Мариана Кармова, асоциалтә ҳақәа рҟны абаза жәлар рҭоурых иазку аканалқәа равтор, АААК ацхыраарала илыллыршеит абаза бызшәала аудиошәҟәы аҭыжьра.

Асоциалтә ҳақәа Инстаграм, ВКонтакте рҟны алаҵәара бзиа змоу аканал «Абаза history» амҩаԥгаҩ, Москва иҟоу АААК Арегионалтә хеилак алахәыла Мариана Кармова Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс лыцырхырааны абаза бызшәала аудиошәҟәы ҭлыжьит. Абжьы зыхҵоу Бемурза Ҭҳаиҵыхәа ироман «Нышә напык» акәхеит, иара иаанарԥшуеит XX ашәышықәса алагамҭазы Урыстәыла октиабртәи ареволиуциа анымҩаԥысуаз аамҭазы абазақәа Османтәи аимпериахь рыхҵәара ахҭысқәа.

Апроект автор еиҭалҳәеит, аудиошәҟәы аҭыжьра аидеиа 2018 шықәсазы ишлоухьаз. Усҟан Мариана дашьҭан ахәыҷқәа ирнаалаша аудиоматериал, ахәыҷы ицәамҭаз дыззыӡырҩша.

«Алакәқәа, ажәабжьқәа срышьҭан. Аха избарҭахеит абаза бызшәала изакәызаалак аудиоматериал ҳәа акгьы шыҟам, адуцәа рзгьы. Акызаҵәык исԥыхьашәаз «Алашара» асаит аҟны алингафонтә курсқәа ракәын», – лҳәеит лара.

Аинтернет аҟны абаза бызшәала аудиожәабжьқәа ахьыҟамыз ауп Мариана Кармова аудиошәҟәы анҵара апроект дазаазгазгьы.

Аблогер лгәаанагарала, аглобализациа аамҭазы абызшәа аларҵәара аус унапы алаукызар, уи асоциалтә медиақәа рҟны ицәыргахартә иҟаҵатәуп. Аха абас ицәыругаша аматериал абаза бызшәала ихианы иҟамызт, иаԥҵамызт.

«Сара сқыҭа гәакьа Хәажәду ашкол адиректор Амра Кьылԥҳа слацәажәеит. Лара илҳәеит ирымоу аматериалқәа зегьы ақьаад иану мацара шракәу. Убасҟан агәра згеит ари апроект хымԥада ишынагӡатәу», – лҳәеит апроект автор.

Аудиошәҟәы абжьы ахаиҵеит Инџьықьҷкәын ақыҭа ашкол арҵаҩы Амир Быџь, абжьы аус адиулон амузыкант Асланбек Хавцев.

Мариана Кармова иҳалҳәеит, апроект аныхлыркәша ашьҭахь агәынамӡара зцыз хҳәаакгьы шылмоуз. Ашәҟәы ирацәаҩны иазыӡырҩуеит. Ашкол адиректорцәа аҭел иасны илзеиҭарҳәеит, абаза бызшәа аурокқәа раан, аудиошәҟәы афрагментқәа аҿакны ирзыӡырҩуеит ҳәа.

Апроект автор АААК иҟанаҵаз афинанстә цхырааразы иҭабуп ҳәа ралҳәеит хаҭала уи ахантәаҩы Мусса Егзакьи аппарат анапхгаҩы Кан Ҭаниеи.

«Даараӡа иҭабуп ҳәа иасҳәоит Мусса Ҳабал-иԥа, иара ибзоурала абарҭ апроектқәа зегьы аԥсҭазаара рбоит, саргьы [атематикатә блог авторк лаҳасабала] схықәкы анагӡара сазнеиуеит – абаза бызшәа аларҵәара. Иҭабуп ҳәа иасҳәоит Кан Ҭаниа, иара еснагь дазыхиоуп аамҭа ԥшааны апроект ҵакыс, хықәкыс иамоу азыӡырҩра, уи актуалра аманы иҟазар – ацхыраара аҟаҵарагьы», – лҳәеит Мариана Кармова.

АААК аппарат анапхгаҩы Кан Ҭаниа иакәзар, иазгәеиҭеит Аконгресс ахантәаҩы аашықәса инареиҳаны аԥсуа-абаза жәлар ркультуреи рҵас-қьабзқәеи реиқәырхара, реихаҳара иазку апроектқәа рынагӡара аԥара маҷымкәа ишазынаишьҭхьоу.

«Ус-ус ҳазааит абас еиԥш иҟоу апроектқәа рыҩра ауаа рацәа шадыԥхьалатәу, аекспертцәагьы уахь иналаҵаны, иара убри алагьы агәҭак бзиақәа змоу ауаа рус анагӡаразы алшара роурц. Убас, 2018 шықәсазы иаԥҵахеит АААК Адискуссиатә клуб, уаҟа хра злоу атемақәа рылацәажәара адагьы, аидеиақәеи апроектқәеи рынагӡаразгьы алшара ыҟоуп, абарҭ ахырхарҭа хадақәа рыла: ахатәы бызшәеи, алитературеи, акультуреи реиқәрхареи рырҿиареи, иаааҳакәыршоу аԥсабара ахьчара, аҵарауаа ҿарацәа ацхырара рыҭара», – иҳәеит Ҭаниа.

Иара иацҵаны иҳәеит Мусса Егзакь адҵа шриҭаз Абаза жәлар рҭоурыхтә-культуратә ҭынха аудио-визуалтә архив аиқәыршәара. Убас иит ақәҿиара зауз апроект «Амазара», иара убас зыҿҳәара 2026 шықәсанӡа инаӡо аԥсуа-абаза бызшәеи алитературеи реиқәырхареи рыҿиареи апрограмма.

«АААК Адискуссиатә клубгьы ари ахырхарҭала аусура иалагахьеит. Раԥхьатәи инагӡоу проектхеит, Марианна Кармова лҳәаақәҵарала, абаза бызшәала аудиошәҟәы аҭыжьра. Ҳара излаҳаԥхьаӡо ала, уи ҿыц игыло абиԥарақәа иахьырзаанхо адагьы, абас еиԥш иҟоу аудиоматериал ахатәы бызшәа аҿиарагьы иацхрауеит. Абри аус хәҭа хәыҷык ауп АААК Иреиҳаӡоу ахеилак аантәаҩы Мусса Егзакь иҳалаиааӡо, нас ҳара аԥсҭазаара иалаҳарҵәо аидеиологиа аҟынтә», - ҳәа иажәа хиркәшеит Кан Ҭаниа.

Бемурза Ҭҳаиҵыхә ишәҟәы «Нышә апык» шәазыӡырҩыр шәылшоит АААК аинфопортал аҟны (абри ажәабжь анҵәамҭаҿы), мамзаргьы Вконтакте, «Абаза History» адаҟьа аҟны. Аудиошәҟәы хара имгакәа Youtube иҭагалахоит.