АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩи егьырҭ Аконгресс ахаҭарнакцәеи Иорданиа иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа анапхгара ирԥылеит, АААК аделегациа арҭ амшқәа рзы усуратә ныҟәарала Иорданиа раҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Изольда Ҳагԥҳа

Иорданиатәи Ҳашимиҭтәи Акралра аҭаара иалагӡаны Аконгресс аделегациа Иорданиа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәарҭа анапхгара ирԥылеит амҽыша, нанҳәамза 25 рзы. АААК аганахьала аиԥылара иалахәын Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь, Аконгресс ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба, Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Инвер Алшәындба.

Аиԥылараҿы Мусса Егзакь иазгәеиҭеит, АААК аделегациа аҳәаанырцәтәи аԥсуа-абаза диаспора ианырҭаауа, еснагь адиаспора ахьықәынхо атәылақәа реиҳабырақәагьы ирԥылоит, насгьы уа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа адипломатиатә хаҭарнакрақәа рнапхгаҩцәагьы ирԥылоит ҳәа.

"Ҳара ҳзы акраҵанакуеит, атәыла аиҳабыра иахьырдыруа адиаспореи ҳареи ҳусеицура агәҭакқәас иҟоу. Аконгресс аргылара-арҿиара амҩа иануп, имҩаԥнаго аусқәа зегьы аартуп", - иҳәеит Егзакь.

Иорданиа иҟоу аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа иҟарҵаз аҳәарала, Егзакь ари аиԥылараҿы ицәыригеит ргәы иҵхоз аконсултә зҵаарақәа, хаҭалагьы: Аԥсныҟа ацара згәы иҭоу рзы урыстәылатәи атранзиттә, ма асасратә визақәа ҷыдала рыҭара азҵаара.

"Урыстәылатәи авизақәа ирмарианы ироуа иаҳзыҟаҵар, ҳгәанала, адиаспореи рҭоурыхтә ԥсадгьыли реимадара иаҳа иарманшәалон, ацара-аарақәа рыхәԥса иагнархон, иара убас ауаа ацара иаҳа иргәанарԥхон", - ҳәа азгәеиҭеит Егзакь.

Иорданиа иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа анапхгара агәра ддыргеит дара рганахьала ари нахыс Аконгресс адгылара шамазаауа, дара рыбжьара аусеицурагьы иақәгәыӷыр шыҟало.

Иара уи аҽны, нанҳәа 25 рзы, Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы ауаажәларратә еиҿкаара  «Диуан Абаза» (Иорданиа иҟоу аԥсуааи абазақәеи еидызкыло аиҿкаара – аред.),  аофис даҭааны аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа дырԥылахьан.  

Ауаажәларратә еиҿкаара «Диуан Абаза» аиҳабы Ҳасан Абаза (Чычба) излаиҳәаз ала, иахьазы Иорданиа иқәынхоит ԥшь-нызқьҩык рҟынӡа аԥсуа-абаза милаҭ ахаҭарнакцәа. Урҭ рҟынтә 700-ҩык инареиҳаны аԥсуа тәылауаҩра роухьеит.

АААК аделегациа Иорданиатәи Ҳашимиҭтәи Акралра раҭаара мҩаԥысуеит нанҳәамза 27 рҟынӡа. Иара арбоуп Аконгресс анапхгара 2019 шықәсазы имҩаԥнагараны иҟоу аҳәаанырцәтәи аҭаарақәа рыплан-еихшанҵа аҟны, 2018 шықәсазы Иреиҳаӡоу ахеилак алахәцәа ишьақәдырӷәӷәаз. Ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа АААК аҭаарц иҟоуп иара убас Шьамтәыла, Германиа, Голландиа, Ҭырқәтәыла.