Жəабран — ачгара Ду иалагаанӡа шықәсык ахь знык имҩаҧырго қьабзтә ныҳәоуп. Крызхыҵуа ари аҵас адац-ҧашәқәа ҳажәлар ржәытә ҭоурых иаласоуп.

Есма Гәаланӡиаҧҳа

Абзазараҿы еиҳараӡакгьы арахәааӡара ианаҿыз ажәытә аамҭақәа рзы, аҧсуаа имҩаҧыргон аҩнытә ҧстәқәа рынцәахәы Аиҭар изкыз ақьабзтә ныҳәа. “Кыр зымчу Аиҭар - абжьеиҭар - анцәахәду!”  — абас иҟан анцәахәы иахь ааҧхьарақәа руак. Иҧхьаӡан, Аиҭар дызлашьақәгылоу бжь-нцәахәык хадара рзиуеит ҳәа.

“Аиҭар ҵакыс имоу, дызлашьақәгылоу хәҭақәас иҧхьаӡан: Жәабран - ашьамаҟа анцәахәы, Џьабран - аҧсаса анцәахәы, Ҳәараҳ - аҳәақәа рынцәахәы, Алышькьантыр - алақәа рынцәахәы, Цабаҳ - ацыгәқәа рынцәахәы, Ҽышьашьана - аҽқәеи, агәыжьқәеи, аҽадақәеи рынцәахәы, Анана-Гәында ашьхаҧшреи ашьхааӡареи рынцәахәы. Хәҭа-хәҭала еидкылоу аетнографиатә материалқәа излаҳдырбо ала, уаанӡа Аиҭар ибжь-хәҭак ирызку ақьабзтә культқәа мҩаҧыргон”, - ҳәа азгәеиҭоит аетнолог Валери Бигәаа “Аҧсуаа рдинтә ныҳәақәа рдунеи” зыхьӡу имонографиаҿы.

Уажәтәи аамҭазы еиқәхаз анцәахәы Жәабран идҳәалоу акульт заҵәык ауп. Уи аныҧшит аӡынмзақәа руак - жәабранмза. Аныҳәара иузаҟәымҭхуа ахәҭақәа рахь иаҵанакуеит жәабранмгьал зыхьӡу ақьабзтә мгьал ахәшҭаараҿы аӡра. Амгьал аӡреи ақьабз амҩаҧгареи зықәнагоу қәрала аҩнаҭаҿы аҳәсақәа иреиҳабу ан, мамзаргьы аиаҳәшьа роуп. Арасаӡыхь инхо Ломиаа рҭаацәараҿы жәабран мҩаҧылгоит 93 шықәса зхыҵуа аҧшәмаҧҳәыс Венера Бганба-Ломиа.

“Уаанӡа, амгьал азы аҵәырса ҳаҩҩуан аныҳәа жәамш шагу. Жәабаҟа шықәса ҵуеит уаҵәы ныҳәазар уаха  иаҳҩҩуа ҳалагеижьҭеи. Аҵәырса армазеиразы аӡыршы иаҳҭоит аџьыкахыш, ашьақар, алыхәҭагәӡа икылху ашыла, амахәыда лаганы, ачашыла, ацха. Аҵәырса хҩаны уахык инҳажьуеит. Шьыжьнаҵы амца еиқәаҳҵоит. Ахәажәмгьал аӡразы иазхаша акәасҭӷа ҟаларазы, шьыбжьонынӡа ахәшҭаараҿы амца бзианы ишыроуп. Анаҩс аҵәырса ашыла ахаҧсаны, акәаҳара ҳалагоит. Уи аилырхразы ҳхы иаҳархәоит арасаҵәы, ма амҳабысҭа, напыла зынӡа ҳакьысӡом. Аҵәырса еиларҩынтлатәуп аӡрахьы инаҳгаанӡа. Убри аан, аҵәырса мыцхәы ижәпамзароуп”, - еиҭалҳәоит Венера Бганба-Ломиа.

Анаҩс ахәшҭаара ахәажә абӷьқәа рыла ихырҩоит. Урҭ абӷьқәа рзҩыдатәреи рырҟәатареи рзы заанаҵы аӡыршы иӡааҵаны еиладыршуеит. Уи хымҧадатәиын, азбанзар ауаа ирдыруан ахәажә маҷк ишышҳамыз. Амгьал аӡразы, ахәажә иақәырҵон зҿыгҳара еиҟароу амажәа, анаҩс абӷьқәа рыла ихҩаны, акәасҭӷа ақәрыҧсон.

Иӡуа амажәа ахәа аламҧсаразы рхы иадырхәон абананҵла абӷьқәа. Амгьал еизеиҧшы иӡразы акәасҭа иаларҵон иҩоу аҧшхәҵәқәа. Жәабранмгьал рӡуан аҧшькәакьҭаиаша ма акәакьҭаиаша аформа аҭаны.

“Аҧсуаа рдунеихәаҧшышьала, анцәа адгьыл ишеит аматериалтә дунеи иадыргоу аҧшькәакь аформа аҭаны. Адгьыл аҧшькәакь аформа амоуп ҳәа агәаанагара абзоурала ауаҩы ахырхарҭа иҧшаауеит, избанзар уи аҧшькәакь шьаҭас иамоуп ганкахьала амра, ус анакәха амцеи уи аиқәҵашьеи иршьаноу, даҽа ганкахьала адунеи аҧшь-хырхарҭак иршьаноу - аџьар. Аҧсуа мифоепикатә дыррақәа инарықәыршәаны, здаҧсыхәа ыҟам адгьыл ачашәхара аҧҳәыс лхаҿы иадырҳәалоит”, - ҳәа ажәытә қьабз дахцәажәоит Валери Бигәаа.

Жəабранмгьал ӡтәуп амра ҭашәаанӡа. 3-4 сааҭ рышьҭахь, амгьал ӡызар, излахҩоу абӷьқәа аамхны, ахәышҭаара иааҿҳәыхны, аишәа иқәырҵоит. Хыхь иақәырҵоит ацқьашә ҳәа изышьҭоу ашәха. 

“Адгьыл ҳгәалазыршәо, аҧшькәакь аформа змоу ақьабзтә мгьал иаҿҳарҧшуазар, ацқьашә иреиҳаӡоу анцәахәқәа рдунеи - ажәҩан аллегориас иамоу агьежь иашьаноуп. Ақьабз аҳәаақәа ирҭагӡаны, ашә амгьал иахьақәырҵо ала, аҧсуаа ргәаанагарала ажәҩани (ахаҵа) адгьыли (аҧҳәыс) реимадара иацхраауан - “иҧшьоу аҭаацәаратә еимадара” дырӷәӷәон, избанзар уи ада адгьыл ачашәра амч каҧсоит. Иаҳа ирҭшәаны ҳахәаҧшуазар, ари ақьабз ҵакыс иамоуп адгьыл аҿы арахәҳәырҭа бзиеи, ажәҩан аҿы ажәқәа ахш рацәаны ирымҵратәы аҭагылазаашьа аҧҵареи, - ҳәа азгәеиҭоит Бигәаа. 

Анаҩс аҧшәмаҧҳәыс Анцәа иахь лхы нарханы дныҳәоит. Лызнапык ала ацәашьы кны, лҭаацәеи лареи ргәы бзиа, рхы бзиа аныҳәа аҧылара ахьрылиршаз иҭабуп ахылҳәаауеит. Иара убасгьы Анцәа диҳәоит аҭаацәа зегьы агәабзиареи аманшәалареи роурц, аҩнаҭа абеиареи абарақьаҭреи агымхарц, анхамҩа еизҳазыӷьарц, арахә акәзар - ахыҧхьаӡара иацларц.

Ацәашьы анхарҭа аҩналарҭаҿы ашә иаддырҷаблоит, уаҟа сааҭбжак аҟара ибылуеит. Уи анаҩс, хазы нхара ицахьоу, ма аҭаацәара иалалахьоу ахшара рыхәҭақәа ҳасаб рзуны, амгьали ашәи рххуеит. 

“Аҭаацәа зегьы еизаны, аишәатә чыс нападыркуеит. Жәабранмгьал иацырфоит ацха, мамзаргьы ахырҵәы. Амгьал, уаҩы игәаҧхаратәы иӡлоуп. Иахьынӡаҧхоу итатоуп, аха нас икьакьахоит”, - лҳәоит Венера Бганба-Ломиа.

Амҽышаҽны, амгьал асақәа шаны, агәылацәа ирырҭоит. Анаҩс, ашәахьа аҳәса еиҭа амажәа ркәаҳауеит, избанзар итрадициатәиу даҽа қьабзтә ныҳәак - хәажәкыра иаҧылоит. Уи атәы ҳалацәажәоит анаҩстәи анҵамҭаҿы.