АААК иацнаҵоит Аԥсны ақыҭашколхәыҷқәа адиспансеризациа рахыжьра иазку апроект амҩаҧгара. 2024-тәи ашықәс азы раҧхьатәи аусуратә ҭыҵра еиҿкаан Гәдоуҭа араион, Оҭҳара ақыҭа. 

Шьазина Бганҧҳа

Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рзы Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс аҟәшеи Аҧсны Агәабзиарахьчара аминистрреи еилахәны, иацырҵеит атәыла ақыҭа школқәа рҿы аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи адиспансеризациа рахыжьра. 

О.С. Демерџь-иҧа ихьӡ зху Оҭҳаратәи ашкол аҿы имҩаҧгаз акомплекстә гәаҭара иахысит 110-ҩык аҵаҩцәеи 15-ҩык арҵаҩцәеи. Уи хықәкыс иаман еиуеиҧшым ачымазарақәа раҧырҟәҟәаареи заанаҵ адиагноз ақәыргылареи. Агәаҭарақәа ирылагаанӡа, уи иалахәыз зегьы азеиҧш гәаҭареи, аглиукоза аҩаӡара ашьақәыргылареи рзы ашьа рылырххьан. Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рыҟәша анапхгаҩы Изольда Ҳагҧҳа лажәақәа рыла ашьа аҭҵаара алҵшәақәа бзиоуп, аха иаҳа инарҭбааны агәаҭара зҭаху ахәыҷқәагьы алҧшаан.

«Аҳақьымцәа изларҳәо ала, ахәыҷқәа ргәабзиара азеиҧштә ҭагылазаашьа уацәшәаратәы иҟам. Аха адиспансеризациа ахьымҩаҧысхьоу егьырҭ ашколқәа рҿы аиҧш, араҟагьы иҟоуп аҳақьымцәа рхылаԥшра зҭаху ауаа, еиҳаракгьы аблачымазара ахырхарҭа ала. Ахәыҷқәа активла аамҭа шырхыргогьы, аҩны ианнеилак асмартфонқәа аамҭа рацәаны ирықәдырӡуеит, ирызгәамҭакәаны рыблатә гәабзиара аҧырхага арҭоит. Аҳақьым-ареабилитолог излаиҳәаз ала, ашкол аҿы абаҩрҵәыра аҳәаақәа ирҭагӡаны, ахәшәтәра-физикатә ҽазыҟаҵара алагалатәуп, избанзар Аҧсны ахьынӡанаӡааӡо ашколхәыҷқәа ирыдырбалоит абӷахәара, абӷаџьыҟәра, уҳәа анаҩс ахәыҷқәа ргәабзиара иҵоурамкәа анырра азҭар зылшо егьырҭ аҧсахрақәа», – лҳәеит Ҳагҧҳа. 

Адиспансеризациа 2024: АААКи Агәабзиарахьчара аминистрреи ашколхәыҷқәа ргәабзиара агәаҭара еиҭахацдыркит.
© АААК / Шьазина Бганба

Аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи ргәаҭара мҩаҧыргеит еиуеиҧшым ахырхарҭақәа ирызҟазоу аҳақьымцәа: анервҳақьым Саида Канџьариаҧҳа, ахәыҷтәы ҳақьымцәа Ангелина Оҭырҧҳаи Наталиа Роговеи, аендокринологцәа Рената Анқәабҧҳаи Радмила Гәниаҧҳаи, алор-ҳақьым Вероника Чалмазҧҳа, акардиолог Ирина Фет-оглы, аультрабжьытә диагностика аҳақьым Лариса Габова, ауролог Давид Смыр, ареабилитолог Арзадин Агрба, аблаҳақьым Анжела Џьоџьуаҧҳа, амедиаҳәшьцәа Алина Ҭарҧҳаи Иналита Берзениаҧҳаи.

Уажәтәи адиспансеризациа иалахәыз аволонтерцәа рхыҧхьаӡара иацлеит. Урҭ рахь иаҵанакуеит Аҟәатәи амедицинатә коллеџь астудентцәеи, апроект згәы азхьаауа, аиҿкааҩцәа рыҽрымаданы, хатәгәаҧхарала адиспансеризациа зҽалазырхәыз егьырҭ ауааҧсыреи.  Амедколлеџь астудентка Мадина Курт-оглы лажәақәа рыла, аиҧш зеиҧшу аусмҩаҧгатәқәа рҿы аҽалархәра - ҧышәа бзиоуп ҧхьаҟа имедикхараны иҟоу ауаҩы изы. Иара убасгьы араҟа иҟоуп алшара аспециалистцәеи ачымазцәеи реилибакаара ацклаԥшразы. 

«Аҳақьымцәа ҳанрыцхраауа, ҳара иаҳбоит ахәыҷқәа аус шрыдулатәу, ирыхьуа шышьақәыргылатәу, хәшәтәышьас иамоу. Ҳара ҳзын аҵак ду амоуп аҧышәа аиура», – ҳәа лгәаанагара далацәажәеит Мадина Курт-оглы. 

Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рыҟәша аспециалист Наур Хышба аусмҩаҧгатә иалахәыз зегьы ацхырааразы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

«Адиспансеризациа иалахәу зегьы рнапы иану аус иазхәыцны, ҭакҧхықәрала иахьынарыгӡоз иабзоураны, ҳџьабаа иаҳа имариахеит. Уажәы сызлацәажәо аҳақьымцәеи аволонтерцәеи рымацара ракәым, уахь иаҵанакуеит арҵаҩцәеи аҭаацәеи. Урҭ аус ишазыҟоу – ҳазҿу шаҟа ихәарҭоу ҳзырбо дыргоуп», – ҳәа игәы иаанагоит Хышба. 

Иахьатәи аамҭазы, аҵаҩцәа раҧхьатәи амедицинатә цхыраара рыҭаразы, Оҭҳаратәи ашкол аҿы аус руеит ҩыџьа амедиаҳәшьцәа. Аха аҵараҟәша аиҳабы Саида Абыџьҧҳа лажәақәа рыла ашкол аҿы инагӡоу ахәыҷқәа рмедицинатә гәаҭара мҩаҧысижьҭеи жәохә шықәса иреиҳауп. 

«Амш иалагӡаны ҳхәыҷқәа гәарҭеит амедицинатә кабинетқәа зегьы рҿы. Иҳәатәуп агәаҭарақәа зегьы шымҩаҧгаз хәыда-ҧсада. Иагьа ҳҽазаҳшәаргьы, ҳҭаацәа рхәыҷқәа амедицинатә усбарҭахь ианыргалак ҽнак иалагӡаны, ҩыџьа-хҩык иреиҳаны аҳақьымцәа изырхысуамызт. Ҳара ҳзын акраҵанакуеит ахәыҷқәа ақыҭа иалганы џьаргьы иахьгатәым, агәаран ақәгылара ахьаҭахым, уҳәа. Зегьы еиҿкаауп аус иаҿу рыгәра угартә аиҧш», – лҳәеит лара.  

Аҧсны ақыҭашколхәыҷқәа адиспансеризациа рахыжьра – Аԥсны  Агәабзиарахьчара аминистрра ацхыраарала Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс имҩаҧнаго апроект ауп. Ииасыз ашықәс азы апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны 19 қыҭа рҿы 1500-ҩык аҵаҩцәа амедицинатә гәаҭара иахысит.