Аҿар злахәыз «Абазақәа рҩызцәа рыбжьара. Ф-напеимдарак» захьӡу анетворкинг мҩаԥысит Ставрополие, амҽыша, абҵара 11 рзы.

Саид Барганџьиа

Еиуеиԥшым амилаҭқәа ирхаҭарнакцәоу 120-ҩык астудентцәеи, Ставропольтәи атәылаҿацә ауааԥсыреи, егьырҭ арегионқәа рҟынтә асасцәеи еиԥылеит абҵара 11 рзы имҩаԥысыз аҿар рнетворкинг «Абазақәа рҩызцәа рыбжьара. Ф-напеимдарак» аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аусмҩаԥгатә еиҿнакааит Ставропольтәи атәылаҿацә иқәынхо абазақәа рмилаҭтә-культуратә автономиа «Абаза», Амилаҭқәеи аказакцәеи русқәа рзы аҭыԥантәи аилак иҟанаҵаз ацхыраарала.

Аилкаара «нетворкинг» аагоуп англыз бызшәаҟынтә, уи ааигәа аурыс бызшәа иалалеит, аха аҿар изакәу еилыркаауа иҟалахьеит. Иара шьақәгылоуп ҩ-ажәак рыла: аинтернеттә аҳа + аусура. Аҵакы ырҭбааны уахәаԥшуазар, «нетворкинг» иаанагоит уск еиднакыло, уи аус қәҿиарала анагӡарагьы еицаҿу ауаа ргәыԥ.

Уи ахырхарҭа асоциалтә ҟазшьа амазар ауеит, мамзаргьы апрофессионалтә ҟазшьа. Ихадароу ҷыдарақәас иамоу – аицхыраареи, аидгылареи, жәҩахыр еибыҭала ахықәкы анагӡареи роуп.

«Абар шьҭа фышықәса ҵуеит абас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа наҳагӡоижьҭеи. Хықәкыс иҳамоуп Ставрополие иқәынхо, ма аҵара зҵо абазақәа реидкылара, аԥызацәа алкааны анаҩс еиҳа активра зҭаху аусурақәа рымҩаԥгара, ҳкультуреи, ҳҵасқәеи, ҳқьабзқәеи рыӡбахә ҳааигәа-сигәа инхо ажәларқәа рзеиҭаҳәара, адунеи акәакьқәа зегьы рҟынтә арахь аҵаразы иаауа астудентцәагьы уахь иналаҵаны», – ҳәа АААК аинфопортал иазеиҭалҳәеит Ставропольтәи атәылаҿацә иқәынхо абазақәа рмилаҭтә-культуратә автономиа «Абаза» анапхгаҩы, Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Армида Чагәа.

Лара лажәақәа рыла, сынтәа имҩаԥгаз амастер-классқәа азынархан агәыԥ аҟны қәҿиарала аусушьа арҵара, ивербалтәу – ивербалтәым акоммуникациа атехникақәа рызнагара, ииашаны ацәажәашьа, аоратортә ҟазара уҳәа убас ирацәаны рырҵара.

Атренингқәеи амастер-классқәеи аамҭак ала еиуеиԥшым агәыԥқәа рҟны имҩаԥысуан. Анаҩс алахәцәа зегьы рзы еиҿкаан аконцерт, иқәгылеит: кавказтәи акәашарақәа рзы жәлар рансамбль «Горец», атаџьық студентцәа рмилаҭтә кәашарала иқәгылеит, Индиантәи астудент Чхокар Шубхам ихатәы бызшәала ашәа наигӡеит.

«Иара убас имҩаԥысит абаза ҭыԥҳацәа рдефиле, ҳаамҭа иақәыршәаны астилизациа зызуу амилаҭтә маҭәа рышәҵаны. Урҭ рыӡахраҿы ацхыраара ҟанаҵеит Аилак», – ҳәа ацылҵеит Чагәа.

Анетворкинг «Абазақәа рҩызцәа рыбжьара. Ф-напеимдарак» сынтәа рхы аладырхәит 120-ҩык ауааԥсыра инареиҳаы: аҳәаанхыҵ инхо абазақәа, Ставропольтәи атәылаҿацә аҵараиурҭақәа рҟны аҵара зҵо аԥсуаа, егьырҭ аҳәаанырцәтәи астудентцәа – Бырзентәыла, Индиа, Алада-Африкатәи Ареспублика, Таџьықьсҭан уҳәа рҟынтәи аҵарахьы иааз.