетносоциалтә проблемақәа рзы Алабораториа аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабы Андреи Кизилов.

Кизилов иажәақәа рыла, ауахәама аныргылаз аамҭа макьанзы ишьақәыргылам, иаҳа иалкаау аинформациа аргыламҭа аҭҵаара ашьҭахь иҟалоит.

«Ауахәама акыраамҭа ҳашьҭан. Аҭыԥантәи абнахылаԥшҩы иаҳзеиҭеиҳәеит лымҳаҭасла иаҳахьаз аинформациа. Иаҳаулак ауахәама ҳаԥшааит», —иҳәеит археолог.

Кизилов иажәақәа рыла, Дагомыс аҳабла ахьышьҭоу аԥшаҳәа ҩадахьала иҩахакны, «ишгылоу рдыруеит иакзаҵәыку, зшәагаа дула иналукааша ауахәама» аҳабла Лоу (акурорттә ҳабла, Шәача 26 километра рыла иацәыхароуп— аред.) аҟны. Ауахәама хазшәа иахьгылоу зыхҟьаз, аҵарауаҩ игәаанагарала, аҭауадцәа Лоуаа рыжәла иатәыз уахәаманы иахыҟаз оуп. Иҟоуп агәаанагара, Аԥсуа аҳра ашьаҭаркыҩцәа Леон I, Леон II уи ажәла иахылҵшьҭроуп ҳәа.

Ауахәама зыԥшааз аҵарауаа ргәы ишаанаго ала, Догамыс – Шәачеи Лоуи рыбжьара иахьыҟоу аҟынтә, насгьы уи аҵакырадгьыл аҿы абаза жәлар рхаҭарнакцәа шынхоз азгәаҭаны, иуԥхьаӡар ауеит ааигәа иԥшааз ауахәамагьы дара роуп изыргылаз ҳәа.

Ауахәама ахыжәжәарақәа дрыхцәажәауа, Кизилов иазгәеиҭеит аханатәтәи аԥшра рыманы ишеиқәхаз аҳашхәала еибаркыз ауасхыр ашәара иҟоу аҭыӡқәа, аныҳәарҭа акәзар – Мрагылараҟа иԥшуан, маҷӡак аладаҟагьы ахы рханы.

«Ауахәама рацәак идумызт. Аҭыӡқәа шьҭыхуп ҷыдала аус зыдуламыз ацәаҟьа ԥҽыхақәеи аԥслымӡхаҳәи рыла. Ауахәама аныҳәарҭа аҩныҵҟала «равертин» ҳәа изышьҭоу абашҳала ичаԥан. Ари ахаҳә ҟәымшәышәуп, аус адулара, арышҳабызра мариоуп, уи ахархәара ҭбаа аман Шәача акәша-мыкәша IX-X-тәи ашәышықәсақәа рахь иаҵанакуа ақьырсиан уахәамақәа рыргылараан», – ҳәа еиҭаиҳәоит иара.

Аҵарауаа ргәаанагарала, ахаҳә ҟьаԥсқәа рыла акәымкәа аблокқәа рыла ачаԥашьа ауп заавизантиатәи апериод иаҷыдаҟазшьаны иагьыҟоу.

Уажәазы аҭыԥ аҟны археологиатә ҭҵаарақәа мҩаԥысуеит, урҭ рыбзоурала аԥшаах иазкны иаҳа ихаҭәаау аинформациа еилкаахоит.