“Ашколхәыҷқәа рдиспансеризациа” иазку Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз аҩбатәи аусуратә ҭыҵра, 2024 шықәсазы Аконгресс имҩаҧнагахьоу аусқәа рҟнытә зегь реиҳа зымҽхак ҭбааз хҭысхеит.

Алиса Хутаба

Аконгресс агәыҧи аҧсуа медикцәа рбригадеи рымчқәа еибыҭаны, С. Басариа ихьӡ зху Очамчыратәи ашкол-интернат аҵаҩцәа рзы имҩаҧыргеит мҽхакыҭбаалатәи адиспансеризациа. Ишаҧу еиҧш, ҩ-етапк рыла ишьақәгылоу адиспансеризациаан актәи амш азыркуеит ашьалхра, аҩбатәи - ахәыҷқәа ргәаҭара. Уажәы азы, ахәыҷқәа ргәаҭара хымш иадхалеит, избанзар аҵаҩцәа рхыҧхьаӡара уаанӡа ҳзышьцылахьаз 100-150-ҩык кырӡа иреиҳан.450-ҩык ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи ироуз ауникалтә лшара рхы иархәаны, зҟазара аҩаӡара ҳараку аҳақьымцәа рҿы агәаҭара наӡа иахысит, ацәаҩатәи апсихикатәи гәабзиара аганахь ала ргәы иҵхоз азҵаарақәа зегьы рҭакқәа роуит.

Апроект анагӡаразы рымчқәа еибырҭеит Агәабзиарахьчара аминистрра аҟынтә анаҩстәи аҳақьымцәа: аблаҳақьымцәа, акардиологцәа, алор-ҳақьымцәа, аендокринологцәа, ахәыҷтәы ҳақьымцәа, аультрабжьытә гәаҭара аҳақьым, ареабилитологцәа.

Апроект аиҿкааҩцәа ируаӡәку, аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рзы АААК аҟәша аспециалист Наур Хышба еиҭеиҳәеит адиспансеризациа шымҩаҧгаз:

“Хымш ирылагӡаны ашкол иаҭааит еиуеиҧшым аспециалистцәа. Зеиҧшла адиспансеризациа иалахәын 35-ҩык инарзынаҧшуа аҳақьымцәеи амедиаҳәшьцәеи, 350-ҩык аҵаҩцәеи, 100-ҩык инарзынаҧшуа арҵаҩцәеи. Аҳақьымцәа - еснагь еилахоуп, иуадаҩуп инеиҧынкыланы хымш изҿу раҟәыхра. Ус шакәугьы, аамҭа ҧшааны ҳапроект алыршараҿы иахьҳавагылаз азы иҭабуп ҳәа раҳҳәоит. Урҭ лассы-лассы рҽырҧсахуан, иҟан рааҧсара рынмырҧшӡакәа, гәацҧыҳәарала хымш иҳавагылазгьы. Зеиҧшла, ари аҩыза зымҽхак ҭбаау апроект ҳзынагӡомызт иҳацхрааз аҳақьымцәеи, амчыбжь зегьы ахы-аҵыхәа еиҧмырҟьаӡакәа аус зуаз, 400-ҩык инарзынаҧшуа ауааҧсыра ршьа ҭызҵаауаз алабораториеи, Агәабзиарахьчара аминистрреи, хаҭала иаҳҳәозар Саида Делҧҳа, Есма Гәниаҧҳаи, аминистр Быҭәба Едуард Валериан-иҧеи рыда. Иара убасгьы аиҭанаиааирақәеи ақалақь аҿы аангылареи реиҿкааразы иҭабуп ҳәа раҳҳәоит араион ахада Бигәаа Беслан Владимир-иҧеи Ҧерцхелиа Беслан Дмитри-иҧеи”, - иҳәеит Хышба.

Ашкол-интернат аҿы аҵара рҵоит 450-ҩык инарзынаҧшуа ахәыҷқәа. Урҭ рыҟнытә 130-ҩык ашәахьа инаркны ахәашанӡа аҵараиурҭаҿы иаанхоит. Араҟа иҟоуп социалла ихьчам аҭаацәарақәа рхәыҷқәагьы. Ашкол-интернат аиҳабы Белла Ашәҧҳа лажәақәа рыла, ахәыҷқәа еснагь ргәабзиара аҭагылазаашьа гәарҭартә аиҧш алшара рымам.

“Ашкол аҿы иҳамоуп амедҭыҧ. Уаҟа аус руеит х-ҩык амедиаҳәшьцәеи ҳақьымки. Аинтернат аҿы аҵара зҵо ахәыҷқәа рыҟнытә ирацәоуп акы рмыхьуазар, егьи абжьааҧны анҭыҵ џьара ргәабзиара агәаҭаразы алшара змам. Иҟоуп зматериалтә ҭагылазаашьа уадаҩу, 3-4-5-8-ҩык ахшара змоу аҭаацәарақәа. Урҭ зегьы рызгәаҭом. Иҟоуп андуи абдуи ирааӡо ахәыҷқәа, аныда абацәа рымацара ирааӡо ахәыҷқәа. Ҳәара аҭахума, ан илбозароуп лхәыҷы изымхо, ихиго ачымазарақәа. Андуцәа ирцәыуадаҩуп ари аҩыза аусура амҩаҧгара. Иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп Аҧсуа-абаза конгресси, уи аиҿкаара ахаҭарнакцәеи анапхгаҩцәеи. Ажәала иузҳәом урҭ рыбзоурала иалыршоу аус аҵакы. Иахьазы, аӡәык-ҩыџьак рыда ахәыҷқәа зегьы гәаҭоуп. Уамашәа иубаратәы иҟоуп ахәыҷқәа ргәы ацҧыҳәаны шәҳақьымцәа рахь ишнеиуаз. Агәаҭаразы ашьа анрылырхуаз зынӡа ишәаӡомызт. Аҳақьымцәа зегьы згәы қьиоу, гәыкала зус иазнеиуа уаауп. Урҭ ахәыҷқәа рнаҩсангьы, арҵаҩцәа ргәабзиара аҭагылазаашьа гәарҭеит. Иҭабуп ҳәа расҳәоит ҳхәыҷқәа ргәабзиара агәаҭара иалахәыз аҳақьымцәа зегьы. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара! Аиашазы, исгәалашәом аҵыхәтәаны ашкол аҿы адиспансеризациа анымҩаҧгаз”, - лҳәеит ашкол-интернат аиҳабы.

Очамчыра араион ахәыҷтәы ҳақьым хада Алиса Гәаланӡиаҧҳа изныкымкәа лхы алалырхәхьеит АААК апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуа адиспансеризациа. Гәаланӡиаҧҳа агәабзиарахьчара аҟәшаҿы аусқәеи ҭаацәарақәак рҭагылазаашьеи зеиҧшроу бзианы илдыруеит аҟнытә, инаҵшьны иазгәалҭеит аиҧш зеиҧшу аусмҩаҧгатәқәа реиҿкаара аҵак ду шамоу:

“Агәаҭара ашьҭахь ҳпациентцәа ирыҵаҳҳәоит аҽыхәшәтәразы анаҩс изҭааша аспециалистцәа. Ашкол-интернат аҿы адиспансеризациа мҩаҧымсижьҭеи акрааҵуеит, аспециалистцәа рахь зхәыҷқәа ззымго аҭаацәарақәа рацәоуп. Ари аусмҩаҧгатә абзоурала аспециалистцәа рхаҭа ахәыҷқәа ирҭааит. Урҭ рацәаҩуп аҟнытә, ахәыҷқәа рзы ари лшара бзиоуп”, - лҳәеит лара.

Аҵаҩцәа зегьы рнапаҿы ироуит еиуеиҧшым аҳақьымцәа ишгәарҭаз атәы зҳәо амедицинатә харҭәаабӷьыцқәа. Еиуеиҧшым ачымазарақәа здырбалаз аҵаҩцәа рхарҭәаабӷьыц аҿы иарбан аҳақьымцәа рабжьгарақәа.

Хымш ирылагӡаны имҩаҧгаз адиспансеризациа алкаақәа ҟаҵо, аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рзы АААК аҟәша анапхгаҩы Изольда Ҳагҧҳа иазгәалҭеит анаҩстәи:

“Рыцҳарас иҟалаз, ари ашкол аҿы ахәыҷқәа ирыдбалаз ачымазарақәа рпроцент егьырҭ аҭыҧқәа рҿы аасҭа иҳаракуп, аха уи зыдҳәалоу ахь иаҵанакуеит ахәыҷқәа рхыҧхьаӡарагьы. Иҧшаауп аендокринологиа иаҵанакуа ачымазарақәа рацәаны. Иаҳҳәап, зықәра маҷу аӡӷабцәа рҿы ахәдачыҟәра; аурологцәа агәаҭараан иҟарҵаз адиагнозқәа рахь иаҵанакуеит аҷаҷахаҳәтә чымазарақәа, афимозқәа, игәаҭоу ирыциз аҿиара анорма ацәхьаҵрақәа, иара убасгьы ахәыҷқәа рыбжьара иҟан ҷаҷак амацара змаз; аблаҳақьымра аганахь ала иалкаан иаарласны ахәшәтәра зҭаху ачымазарақәа. Иҟан згәы агра амаз ахәыҷқәагьы. Еиуеиҧшым адиагнозқәа ззышьақәыргылаз реиҳараҩык уаанӡа ирымоу ачымазарақәа ртәы рыздыруамызт. Ҳгәыӷуеит имҩаҧаҳгаз аусура ахәыҷқәа рҭаацәа ирыхәап, анаҩс ахәшәтәра ацырҵап ҳәа. Зыҧсҭазааратә ҭагылазаашьа уадаҩу аҭаацәарақәа шыҟоу ҳасаб азуны, иҟоуп аҭыҧаҿы хәшәыла еиқәҳаршәаз ахәыҷқәагьы”, - лҳәеит Изольда Ҳагҧҳа.

Лара иҭабуп ҳәа ралҳәеит зымҽхак ҭбаау ари апроект алыршара иалахәыз зегьы, еиҭалҳәеит зегьы рнапы ианыз аус гәцаракны, ҭакҧхықәрала ишазнеиз:

“Хазы иҭабуп ҳәа расҳәоит агәаҭара мҩаҧызгоз аҳақьымцәеи урҭ ирыцхраауаз, ашьалхра мҩаҧызгоз амедиаҳәшьцәеи. Арҭ ахымшк ирылагӡаны, адиспансеризациа иалахәыз зегьы аамҭа рацәаны ахәыҷқәа ирықәдырӡит, имҩаҧыргоз агәаҭарақәа гәцаракрыла ирызнеиуан. Уи убарҭан ҳҵаҩцәа ргәаҵанӡа инаганы, ирыхӡыӡааны аус шыруаз ала. Ахәыҷқәа ргәабзиара - амилаҭ агәабзиароуп. Даараӡа иҭабуп ҳәа ахысҳәаауеит аҳақьымцәеи иреиӷьӡоу аспециалистцәеи рыла ҳаиқәзыршәо, ҳтәыла Агәабзиарахьчара аминистрра иҟанаҵаз ацхырааразы. Имҩаҧырго аус гәцаракрыла иахьазыҟоуи, иаадырҧшуа ачҳареи, ақьиареи, агәцаракреи рзы хазы иҭабуп ҳәа расҳәоит ашкол-интернат анапхгареи аусзуҩцәеи, иара убасгьы АААК аҟнытә сколлегацәа - рхы иамеигӡакәа аус ахьыруаз азы. Зегьы ҳамчқәа анеибаҳҭа аус ду ҟаҳҵеит”, - ҳәа ацылҵеит Ҳагҧҳа.

Адиспансеризациа амҽхак арҭбаауеит: Очамчыратәи аинтернат аҿы ихыркәшоуп амедицинатә гәаҭара
Адиспансеризациа амҽхак арҭбаауеит: Очамчыратәи аинтернат аҿы ихыркәшоуп амедицинатә гәаҭара
© АААК / Шьазина Бганба

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс апроект хацнаркит 2023 шықәса хәажәкырамзазы. Адиспансеризациа хықәкыс иамоуп Аҧсны ақыҭа школхәыҷқәеи арҵаҩцәеи зыҩаӡара ҳараку амедицинатә цхыраара арыҭара.