Апроект ҿыц хацыркуп АААК аҭыҧантәи ахаҭарнакрақәа аус рыцура иазку аҟәша амчқәа рыла, Аҧсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрреи «Аҧснытәи ахысрҭатә клуби» рыцхыраарала.

Селма Базба

Аҿар арра-патриоттә шьагәыҭ арылааӡареи, арратә занааҭқәа рзы рдырра аизырҳареи ирызку апроект АААК аҿы ицәырҵхьан уажәраанӡагьы, 2023 шықәсазы имҩаҧгаз аиҧыларақәа раан. Уахь иаҵанакуеит «Дикая Дивизия Донбасса» (АБ «Пятнашка») ҳәа изышьҭоу архәҭа аиҳабы Ахра Аҩӡбеи, Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнакцәеи реиҧылара. Ҳазҭоу ашықәс азы ари апроект аусура нап адыркит.

Алагарҭатә арратә ҽазыҟаҵара иазку апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны агәаҭаратә ҭыҵра еиҿкаан Ҧачалиа В. ихьӡ зху Ҧақәашьтәи абжьаратә школ №1 аҵаҩцәа алархәны.

Раҧхьа иргыланы аҿар аҭааит «Аҧснытәи ахысырҭатә клуб». Уаҟа дара ирзымҩаҧыргеит абџьар ахархәараан изықәныҟәатәу ашәарҭадара атехника иазку атеориатә инструктаж. Ахысратә зыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны, ашколхәыҷқәа иддырҵон иашаны агылашьеи, абџьар акышьеи, ахысшьеи.

АААК ихацнаркит алагарҭатә арратә ҽазыҟаҵара иазку апроект ҿыц
© АААК / Селма Базба

 «Аҧснытәи ахысырҭатә клуб» аларҵәаратә хырхарҭа аиҳабы Денис Соломко инаҵшьны иазгәеиҭеит аиҳабыратә классқәа ари аҩыза аҽазыҟаҵарақәа арзымҩаҧгара аҵакы шдуу: 

«Аҧсны абџьар аныҟәгара иазку аҵасқәа пату рықәырҵоит, ашәарыцара иазгагоуп. Сгәы иаанагоит арҭ аҵасқәа рӷәӷәатәуп иахьатәи аамҭа иақәшәо абџьар ахархәашьа аҧҟарақәеи, азакәантә ҳәаақәҵареи рыла. Даҽакала иаҳҳәозар, ауаҩы атапанчеи акарабини рыла ахысшьа ирҵара - ари апатриоттә ааӡара наӡа акәым. Аха арҭ адыррақәа ирыцаҳҵар аҵакы, ауаҩ қәыҧш ииашоу ахырхарҭала дымҩақәҵазар ҟалоит. Убри аҟнытә, Аконгресс аусзуҩцәа ихацдыркыз апроект даара аҵакы дууп», иҳәеит Соломко.

Соломко иажәақәа рыла зныктәи аиқәшәарала раҧхьаӡа акәны знапы абџьар акыз аҿар иаразнак ала иҟазацәахом, аха ирылшоит абџьар ахархәараан ашәарҭадара алыршаразы идыртәу гәныркылартә аиҧш аҟаҵара.

Ахысратә клуб ашьҭахь ашколхәыҷқәа мҩахыргеит арратә атанктә архәҭахь. Уаҟа дара ирзымҩаҧыргеит атанк ала аныҟәаразы ихыркәшахаз аекскурсиа. Аекскурсиа изыннажьыз ацәаныррақәа дрылацәажәеит Ҧақәашьтәи ашкол аҵаҩы Дамеи Кәарҷиа:

«Иахьа иаҳбаз-иҳаҳаз ҳахнахит, ирацәоуп иҿыцны иаҳдырыз. Еицыз атанк ҳхаланы ҳақәтәеит, ҳларга-ҩаргеит. Ҳазегьы ҳзы ари хәы змам ҧышәоуп. Аусмҩаҧгатә еиҿызкааз зегьы иҭабуп ҳәа раҳҳәоит!” иҳәеит ашколхәҷы.

Аҭыҧантәи ахаҭарнакрақәа аус рыцура аҟәша аиҳабы Дмитри Жьиба апроект ҿыц адҵақәа дрылацәажәеит:

«Ҳазҿу зегьы алыршахоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрреи  «Аҧснытәи ахысырҭатә клуб» рыцхыраарала. Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит иҟарҵо адгыларазы! Сгәыӷуеит, ари апроект иалахәу иргәаҧхап, бзиа ирбап ҳәа», - иҳәеит Жьиба.

Иара иажәақәа рыла ари апроект ззынархоу, зышколтә программаҿы маҭәарк аҳасаб ала алагарҭатә арратә ҽазыҟаҵара арбоу ашколхәыҷқәа роуп.

«Ари апроект зеиӷьыҟам лшароуп арратә занааҭқәа зхы азызкыр зҭаху рзы, избанзар арратә наука закәу днарбоит», ациҵеит иара.

Аиҿкааҩцәа иргәиҭоуп аиҧш зеиҧшу аҭыҵрақәа даҽа хәба реиҿкаара.