Ҭырқәтәыла инхо аԥсуааи адыгақәеи рмузыкатә традициқәа ирызку ашәҟәы апрезентациа мҩаԥысит Аҟәа.

Саид Барганџьиа

«Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуааи адыгақәеи рмузыкатә фольклор» захьӡу ашәҟәы апрезентациа мҩаԥысит Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы. Аҭыжьымҭа еиҭанахәоит Ҭырқәтәылатәи аԥсуа-адыга диаспора рыӡбахә, амузыкатә фольклор аганахьала аҩ-жәларык рашәатә-арҳәагатә традициақәа ртәы, иара убас аԥсуааи адыгақәеи рҭацаагаратә қьабзқәа ртәы, ажәытәан ишыҟази иахьа ишыҟоуи еиҿырԥшны. Ашәҟәы авторс дамоуп афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет адоцент, Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт афольклор аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Чуреи Ҭыжын Али.

Лара еиҭалҳәеит, ари атема аҭҵаара даҿуижьҭеи жәашықәса ишреиҳау. Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны жә-шәҟәык ҭыҵхьеит, урҭ рахьтә хәба – Ҭырқәтәыла инхо аԥсуааи адыгақәеи рмузыкатә фольклор ишиашоу иадҳәалоуп.

«Адиаспора рмузыкатә фольклор акыраамҭа аҭоурыхтә ԥсадгьыл иаҟәыҭханы иҟан. Ари ахырхарҭа шамахамзар иҭҵааӡам. Ари раԥхьатәи шьаҿоуп, раԥхьатәи ԥышәоуп аиашьаратә жәларқәа рмузыкатә фольклор аҭҵаараҿы. Ашәҟәы иагәылоу аматериал еизаҳгон хыԥхьаӡара рацәала архивқәа ҳаргәылаԥшуа. Ашәҟәаҿы иаагоу аматериал зегьы Ҭырқәтәыла еизгоуп», – лҳәеит автор.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аԥсуа литература акафедра аиҳабы Диана Аџьынџьал, ашәҟәы ахҳәаа аҭауа, апрезентациа иаҭааз ирзеиҭалҳәеит автор аус дуӡӡа шымҩаԥылгаз XIX-тәи ашәышықәа анҵәамҭазтәи аԥсуа-адыга диаспора рмузыкатә ҭынха аҭҵаареи, амилаҭтә музыка аира аҭоурых ареконструкциа азуреи рганахьала.

Лара лымкаала иазгәалҭеит ари аҭҵаамҭа аԥсуааи адыгақәеи атәым дгьыл аҿы ирхыргаз арыцҳаратә хҭысқәа ишрызку. Ари аҭоурых еиқәаҵәа «харҭәаашьа змам ааха рынаҭеит аԥсуааи адыгақәеи ркультуреи, рмилаҭтә хаҿреи, рдоуҳатә акзаареи».

«Аҭҵаамҭа иаҵоу актуалреи аҿыцреи шьақәырӷәӷәахоит раԥхьаӡа акәны абри ашәҟәаҿы ишьҭыху аԥсуа-адыга ҭҵаарадырразы иҿыцу ахырхарҭақәа рыла. Араҟа, раԥхьаӡа иргыланы, ирзааҭгылоуп аетномузыкатә культура ахыҵхырҭақәа, иара убас Ҭырқәтәыла иҟоу адиаспора рмилаҭтә-культуратә рккара азҵаарагьы», – лҳәеит Диана Аџьынџьал.

Ашәҟәы аинтерес ду цәырнагеит аҭҵаарадырратә еилазаара рыбжьареиԥш аҿар рыбжьарагьы. Апрезентациа иаҭааз астудентцәа рацәан.

«Аҭоурых ахьыҟам аԥеиԥшгьы ҟалом. Ари ашәҟәы ҳазхысыз аҭоурых атәы ҳзеиҭанаҳәоит амузыкеи афольклори рыла. Ари даараӡа иинтересуп, хымԥада саԥхьоит», – лҳәеит ААУ астудент Мрамза Симониа.

Аҭҵаамҭа ҭыҵит 150 цыра ҳәа атираж аманы. Ашәҟәы аҭирҭахь инагахом, иаԥхьарц зҭаху ироур рылшоит Аҟәа, И. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы.