Аԥсны Аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа АААК Адискуссиатә клуб дсасны даҭааит Аклуб аекологиатә секциа аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Саид Барганџьиа

АААК Адискуссиатә клуб алахәцәа ҳтәылаҿы иҟоу аекологиа апроблемақәа ирылацәажәеит Аԥсны Аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа иԥылараан аԥшьаша, жәабран 13 рзы.

Аиԥылара мҩаԥысит азҵаарақәа рҭак аҟаҵара аформала. Ацәажәара аартуа Савели Ҷыҭанаа ииҳәаз аԥхьажәа кьаҿ аамышьҭахь, аекологиеи аԥсабарахьчареи ирыдҳәаланы 20 инареиҳаны ирҭаз азҵаарақәа рҭакқәа ҟаиҵеит.

«Аԥсны иҟоу аекологиатә проблемақәа зегьы рылацәажәаразы ҩымш-хымшгьы ҳзымхар ҟаларын, аха ҳара ҳарзааҭгылеит зегь реиҳа хра злоу азҵаарақәа: аԥсыӡкын (аԥсыӡ амиграциаан, ма аԥсыӡкра ианаамҭоу ишьақәырӷәӷәоу аԥҟарақәа анеиларго рацәоуп – аред.), ма ааглыхрақәа раантәи аилагарақәа уҳәа. Убасгьы, агәамсам аӡиасқәа ианҭарыжьуа, мамзаргьы Аԥсназы акыр иҵарны иқәгылоу аҟьамсареизакырҭақәа ирыдҳәалоу азҵаара. Лымкаала иазгәаҭан ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҿы аекологиатә ҵара алагалара хымԥада ишаҭаху», – иҳәеит аилак ахантәаҩы.

Адискуссиатә клуб анапхгаҩы Ирина Турааԥҳа иазгәалҭеит, «Аекологиеи иааҳакәыршоу аԥсабара ахьчареи» асессиа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысыз аҩбатәи аиԥылара ари атемахь аинтерес ду шыҟоу шьақәнарӷәӷәеит ҳәа. Ишәгәалаҳаршәоит, аекологиатә хырхарҭа Адискуссиатә клуб аусура ишалаҵаз, ауааԥсыра разыҳәарақәеи Аклуб алахәцәа рҭахрақәеи инарықәыршәаны.

«Ари атема ииашаҵәҟьаны ҳтәылазы актуалра ду аҵоуп, ҳара ҳаигәырӷьоит згәы былуа абырсҟаҩык ауаа рхы ахьцәырыргаз. Иахьатәи аекологиатә ҭагылазаашьа аԥсахразы заамҭеи зымчи ирмеигӡаз абарҭ ауаа (Аклуб алахәцәа – аред.), аиашазы акыр ҟазҵарц зылшо роуп. Сгәыӷуеит, аекологиа атемала иҭышәынтәалоу проект ӷәӷәак ҳзышьақәыргылап, нас уи алҵшәагьы ҟалап ҳәа», – лҳәеит Турааԥҳа иагьацылҵеит: «Абас акәын аклуб аусушьа аформат сара аханатәгьы ишызбоз: амаҵура ҳаракы ныҟәызго ачынуаҩ згәы былуа ауааԥсыра гәаартыла драцәажәо, ргәы иҵхо азҵаарақәагьы зегьы рҭакқәа ҟаиҵо».

Аклуб аилатәара инагӡоу авидеоверсиа шәахәаԥшыр шәылшоит АААК иамоу YouTube канал аҟны >>

АААК Адискуссиатә Клуба алахәҩы Инал Ҵабриа – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет абиологиа-географиатә факультет дастудентуп. Аекологиеи аԥсабарахьчареи ашкол данҭаз аахыс дзызҿлымҳау темоуп. Убри азҿлымҳароуп Аклуб ахь даазгазгьы.

«Аԥсны хәы змаӡам аԥсабаратә беиарақәа амоуп, урҭ ҳреиҷаҳаны, ииашаны рхархәашьа ҳҵароуп. Еиуеиԥшым аиҿкаарақәа рҽазыршәоит аекологиа аганахьала ауааԥсыра дыррала реиқәыршәара, ҳаԥсабаратә беиарақәа рыхьчоит, адгылара рырҭоит, аха иахьатәи ҳаиԥылара ашьҭахь иккаӡа иаҳбеит, аекологиа ахырхарҭала азакәанқәа жәпакы шазымхо, ҳаԥсабара зыхьчаша, уи ауникалра еиқәзырхаша», – ҳәа иԥхьаӡоит астудент.

Адискуссиатә клуб иалахәу Алиса Ԥачлиаԥҳа ауаажәларратә еилазаара «Амч» алахәҩысгьы дыҟоуп. Лара лгәаанагарала, аиԥылара ихадароу лҵшәас иаиуз уи ауп – аклуб алахәцәа «ираҳаит аекологиеи аԥсабарахьчареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа рганахьала аҳәынҭқарра официалтә позициас иамоу», иара убасгьы ирылацәажәеит аҭакзыԥхықәу аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи, ауаажәларатә еиҿкаарақәеи, иара ус баша згәы былуа ауааи акаҿы еизааибаганы аусеицура ахьрылшо ахырхарҭақәа.

«Савели Ҷытанаа зегь рыла дшазыхиоу ааирԥшит ҳара ҳҟынтә (Адискуссиатә клуб алахәцәа рҟынтә - аред.) иарбанзаалак хаԥшьгарак адгылара, иара убасгьы иҳаиҳәеит зҵаарак ҳаур ҳашиашоу иара иҿы анеира шҳалшо. Сгәы иаанагоит, аусеицура ҳалшап ҳәа, иаҳҳәап, ауаажәларра аинформациа рыҭара аганахьала [уи аиӷьтәра ҳҽазаҳшәоит], избан акәзар ауаа ари атема ргәы иҵхоит, арахь ироуа аинформациа маҷуп. Ҳара иҵабыргу адыррақәа рыла ҳаиқәыршәазароуп, урҭ иануҭаху иуоуртә, анализ рзууртә иҟазароуп», – лҳәеит Ԥачлиаԥҳа.

Аиԥылара ҩ-сааҭк инарзынаԥшуа ицон. Уи аихшьалақәа ҟаҵо, Аклуб алахәцәа алацәажәеит ԥхьаҟа мҩақәас излацаша, аклуб аҿы аусура анхыркәшахалак аамышьҭахь иуникалтәу апроект анагӡаразы иарбан екологиатә хырхарҭақәоу иалхтәу уҳәа.

АААК Адискуссиатә клуб аусура ахырхарҭа хадақәа раҳасабала аекологиа анахысгьы иалкаан абарҭ: аԥсуа бызшәа аиқәырхареи арҿиареи, амилаҭтә литература аларҵәара ацхраара, аԥсуа-абаза жәлар рҭоурыхтә-культуратә ҭынха аиқәырхара, амилаҭтә ҭҵаарадырра аҿиареи аларҵәареи, Аԥсуара аиқәырхара. Атематикатә сессиақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аклуб аиԥыларақәа мҩаԥысуеит мызкахьы ҩынтә, ԥшьашала.