Аҿар рыҿиареи абаҩрҵәыреи рзы АААК аҟәша иацнаҵоит Аҧсны ақыҭақәеи ақалақьқәеи рҿы аҧсуа милаҭтә хәмаррақәа ирызку амастер-классқәа рымҩаҧгара. 

Селма Базба

Ҳазҭалаз 2024-тәи ашықәсазы, Аимҵакьачара (ампыл асра иазку аҧсуа милаҭтә хәмарра - аред. изгә.) иазкыз раҧхьатәи амастер-класс еиҿкаан В. Ҧачалиа ихьӡ зху Ҧақәашьтәи абжьаратә школ №1 аҿы. Уи мҩаҧигеит аҿар рыҿиареи абаҩрҵәыреи рзы АААК аҟәша анапхгаҩы Валери Берзениа.

Зегь раҧхьа иргыланы ашколхәыҷқәа ирзымҩаҧыргеит атеориатә инструктаж. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны Берзениа еиҭеиҳәеит ахәмарра аҧҟарақәа, еизаз идирбеит аимҵакьачараҿы зда ҧсыхәа ыҟам амаҭәарқәа рхархәашьа, иара убасгьы аиааира агаразы иҟоу амаанақәак дирбеит. 

АААК еиҭахацнаркит аҧсуа милаҭтә хәмаррақәа ирызку апроект
© АААК / Селма Базба

“Аимҵакьачара” - шьақәгылазаашьала регби, беисбол, зых иақәиҭу ақәҧара реиҧш иҟоу ахәмаррақәа рыҧҟарақәа иреиҧшу аҧсуа милаҭтә хәмаррақәа иреиуоуп. Аимҵакьачара ҳабацәеи ҳабдуеи рхаан инаркны, аҧсуаа бзиа ирбоз хәмарроуп. Уи аҧҟарақәа абас аиҧш иҟоуп: агәыҧқәа реиҳабацәа амҿтәы лабала аупцәарҳәы иалху ампыл иасны, ахәмарра иаларҵоит. Егьырҭ ахәмарҩцәа рҽазыршәоит ампыл агара. Анаҩс, рнапаҿы ианааргалак излауала ирласны, ирҿагылоу агәыҧ ахьыхәмаруа адәы азбжахь ииасны, акәатала дырҳауеит”, - ҳәа азгәеиҭеит Берзениа.

Атеориатә хәҭа ашьҭахь ахәмаррахь ииасит. Урҭ ҩ-гәыҧкны рҽеиҩшаны, Берзениа инапхгарала Аимҵакьачара азы раҧхьатәи аматч мҩаҧыргеит. 

Ашколхәыҷқәа гәахәара дула ирылыркылеит амилаҭтә хәмарра аҭҵааразы агәҭакы. Иазгәаҭатәуп амастер-класс аамышьҭахь ақәа шауазгьы, ашколхәыҷқәа ашҭаҿы иаангыланы, ахәмарра ишацырҵаз. 

“Ахәмарра раҧхьа уанахәаҧшуа ишубо аиҧш имариам. Адәаҿы иуҧылоит ақәҧареи амч ахархәареи иреиуоу аелементқәагьы. Убри аҟнытә аиааира агаразы ихымҧадатәиуп аласреи аилҟьареи. Ахәмарра убри аҟара ҳаланагалеит, ақәаура ианалагагьы ҳаанымгылакәа иацаҳҵеит”, - иҳәеит аҵаҩы Сулҭан Ҧачулиа. 

Амастер-класс иара убасгьы  иалахәын излауала ирласны аҧҟарақәа ргәынкыларазы ахәмарҩцәа ирыцхраауаз арҵаҩцәагьы, избанзар ҧхьаҟа ирзыҧшуп аицлабра.

“Аҧсуа милаҭтә хәмаррақәа рзы апроект уажәшьҭа итрадициахеит. Есышықәса имҩаҧысуеит атәыла аҿацәқәа зегьы рыҟнытә агәыҧқәа еизаны, рылҵшәақәа ахьаадырҧшуа аицлабра.  Ҳгәы иаахәоит есышықәса ахәмаррақәа ҭызҵаар зҭаху рхыҧхьаӡара иахьацло. Ҳәарада, аицлабра мҩаҧгахоит сынтәагьы. Актәи ҩ-кварталк аҳәаақәа ирҭагӡаны, излауала ирацәаны ақыҭақәа алаҳархәып ҳәа ҳгәиҭоуп. Уи аамышьҭахь зегьы бзиа еицырбаз аицлабра мҩаҧаҳгоит” - иҳәеит Берзениа. 

Аҧсуа милаҭтә хәмаррақәа ирызку АААК апроект мҩаҧысуеит 2022 шықәса инаркны. Ари аамҭа иалагӡаны, апроект аҿар рыбжьара алаҵәара аиуит. Имҩаҧаҳгахьеит х-еицлабрак. Есышықәса, ахәмарра зхы алазырхәыр зҭаху аҿар рхыҧхьара иацлоит. Аҧсуа милаҭтә хәмаррақәа рахь аинтерес аиҭашьақәыргылара иадҳәалоу апроект хықәкыс иамоуп аҿар абаҩрҵәыра радыҧхьалареи, аҧсуа милаҭтә культура ҵоурала адкылара аҳәаақәа рырҭбаареи. Аиҿкааҩцәа иргәиҭоуп апроект арҿиара ацҵара.