АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба Аконгресс Адискуссиатә клуб раԥхьатәи сасны дҟалеит. Аклуб аиԥылараҿы иара еиҭеиҳәеит иԥсҭазаареи, Аконгресс аҟны иусуреи ртәы.

Саид Барганџьиа

Абҵарамзазы зусура хацыркыз АААК Адискуссиатә клуб раԥхьатәи сасыс даҭааит Аконгресс ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба. Абҵара 12 рзы имҩаԥысыз аклуб аиԥылраҿы иара еиҭеиҳәеит иԥсҭазаареи, иҭаацәареи, АААК аҟны иусуреи ртәы, иара убасгьы дырзааҭгылеит ԥхьаҟатәи игәҭакқәа.

Гыцба изыӡырыҩразы еизеит Аԥсны аҳәынҭқарратә университет жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рфакультет астудентцәеи, АААК аҟнытә иколлегацәа, ажурналистцәа, агәыҳалалратә фонд «Ашана» аусзуҩцәа, иара убас аиԥылара иазҿлымҳаз зегьы. Аиԥылара аиҩызаратә ҟазшьа аманы имҩаԥысит, уи зыбзоураз акы акәныгьы иҟоуп еизаз асас иахь ирымаз аинтерес.

Инар Гыцба еизаз драцәажәон ҩ-сааҭк инарзынаԥшуа.

Гыцба иқәгылара еиҳарак иазикит Аконгресс аҟны иусура. Иара еиҭеиҳәеит, Аконгресс аҟны аусура ихаҭа «дшагәыланахалаз» атәы, иара убасгьы дырзааҭгылеит иахьазы АААК аусура иамоу алҵшәақәеи, аҿаԥхьа иқәнаргыло ахықәкқәеи.

«Ҳара ҳџьынџьуаа нхоит 50 инареиҳаны атәылақәа рҟны. АААК Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы [Мусса Егзакь] ишиҳәо еиԥш, ихадоу [АААК] ахықәкы – аԥсуа-абаза милаҭ ахаҭарнакцәа реизгареи реидкылареи ауп. Ҳара (Аконгресс аусзуҩцәа – ) ҳакәзар – ҳәарада уи апозициа ҳадгылоит, ҳара (АААК) аԥсуа-абаза милаҭ ахаҭарнакцәа зегьы аӡәыцыԥхьаӡа «ԥшрала» иаҳдыруазароуп, ҩныцыԥхьаӡа «ҳамҩахыҵроуп», - иҳәеит Гыцба.

АААК ауснагӡаратә маӡанаред.ыҟәгаҩ Аконгресс аҟны аусура далагаанӡа, аус иуан Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны, нас Аԥсны ахаҭарнакс Ҭырқәтәыла дыҟан. Иара еизаз ирзеиҭеиҳәеит имоу адипломаттә ԥышәа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҟны иусура ишацхраауа атәы. Иахьазы инаигӡо амаҵура иабзоураны, Гыцба лассы-лассы дрылахәуп аҳәаанырцәтәи аусуратә ныҟәарақәа, урҭ раан иара дырԥылоит дызҭааз атәылаҟны инхо абаза ажәлар ахаҭарнакцәа. Гыцба ишазгәеиҭаз ала, адиаспора рыбжьара аимадарақәа рышьақәыргылара аганахьала АААК имҩаԥнаго аусура «ауаажәларратә дипломатиа ҳәа изышьҭоу ауп».

Иара иҳәеит, адунеи иқәынхо аԥсуа-абаза милаҭ ахаҭарнакцәа ирыҿцаауеижьҭеи, урҭ ахьыҟазаалак зехьынџьара «рҭоурыхтә ԥсадгьыл иазҿлымҳауп, рхылҵшьҭра иазку зегь нҭырҳәцааны аилкаара иашьҭоуп» ҳәа.

«Иара убасгьы, ҳара ҳзы ихадоу ахықәкқәа ируакуп аимадаразы «ацҳа ахҵара», - ҳәа инацҵаны иазгәеиҭеит Инар Гыцба.

Аиԥылара хыԥхьаӡара рацәала иаҭааз аҿар ргәаҳәара азгәаҭны, АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ ҷыдала дазааҭгылеит, аҿар рзы Аконгресс имҩаԥнаго аусура. Иара Аклуб асасцәа ирзеиҭеиҳәеит, АААК аҟны ишыҟоу аҿар аус рыцызуа иҷыдоу аусбарҭа. Гыцба иҟаиҵаз алаҳәарала, уи аусбарҭа хадара азызуа Леван Торчуа хара имгакәа Аклуб дсасны дшыҟало атәы еилкаахеит.

Аиԥылара алахәцәа ирыман алшара асас ихатә ԥсҭазаара иазку азҵаарақәагьы рыҭира. Астудентцәа Гыцба иазҵаауан, абас хҭысла ибеиоу аусуратә график змоу, ззанааҭ аҟны аихьӡарақәа аазырԥшуа ауаҩы иҭаацәара рзы аамҭа злаиԥшаауазеи ҳәа.

«Зыӡбахә шәымоу зегь еидҳәалоуп. Аҭаацәараҟны ақәҿиарақәа умамзар, уусураҟны ақәҿиарақәа раарԥшра уадаҩхоит. Доусы иара ихы аҟынтә, иҭаацәара рҟынтә далагароуп. Унапы злаку аус бзиа иубозароуп, уи агәра угозароуп. Ииашаны умш шьақәургылар, зегьы уахьӡоит», - ҳәа изыӡырыҩцәа агәра диргеит Гыцба.

Аиԥылара зхы алазырхәыз акультуратә-гәыҳалалратә фонд «Ашана» (ачымазара хьанҭа змоу ахәыҷқәа ирыцхраауа афонд – аред.) адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа дҵааит, АААК аусураҟны ачымазара хьанҭа змоу ахәыҷқәа рыцхрааразы ахырхарҭа ҳәа акыр алхума ҳәа.

Инар Гыцба излеиҳәаз ала, уи аганахьала аицәажәарақәа мҩаԥысуеит, насгьы иахьазы иҟоуп иконкреттәу ажәалагалақәа, урҭ хара имгакәа ицәыргахоит.

АААК Адискуссиатә клуб анапхгаҩы Ирина Турааԥҳа лгәаанагарала, аклуб имҩаԥнагаз раԥхьатәи аиԥылара қәҿиарала имҩаԥысит.

«Аиԥылара иаҭааз даараӡа ирызҿлымҳан Инар Гыцба дызлацәажәоз азҵаарақәа. Иара убасгьы ҳарԥылараны ҳаҟоуп АААК аинфопортал анапхгаҩы Амина Лазԥҳаи, Аконгресс Аҳәсеи Аҿарацәеи рхеилакқәа рнапхгаҩцәа Гета Арӡынԥҳаи, Леван Торчуеи», - иазгәалҭеит Турааԥҳа. Иагьацылҵеит аиԥыларақәа ирылахәхар шрылшо згәы иаҭаху зегьы, насгьы аклуб аҭаара шхәыда-ԥсадоу. Аиԥыларақәа зегьы асоциалтә ҳақәа рҟны идырбахоит ишиашоу ицо аефир ала.

Аԥсуа телехәаԥшра ауаажәларратә-политикатә хырхарҭа аредактор-хада Гьаргь Берзениа иазгәеиҭеит, аиԥылара дшаҭааз – «инарҵауланы АААК аусура еиликаарц азы».

«Адискуссиатә клуб, ҳәарада, даараӡа ибзиоу идеиоуп. Еиҳаракгьы, АААК урҭ рахьтә иреиӷьу рынагӡара иахьацхраауа аҟынтә (аиԥыларақәа рҿы ицәырҵуа, еиҳа аинтерес зҵоу, апроектқәа – аред.). Аклуб ицәырнагаз атемақәа даараӡа аинтерес рыҵоуп, иагьактуалтәуп. Ҳәарада, уажәшьҭарнахыс аклуб саҭаалоит, ҳаибадырлап, ҳаицәажәалап, џьара проектқәак адызгаларгьы ҟалап», - иҳәеит Берзениа.

Адискуссиатә клуб шәалахәхарц азы анкета хашәырҭәаароуп, шәзызҿлымҳау ахырхарҭа алкааны, анаҩс иара шәышьҭыроуп абри аелектронтә пошьҭахь (discussclub@abaza.org). Хырхарҭацыԥхьаӡа иалахәхарц зылшо рхыԥхьаӡара ԥкуп: уи зыдҳәалоугьы аклуб аилатәарақәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥ (Лакоба имҩала игылоу Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахыбра актәи аихагылаҿы иҟоу «Алашара» аофис) 25-30-ҩык рыда ахьазымкуа ауп. Аха, иалкаау темак алацәажәара зҭаххо рхыԥхьаӡара еиҳахаргьы, аиҿкааҩцәа уи ацикл даҽазнык амҩаԥгара рҽазыршәоит. Реиҳа акрызҵазкуа аиԥыларақәа рвидеонҵамҭақәа АААК YouTube аканал аҿы иҭагалахоит. Иазгәаҭоуп иара убас аклуб аилатәарақәак асоциалтә ҳақәа рҿы ишиашоу ицо аефир ала рышьҭра.