Кәтол ақыҭа лаҵарамза 1 имҩаҧысит аҽырҩраамҭа аартреи аҽыбӷаҟазаратә еицлабреи.

Шьазина Бганҧҳа

Аицлабра иалагаанӡа асасцәеи аиҿкааҩцәеи Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьран иҭахаз рмемориали асовет еибашьцәа рбаҟеи рҿаҧхьа ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит. 

Аицлабра апрограмма иаҵанакуан аҽылампыл, аҵәеигәыдҵа, аҽырҩра, иара убасгьы итрадициатәиу аҧсуа милаҭтә хәмарра “Аимҵакьачара”. 

АААК агәыҧ иӡырнагеит “Аимҵакьачара” зыхьӡу ахәмарра. Уи рҽаладырхәит Ҷлоуааи Кәтолааи ргәыҧқәа. Аматч хыркәшан 4:0 ҳәа, асасцәа риааирала. Ахәмарра аӡбаҩ Хада — аҿар рыҿиареи абаҩрҵәыреи рзы АААК аҟәша анапхгаҩы Валери Берзениа.

Аспорт азҟаза Омар Коӷониа игәалашәара иазкны имҩаҧгаз аҵәеигәыдҵа иалахәын Уарча, Баслахә, Кәтол рыҟнытә агәыҧқәа хҧа. Актәи аҭыҧ рҽаҧсартәит аҧшәмацәа ргәыҧ “Бзана” ахәмарҩцәа, аҩбатәи - Уарчатәи “Кәыдры”, ахҧатәи - “Баслахә”. 

Аспорт азҟазацәа, аишьцәа Алхаси Гарики Палаванӡиаа ргәалашәара иазкны имҩаҧгаз аҽылампыл аҿы аиааира ргеит Кәтолтәи аҽыбӷаӷазацәа, аҩбатәи аҭыҧ ааныркылеит “Баслахә” ахәмарҩцәа, ахҧатәи - “Кәыдры”. 

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан иҭахаз ргәалашәара иазкны, 1200 метра иҟоу абжьаӡараҿы имҩаҧгаз аҽырҩраҿы аиааира игеит Дмитри Кардиа, аҩбатәи аҭыҧ ааникылеит Дамеи Сақаниа, ахҧатәи - Кандид Лагинӡиа. 1600 метра иҟоу абжьаӡараҿы имҩаҧгаз аҩбатәи аҽырҩра азкын Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьран иҭахаз ргәалашәара. Ари аицлабраҿы аиааира игеит Сандро Озган, аҩбатәи аҭыҧ ааникылеит Саир Гәымба, ахҧатәи - Беслан Бжьаниа. 

Аицлабра хыркәшан Даур Ачба игәалашәара иазкны, 2000 метра иҟоу абжьаӡараҿы имҩаҧгаз аҽырҩрала. Аиааира иҽаҧсеитәит Дмитри Кардиа, аҩбатәи аҭыҧ ааникылеит Оскар Ҭраҧшь, ахҧатәи - Кандид Лагинӡиа. Аицлабраҿы аиааира згаз иранаршьеит ахраҿақәеи, амедальқәеи, адырҧсақәеи. 

Аҽыбӷаҟазаратә еицлабра еиҿыркааит аҿари аспорти рзы Аҧсны аҳәынҭқарратә Еилаки, Очамчыра араион Ахадареи, Кәтол ақыҭа Ахадареи анхацәеи. Аицлабра аиҿкаараҿы афинанстә цхыраара ҟарҵеит Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси, амобилтә еимадара аоператорцәа "Aquafon", иара убасгьы "А-мобаил".

1 / 17

2 / 17 

3 / 17

4 / 17

5 / 17

6 / 17

7 / 17

8 / 17

9 / 17

10 / 17

11 / 17 

12 / 17

13 / 17

14 / 17

15 / 17

16 / 17

17 / 17