XIX ашәышықәсазы аԥсуаа рыԥсадгьыл рахцара иазку Ҭемыр Ачыгәба ишәҟә ҿыц аӡыргара мҩаԥысит Аҟәа, ԥхынҷкәын 6 рзы.

Саид Барганџьиа

Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Ҭемыр Ачыгәба ишәҟәы «Аԥсны: аԥсуаа рдепортациа (XIX ашәышықәса)» апрезентациа мҩаԥыргеит Аҟәа, аԥшьаша, ԥхынҷкәын 6 рзы. Ашәҟәы иануп XIX ашәышықәсазы аԥсуаа жәларыкны ишҳәыԥкыз рыхҵәара зыхҟьаз амзызқәеи, уи амҩаԥысшьа аҭагылазаашьақәеи, аамышьҭахьтәи алҵшәақәеи.

Аҭыжьымҭа дахцәажәо, автор зегь раԥхьаӡа дазааҭгылеит атермин «амҳаџьырра» ихы изаимырхәаз. Иазгәаҭатәуп, Кавказ ашьхарыуа жәларқәа XIX ашәышықәсазы Османтәи аимпериахь рықәҵра аарԥшразы аполитикатә, арратә, аҭҵаарадырратә литератураҿы уи атермин акәын еснагь ахархәара змаз. Уи атермин ианашьашәалоз ыҟан аилкаара «ҳаџь» – амсылманцәа аԥшьаҭыԥқәа рахь рыԥшьаныҟәара аазырԥшуа. Кавказаа аԥшьаныҟәара ицеит ҳәа аинформациа аларҵәара рзыфеидан урҭ рхырҵәара иашьҭаз реиԥш, дара здызкылоз агангьы, избанзар убас ала ирҭахын зыԥсы ҭаны еиқәхаз руахҭа рацәак иахамшшаларц, ари атрагедиа зымшала иҟалазгьы, уи еиҿызкаазгьы ахара рхырхырц, ҳәа игәы иаанагоит аҵарауаҩ.

Ҭемыр Ачыгәба иазгәеиҭеит иара убас иара атермин ахаҭа аинтерпретациа иашамкәа ишарҭо, араб ажәақәа ҩба акны реилаларала иахьышьақәгылаз иахҟьаны: ажәақәа «муҳааџьыр», «муҳаџьыр».

«Актәи иаанагоит хатәгәаԥхарала аҭыԥ ахыҵра, аҩбатәи – мчыла ахцара. Абасала, иаҳбоит атерминологиатә еилахәара шыҟалаз», – ҳәа азгәеиҭеит Ачыгәба.

Абарҭқәа зегьы ҳасаб рзуны, автор ишәҟәы ахьӡ аҟны ихы иаирхәеит атермин «адепортациа» - ахҵәара. Иара абасҵәҟьоуп аԥсуа жәлар XIX-тәи ашәышықәсазы рхырҵәара хьӡыс иарҭаз Аԥсны Жәлар Реизара ақәҵараҿгьы, 1997 шықәса, жьҭаара 15 рзы ирыдыркылаз, ҳәа еизаз иргәалаиршәеит Ачыгәба.

Ашәҟәы аус адулараан ахархәара рыҭан еиуеиԥшым ахыҵхырҭақәа: архивтә дыррақәа, апериодикатә кьыԥхь аматериалқәа, адәынтәи аетнографиатә материалқәа, аҵарауааи апублицистцәеи рыҭҵаарақәеи, ранҵамҭақәеи, разгәаҭарақәеи.

Ҭемыр Ачыгәба иқәгылараҿы ҷыдала иалкааны дазааҭгылеит аҳәаанырцәҟа иахгаз ҳашьцәа рхылҵшьҭрақәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәра азҵаара. Аҵарауаҩ агәра ганы дыҟоуп арепатриациа апроцесс – зҭоурыхтә ԥсадгьыл иаҟәгаз ршьам дгьылқәа рахь рырхынҳәра ҵакыс измоу гуманитартә акциа мацарак еиԥш ахәаԥшра шыҟамло. Уи аҵакы акырӡа еиҳа иҭбаауп.

«Иажәа дуӡам, аиашазы, абри апроблема иҵоураны аӡбара акырӡа иахьыԥшуп ҳәа сҳәар Аԥсны зхала иҟоу ҳәынҭқаррак аҳасабала аԥеиԥшгьы, аԥсуа милаҭ ԥхьаҟатәи рлахьынҵагьы», – иҳәеит Ачыгәба. Ҳәара аҭахума, Аԥсны Аҳәынҭқарра ихадароу ҭоруыхтә уалԥшьас иадуп аԥсуа жәлар реиқәырхареи реиҭаиреи хылаԥшра аҭара иҳәеит иара.

Ашәҟәы аӡыргараҿы иқәгылаз аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Валери Бигәаа аҭыжьымҭа иахиҳәаит «аамҭа ахаҭа ицәырнагаз» акоуп ҳәа.

«Аҭоурыхтә ҵабырг ашәҟәаҿы иккаӡа иааԥшуеит. Ҭемыр Ачыгәба аԥсуа ҭоурыхҭҵаара ахьтәы фонд ирбеиеит, абарҭ ахҭысқәа ирыдҳәалаз, иаҳбарҭазгьы, иаҳбарҭамызгьы

ахыцқәа ааиртит. Иаҳзеиҭеиҳәеит ҳабдуцәа убарҭ аамҭа еиқәаҵәақәа раан ирхыргаҵәҟьаз зегьы», – иҳәеит Бигәаа.

Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Сослан Салаҟаиа апрезентациаҿы дықәгылауа иазгәеиҭеит ари «идыргоу усумҭоуп» ҳәа, XIX ашәышықәсазтәи аԥсуаа рдепортациа ахҭысқәа аазырԥшуа, адокументқәа рыла ишьақәырӷәӷәаны.

Апрезентациаҿы ажәа зҳәоз аӡәырҩы агәазыҳәара аадырԥшит, ашәҟәы аԥсышәалагьы еиҭаганы иҭыжьзарц (иахьазы ашәҟәы ҩуп, иагьҭыжьуп урысшәала мацара – аред.). Усҟан иара иаԥхьарц рылшоит Аԥсны анҭыҵ инхо, зхатәы бызшәа здыруа ҳџьынџьуаагьы.

Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Ҭемыр Ачыгәба ишәҟәы «Аԥсны: аԥсуаа рдепортациа (XIX ашәышықәса)» атираж 500 цыра роуп иҟоу. Иара рзынархоуп аҭоурыхҭҵааҩцәа, аетнологцәа, аполитологцәа, иара убас аԥсуа жәлар рҭоурыхи ркультуреи рахь аинтерес змоу аԥхьаҩцәа зегьы.